Аҭоурыхҭҵааҩ Гьаргь Амҷба игәалашәаратә хәылԥазы ААУ имҩаԥысит

© Sputnik, Бадрак Авидзба Аҭоурыхҭҵааҩ Гьаргь Амҷба игәалашәаратә хәылԥазы ААУ имҩаԥысит
Аҭоурыхҭҵааҩ Гьаргь Амҷба игәалашәаратә хәылԥазы ААУ имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аныҳәатә хәылԥазы ашьҭахь, аҭоурыхҭҵааҩ Гьаргь Амҷба 80 шықәса ихыҵра инамаданы, алахәылаҵәа аҵарауаҩ дахьынхоз аҩнахьы идәықәлеит, уа иаадыртит амемориалтә ӷәы.

АҞӘА, лаҵарамза 10 — Sputnik, Бадраҟ Аҩыӡба. Аҭоурыхҭҵааҩ Гьаргь Амҷба 80 шықәса ихыҵра инамаданы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы имҽаԥысит агәалашәаратә хәылԥазы.

"Гьаргь Амҷба – шәкы инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа дравторуп. Иара аҭҵаарадырра иҽазикит, Аҟәатәи апедагогикатә институт деканс дыҟан, ААУ аҭоурых акафедра деиҳабын. Иара иусумҭақәа рхы иархәаны астудентцәеи аспирантцәеи рдипломтәи ркандидаттәи усумҭақәа рыхьчоит. Гьаргь Амҷба иреиӷьӡоу зус иазҟазоу дырхыԥхьаӡалан", — иҳәеит ААУ аректор Алеко Гәарамиа.

© Sputnik, Бадрак АвидзбаОткрытие мемориальной доски на фасаде дома где жил Георгий Амичба
Открытие мемориальной доски на фасаде дома где жил Георгий Амичба  - Sputnik Аҧсны
Открытие мемориальной доски на фасаде дома где жил Георгий Амичба

ААУ аректор иара убас иазгәеиҭеит Гьаргь Амҷба иҭҵаарадырратә ҭынха даара ишыҵаулоу, аетнологиеи археологиеи рҿы илагала рацәоуп, аҭоурыхтә усумҭақәа егьырҭ абызшәақәа рахьынтә еиҭеигон.

Иқәгылоз аҵарауаа иазгәарҭеит Гьаргь Амҷба аԥсуа ҭоурых аҭҵаараҿы илагала шырацәоу.

"Сара даара ибзианы дыздыруан ҵарауаҩк иаҳасабалагьы уаҩык иаҳасабалагьы. Иара аҭоурых дазҟазан. Гьаргь Амҷба иеиԥш иҟоу аҵарауаҩ дахьаҳцәыӡыз, ҳҭоурыхтә ҭҵаарадырра ацәыӡ ду аиуеит. Узыргәырӷьаша ҳә иҟоу, иахьа аҭоурыхҭҵааҩцәа ҿарацәа акандидаттәи адоктортәи адиссертациақәа ахьырыхьчо ауп", — иҳәеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Олег Бӷажәба.

Амҷба аԥсуа бызшәахьы еиҭеигеит америкатәи аетнолог Сула Бенет иусумҭақәа, румыниатәи ашәҟәыҩҩы Виктор Кернбах Аԥсны иазку иҩымҭақәа, Иакоб Цурҭавели иҭоурыхтә ҩымҭа "Ацқьа Шушаник лгәаҟрақәа" анеиҭеигоз Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа дицхрааит.

Воронов изкыу аԥхьарақәа иахьа имҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҭоурыхтә факультет аҿы - Sputnik Аҧсны
Аҭоурыхҭҵааҩ: Воронов аибашьраан иҟаиҵаз аӡәгьы илымшацт

"Ҳәарада, Гьаргь Амҷба иҭынха даара аинтерес амоуп. Иара иҭоурыхтә усумҭақәа Аԥсны абжьаратә шәышықәсқәа ирызкыу Аԥсны аҭоурых аҭҵаараҿы даара ихәарҭоуп. Ишәҟәқәа аҵарауаа рхы иадырхәоит", — лҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Наала Касланӡиаԥҳа.

Гьаргь Амҷба 80 шықәса ихыҵра иазкыз ахәылԥаз анхыркәшаха ашьҭахь, алахәылацәа рхы дырхеит аҵарауаҩ дахьынхоз аҩнахьы, уа иаартын амемориалтә ӷәы. Аҵарауаа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, даҽа зныкгьы дыргәаладыршәеит рколлега.

Гьаргь Амҷба – дкавказҭҵааҩын, детнологн, ААУ аҿы дыпрофессорн, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа Д.Гәлиа ихьӡ зху аԥсуа ҭҵааратә институтаҿы аҭҵаарадырратә усзуҩ наган.

© Sputnik, Бадрак АвидзбаВечер памяти историка Георгия Амичба состоялся в АГУ
Вечер памяти историка Георгия Амичба состоялся в АГУ - Sputnik Аҧсны
Вечер памяти историка Георгия Амичба состоялся в АГУ

Гьаргь Амҷба диит лаҵарамза 10 1936 шықәса рзы, Очамчыра араион Ӷәада ақыҭан. Далгеит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет, анаҩс АН ГССР аҭоурых Аинститут аҿы аспирантура. Иара ҷыдалатәи иусура хациркит Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи аинститут абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0