Sputnik, Сырма Ашәԥҳа
Ҭырқәтәыла иҟоу Ианық ақыҭа — убых қыҭоуп. Ирацәаҩуп ари ақыҭаҿы аубыхқәа рыҩнаҭа иҩнагылоу аԥсуа ҭацацәа. Ҳара хаҭала Ианық ақыҭаҿы иҳақәшәеит "Кавказынтә ҳааит, хылҵшьҭрала ҳаԥсацәоуп" зҳәоз аԥсуаа. Ииашаны, рыԥсадгьыл аӡбахә маҷны ирдыруеит. Џьашьахәыс иркит Аԥсны иадҳәалаз, ирзеиҭаҳҳәоз ажәабжьқәа. Гәаартыла акырӡа ҳаицәажәеит. Ҳаиԥырҵра рҭахымызт.
Ианық ҳара ҳахьымҩахыҵыз аҭаацәа Қьеҭсе рыжәлоуп. Аҩнаҭа аԥшәма Аҳмеҭ Қьеҭсе, иан даԥсыуоуп, иаргьы аԥсшәа еиликаартә аҟынӡа идыруеит. Аҳмеҭ даара анапҟазара илоуп, амҿлых аус адиулоит. Уи иаԥцамҭақәа зегьы, ишырҳәо еиԥш аԥсы рхоуп.
Ҳара уа ҳзықәшәаз, зықәрахь инеихьаз аԥсуа ҳәсақәа, аԥсышәала аҷҷаҳәа иҳацәажәон. Ргәы иаланы ирҳәон Аԥсны иҟоу рашьцәеи дареи лассы-лассы еибабартә еиԥш аҭагылазаашьа шрымам. Урҭ иреиуоуп: Шьуқрие Лазариаԥҳа, Нермин Ашәԥҳа, Нуран Ҳалуашьԥҳа. Акрааҵуеит уажәшьҭа, аԥсуа қыҭақәа рҿы ииз-иааӡаз арҭ аҳәсақәа, аубых қыҭаҿы инхоижьҭеи, аҭаацәара иалоижьҭеи.
"60 шықәса ҵуеит Ианық ҭацас сааргеижьҭеи. Сара аҩнра ҳәа саанӡа Узунџьуорман ақыҭаҿы сынхон. Уи аԥсыуа қыҭоуп. Ҳендеқь ақыҭа иазааигәоуп. Ҳара иҳаиуам уа уаҩ дҳалаӡам. Ҳхы ныҟәаҳгоит излаҳалшо ала. Арахә-ашәахә ҳзануп, ахшхарҵәы ҳагӡам. Ҳазланагалаз рлеишәа ныҟәаҳгоит, ҳара ҳтәгьы каҳажьуам", — лҳәеит зықәрахь инеихьаз абырг Шьуқрие Лазариаԥҳа.
"Атәым дгьыл ҳақәынхагәышьоит, иҳаурызеи? Сара саҳәшьеиҳаб Лазариаа дрымоуп Храҷ қьеҩ ахьырҳәо. Исгәалашәоит шықәсык зны Аԥснынтә Лазариақәак сасцәаны ирҭан. Ашьтәа шьны пату рықәырҵеит. Даараӡа ҳреигәырӷьеит. Ҳара аԥсуа леишәа бзиа иаабоит, ишҳалшо ала иныҟәаҳгоит. Санхәеи сабхәеи сырхаануп. Сабхәа дубыхын, ауаа рҿы унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз иакәын. Аубыхқәеи, аԥсуааи ҳхымҩаԥгара акыр еиԥшуп. Аԥсныҟа ҳнеир ҳтахуп, знык иадымхаргьы иаҳбандаз, уи ҳаԥхыӡ иалоу ауп", — дҳацәажәон аҩнаҭа аԥшәма ԥҳәыс Нермин Ашәԥҳа.
"Сара саб Бедыл ақыҭаҿы дынхон. Аҩнра ҳәа сцаанӡа сҭаацәа рҿы исаҳауаз аԥсуа бызшәа акәын. Еҳ, шаҟа сгәы ԥшаауазеи, исҳәо сҿамшәо сыҟоуп абыржәы. Ианық ақыҭаҿы иҟоу аԥсуа ҳәсақәа ҩажәаҩык рҟынӡа ҳаҟоуп. Ҳаибабоит, ҳхы ааидаҳкылагәышьоит. Ара шәыр ҭыԥуп. Ашәыр рацәаны иҿалоит, иара убас ара аҵлақәа ирызҳауеит, акакан рацәаны иҳаҟәшәоит. Ҳазланагалаз аубыхқәеи ҳареи ҳҳәоу еиқәшәаны ҳаицынхоит. Саб иан д-Агрԥҳан, сан Ебжьноуԥҳан. Ҭырқәтәыла иҟоу Калдахәара (Кадыр иқыҭа) ҳәа изышьҭоу аҭыԥ аҿы сынхон. Аԥсны цәгьа иԥшӡоуп рҳәоит, знык ибаны ҳаԥсындаз, џьанаҭ ҳамцоз. Аԥсуа фатәхкқәа зегьы ҟаҳҵоит. Абысҭа иҳахшаз ахәыҷқәагьы бзиа ирбоит, ирыгҳажьӡом, лассы-лассы иаҳуеит. Аԥсуа чысқәа ҟаҳамҵар ҟалоума?", — гәҭыӷьӷьаала аԥсышәала лыгәҭыхақәа ҳзеиҭалҳәон Нуран Ҳалуашьԥҳа.
Ианық ақыҭа инхоит 300 ҭӡы инарзынаԥшуа аубыхқәа. Рбызшәа ажәак-ҩажәак иадамхаргьы, издыруа ҳәа уаҩ днымхаӡеит. Абас, адунеи иналӡааит аубых жәлар рхатәы бызшәа.
"Ҳабызшәа ашьҭыбжь гәхьааҳгоит, ҳаиҳабацәа ирдыруаз ахәыҷы шԥаҳамҵеи?", — ҳәа цәгьа ихьааган иҳацәажәон уи ақыҭаҿы иҳақәшәаз аубыхқәа.
Ианық иҳақәшәаз аԥсуа ҳәсақәа, ажәытәтәи аԥсуа ҵасқәа гәыблыла иргәаладыршәон.
"Алаԥш ҭәҳәа аныҳәара ҟаҳҵоит. Хәыҷык данилак аԥхьара мҩаԥаҳгоит бжьымшы. Адәахьы џьара лаԥшык иқәшәар ҳиҭәҳәоит, уи изыхәарҭахоит. Ҳабхәа иаԥхьа ҳцәырҵӡомызт. Аиҳабацәа раԥхьа ҳхәыҷқәа ҳазкӡомызт. Уажәы аҿар урҭқәа рацәак игәарҭаӡом. Ҳақәра акыр ишнеихьоугьы, ҳаԥшәмацәа рыхьӡ ҳҳәаӡом, аишәа ҳаицахатәаӡомызт анкьа. Ҳгәылара цәгьак-бзиак ыҟазар, асасцәа анаауаз, ҩнаҭацыԥхьаӡа иҳадаҳкылон, ишрықәнагаз пату рықәаҳҵон, рышьҭалара, рыкрыфара, рыкрыжәра ҳхахьы иаҳгон. Рымаҭәақәа ҳуанҭон, реимаақәа, рқалԥадқәа ҳаӡәӡәон, иаҳрыцқьон. Ҳгәыла исас, ҳаргьы дҳасасын, дҳахьымӡӷын. Урҭқәа иӡқәаз ыҟоуп. Аидгылара ҳамагәышьан, ҳаибабон. Иҳаҩсхьоу аамҭа гәхьааҳгагәышьоит. Ажәытәра цәгьа ибзиан", — абас ргәи рылаӷырӡи еилаҵәо иҳацәажәон аԥсуа ҳәсақәа.
"Аиҳабацәа рнапқәа хрыгәӡуеит, аиҵбацәа рылақәа гәыдаҳкылоит. Ҳауаажәлар, ҳашьцәа, ҳажәлантәқәа ҳасалам рацәаны ирзыжәга. Ҳгәы ишҭо ҳазрашәҳәа. Иаҳҳақзар, ҳаԥсаанӡа ҳнеир ҳҭахуп Аԥсныҟа. Ах, Аԥсны, Аԥсны!..", — абас ҵыхәаԥҵәара рымамызт аԥсуа ҳәсақәа рыгәҭыхақәа, рхьаақәа, рысаламқәа.