ДӘРЫԤШЬ, лаҵарамза 10 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны Аиааира амшныҳәа иазкны Дәрыԥшь ақыҭан имҩаԥысуан аҽырхәмаррақәа. Абри атәы ааицҳаит ҳкорреспондент аҭыԥаҟынтәи.
Ҩымш рыҩныҵҟа аҽыҩҷкәынцәа еиндаҭлон. Иара убасгьы дара рҟыбаҩ ахәаԥшыҩцәа иддырбон амилаҭтә ҽырхәмаррақәа: аҵәыршәра, аҽышьапылампыл, аҽҟазара рҟынгьы.
Аныҳәа аҽны арахь дааит атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба.
Аиндаҭлараҟны иқәыргылан Асовет Еидгыла Афырхаҵа Владимир Ҳаразиа ихраҿа (ҩ-нызқь метра аҩразы).
"Угәы иахәаратәы иҟоуп Аиааира Амша абас мҽхакыҭбаала иахьазгәарҭо. Агәалашәара хьчатәуп. Аиааира ирацәаҩуп зыԥсы ахҭнызҵаз", — иҳәоит Леонид Черқьезиа.
Араҟа Аԥсны атәылауаа реиԥш ирацәан атәыла асасцәагьы.
"Схаҵеи сареи ара ҳаԥсы ҳшьоит. Иаабо зегь агәахәара ҳнаҭоит, иаҳгәаԥхоит", — лҳәоит Ирина Короткова.
Аиндаҭлара иалахәын Гәдоуҭа араион ақыҭақәа быжьба: Аацы, Аҷандара, Дәрыԥшь, Џьырхәа, Жәандәрыԥшь, Ҟәланырхәа, Лыхны ркомандақәа.