АҞӘА, мшаԥымза 29— Sputnik. Аԥсны Апарламент аиҳабы Валери Бганба ауаажәларра рхаҭарнакцәа дырԥыло аԥшьашаҽны иазгәеиҭеит атәыла Ахада заанаҵы иалхразы ареферендум азы Азакәан иалкаау ҭагылазаашьак иадҳәалан ирыдкылан, убри инамаданы ишахәҭоу еиԥш аус адуланы иҟам ҳәа.
Бганба иазгәеиҭеит азакәан аҟны ишазыԥхьагәаҭам агитациеи анаԥшцәа рыҟазаареи. Бганба игәаанагарала ареферендум азы Азакәан иалкаау ҭагылазаашьак иадҳәалан ирыдкылан.
"Азакәан аӡоуп ҳәа уҳәар алшоит. Иара аҟны иазыԥхьагәаҭам агитациеи анаԥшцәа рыҟазаареи. Иара убасгьы акыр аҵакы змоу аҭагылазаашьақәа", — иҳәеит иара.
Иара убасгьы иҳәеит иахьатәи аамҭазы азакәан аԥсахрақәа ралагалара ауртәеиԥш ишимбо.
2016 шықәса хәажәкырамза алагамҭаз 46-ҩык злахәыз аԥшьгаратә гәыԥ Аԥсны Алхратә комиссиахь инаргеит арзаҳал атәыла Ахада изаамҭанытәим иалхрақәа рзы ареферендум амҩаԥгаразы. Уи, дара атәылаҟны аполитика-уаажәларратә ҭагылазаашьа аицәахара иадырҳәалоит.