Шьынқәба: саб иҳәон, аҭоурых зхашҭыз дзыниауа рацәахоит ҳәа

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәБаграт Шьынқәба иԥа, Бенур Шьынқәба.
Баграт Шьынқәба иԥа, Бенур Шьынқәба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ирацәаҩуп "Ацынҵәарахи" "Ахаҳә еиҩсеи" ароманқәа ирыԥхьахьоу, изаҳахьоу Баграт Шьынқәба ицәаҳәақәа "Аԥсадгьыл зцәыӡыз зегьы ицәыӡит". Арҭ ароманқәа рыҩра Баграт Шьынқәба инапы шалаикызи, дахьииз-дахьааӡаз агәараҭа аҭоурыхи, ашәҟәыҩҩы иабжьагажәақәеи апоет имшиира аҽны Sputnik иазеиҭеиҳәеит Баграт Шьынқәба иԥа Бенур Шьынқәба.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Амҳаџьырра иԥнашәаз Шьынқәыраа…

Ҷлоу ақыҭа Лаганиахә аҳабла инхо Шьынқәыраа рабшьҭра амҳаџьырра акырӡа икыднаҟьеит, иԥнашәеит. Ҩ-нызқьҩык инахыҳәҳәо Шьынқәыраа Ҭырқәтәылаҟа иагеит, Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба иабду иԥшәмаԥҳәыси иареи амҳаџьырра иацәынхеит. Кьалашәыр амшын аҿықәан аӷбақәа ааины Ҭырқәтәылаҟа иргон ауаа, уи аҭыԥ аҟнытә Баграт Шьынқәба иабду иҽиӡеит.

Амҳаџьырра аԥхьа Баграт Шьынқәба иабду иаб аҭаацәара далалеит, Какалиаԥҳан иигаз. Лаганиахә инхоз Шьынқәыраа зегьы ахьцоз, иабду иԥшәмаԥхәыси иареи хцаӡом ҳәа рыӡбеит, ибналеит. Иԥҳәыси иареи Аҭараҟа иааихьан еиԥш, амшын агәаны ирбеит аӷба шцаз. Дара уаҳа рҭахыра аӡәы дрымбеит, зегьы Ҭырқәтәылаҟа иагеит.

Апоет ибаҟахьы инеиит Баграт Шьынқәба дыргәаладыршәарц атәыла Ахада, Ахада ихаҭыԥуаҩ, аиҳабыра алахәылацәа. - Sputnik Аҧсны
Баграт Шьынқәба дыргәаладыршәоит

"Сабду иаб иԥҳәыси иареи Кәыдры аӡиас иахыҵны иааит рыҩныҟа, ааԥынран, аӡәызаҵәык дыҟамызт, аҳәаса ада ирфоз ҳәа акгьы рымамызт. Ус, ҽнак дыштәаз алҩа ибеит, алҩа ахьибаз инықәырԥшны дцеит, уаҟа Кәарҷиаа нхон, дара амҳаџьырра рԥырхагамхеит. Иҟаз аниҳәа, афатә-ажәтә иҭаны даарышьҭит. Абгақәа иԥырхаган, афатә ыҟамызт, убри иахҟьаны еиҭа дрызцеит, сымацара сзынхом ҳәа реиҳәеит, убри аҟынтә Кәарҷиаа рыҷкәын дицҵаны арахь даарышьҭит. Уажәгьы ара ҳахьеиланхо Шьынқәыраа роуп инхо, Кәарҷиаа ҭаацәарак ҳаланхоит, сабду иаб иааигаз рхылҵшьҭрақәа роуп дара", — ҳәа рҭаацәаратә ҭоурых  игәалаиршәо иҳәеит Баграт Шьынқәба иԥа Бенур Шьынқәба.

Бенур Шьынқәба иажәақәа рыла, Ҭырқәтәылантә Шьынқәыраа игьежьыз ҳәа аӡәгьы дыҟам. Иахьа Ҷлоу ақыҭа Лаганиахә аҳабла инхо Шьынқәыраа зегьы иабду иаб ихылҵшьҭра ауп.

"Ҭырқәтәылантә Шьынқәыраа игьежьыз ҳәа аӡәгьы дыҟам. Сыҷкәынцәа Ҭырқәтәыла  ианыҟаз акырџьара ирышьҭан Шьынқәыраа, аха аӡәгьы дрымбеит, аӡәызаҵәык Адаԥазар ақыҭаҟны дырԥшааит, уи ара акырынтә даахьан, раԥхьа данааи дышҵәыуоз атәы аҳәара уадаҩуп, даҳзаанкыломызт. Шьынқәыраа раԥхьа Болгариа иагеит рҳәеит, аха џьаргьы рышьҭра ҳәа акгьы ыҟам", — ациҵеит уи.

Баграт Шьынқәба иабду иаб анхара ду ҟаиҵеит, иԥшәмаԥҳәыси иареи ирхылҵит ахшаара. Хәыҷ-хәыҷла рыжәла, рхылҵшьҭра иазҳауан.

140 шықәса зхыҵуа аҩны адоуҳа …

Уасил Шьынқәбеи Џьарымхан Адлеиԥҳаи ирхылҵит хә-ҩык аԥҳацәеи, рԥазаҵә Баграти. Баграт Шьынқәба ианиаамҭаха аҭаацәара далалоит, иԥсҭазаара ицеиҩылшоит Ҭамара Маршьанԥҳа, дара ирхылҵит рԥа Бенури, рыԥҳа Бианеи.

"Баграт Шьынқәба дахьиз аҩны иахыҵуеит 140 шықәса, ари агәараҭаҟны ирааӡеит 15 абиԥара Шьынқәыраа. Ари ашҭа есымша иагмызт асасцәа, араҟа еснагь иҭыҩуан ажәеинраалақәа реиԥш, аҭоурыхгьы. Сан лҭаацәеи ҳареи амҳаџьырра атема акырӡа иаҳзааигәан, ларгьы лашьцәа аӡәырҩы уи иалаӡит", — иҳәеит Бенур Шьынқәба.

© Sputnik / Томас ТхайцукДом-музей Баграта Шинкуба.
Дом-музей Баграта Шинкуба. - Sputnik Аҧсны
Дом-музей Баграта Шинкуба.

Баграт Шьынқәба аԥсшьарамшқәа рзы Ҷлоуҟа данаалак, агәылацәа зегьы еизон, алаф еибырҳәон, иажәеинраалақәа дрыԥхьон, дара аҭоурыхтә хҭысқәа еибырҳәон.

"Саб асасцәа бзиа ибон, ҳгәараҭаҟны еснагь ирацәан дара. Анапы аӡәӡәарра, астол ахатәара, агылашьа, аишәа амҩаԥгара зегьы дрыцклаԥшуан, ԥсуаҵас зегьы мҩаԥигон, арҭ аҟазшьақәа зегьы иҩызцәагьы идирҵан, ианааилак ԥсуаҵас итәон игылон. Ари аҩны изныкымкәа иаҭаахьан Александр Твардовски, Константин Симонов, Расул Гамзатов уҳәа убас иҩызцәа рацәаны. Аишәа ианахатәаз ирҳәон ажәабжьқәа, еиҭарҳәон аҭоурыхтә хҭысқәа, ирыԥхьон ражәеинраалақәа, ишәаҳәон, икәашон", — ҳәа игәалаиршәоит Бенур Шьынқәба.

С Михаилом Шолоховым, его супругой и Валерьяном Кобахиа
С Михаилом Шолоховым, его супругой и Валерьяном Кобахиа - Sputnik Аҧсны
С Михаилом Шолоховым, его супругой и Валерьяном Кобахиа

Бенур Шьынқәба иажәақәа рыла, Баграт Шьынқәба 60 шықәса анихыҵуаз аҽны Урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы абри агәараҭа иаҭааны иҟан. Ииубилеи аҽны апоет ддыркәашеит, акәашаразы дҟазан цәгьала. Асасцәа руаӡәк Евтушенко агәара данықәгыла, аеҵәақәа убри аҟара илаҟәын, ус иҳәеит "не мудрено быть поэтом, при такой красоте", ҳәа.

Баграт аҭаацәараҟны, арҿиараҿы

Баграт Шьынқәба аҩнаҭаҟны дҭынчӡа дыҟан, ԥсуаҵас ахымҩаԥгара зегьы ирыцкын иара изы, иҳәоит иԥа Бенур.

"Саб абас еиԥш иҟазшьа ыҟан, уажәы ари сыҷкәын иоуп ҳәа ишгәыдыркыло, ршьамхы ишықәдыртәо еиԥш иара иҟазшьамызт, ахаан игәыбылра сирбомызт. Сара еснагь ганха сгылан, есымша иааигәара сыҟан ииҳәоз иабжьагажәа сазыӡырҩуан. Сабду еиҳа сгәдикылон, саб иаасҭа. Псуаҵас ахымҩаԥгара зегьы ирыцкын иара изы", — ҳәа иҳәоит иара.

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәДом-музей Баграта Шинкуба.
Дом-музей Баграта Шинкуба. - Sputnik Аҧсны
Дом-музей Баграта Шинкуба.

Баграт Шьынқәба арҿиара данаҿыз аҭаацәа ҭынчӡа иҟан, ҿыц ажәеинраалак аныиҩлак иҭаацәа дырзаԥхьон.

"Саб даныҩуаз ашьшьыҳәа ҳаҟан, хаиԥырхагахаӡомызт, ахәыҷқәа рзыҳәан ажәеинраалак аныиҩилак, днагыланы даҳзаԥхьон, егьыс акы аныиҩлак еиҳарак изирбоз сан лакәын. Дара еибырҳәашаз рацәаӡан, аҭоурых еизааигәанатәуан", — ҳәа ацыиҵеит уи.

Ацынҵәарах…

Баграт Шьынқәба ииҩлак, инапы злакызаалак иара ииныруан, ихы-игәы иҭан есқьынагьы. Ароман "Ацынҵәарах" аниҩуаз, аубыхқәа ахьынхоз дныҟәон, иҭыиҵаауан.

"Ароман "Ацынҵәарах" аниҩуаз, иара Шәача дцаны аублаа ахьынхоз, хы-шықәса ԥшьы-шықәса дныҟәон, иҭиҵаауан, нас ауп аҩра инапы анаиркы. Аублаа ахьынхоз аҭыԥқәа рҭаара еиҳа аҩразы дарманшәалон, уаҟатәи атмосфера анырра инаҭон", — ҳәа еиҭеиҳәоит игәалашәарақәа ашәҟәыҩҩы иԥа.

Сара изныкымкәа сиазҵаахьан, иҳәоит Бенур Шьынқәаба, абри ароман аҩра угәазырԥхеи, уадызгалеи ҳәа.

"Раԥхьа иргыланы ари ҳҭоурых ауп", иҳәеит иара, абиԥарақәа ирдыруазар ауп ажәлар ирхыргаз, изыниаз. Саб иҳәон, "аҭоурых шәхашәмыршҭын, аҭоурых зхашҭыз, дзыниауа рацәахоит" ҳәа, абас есқьынгьы иҳәон. Аҭоурыхтә роман "Ацынҵәарах" еиҭагоуп 40 адунеи ажәларқәа рбызшәақәа рахь", — иҳәеит Бенур Шьынқәба.

© Sputnik / Томас Тхайцук Дом-музей Баграта Шинкуба.
Дом-музей Баграта Шинкуба. - Sputnik Аҧсны
Дом-музей Баграта Шинкуба.

Ароман "Ахаҳә еиҩса" аниҩуаз, еиҳарак аҩны Ҷлоу дыҟан. Ҷлоутәи аҳауеи аԥсабареи иацызго акгьы ыҟам ҳәа ииԥхьаӡон ашәҟәыҩҩы.

Баграт  Шьынқәба  ибаҟа  Венгриа

Баграт Шьынқәба инапы иҵыҵит аиҭагақәа рацәаны. Зажәеинраалақәа еиҭеигоз дыруаӡәкын Венгриатәи ашәҟәыҩҩы Шандор Петефи. Баграт Шьынқәба изныкымкәа Венгриа дыҟан, алитературатә цҳа рыбжьан. Убри инамаданы, 2010 шықәсазы Венгриа аҳҭнықалақь Будапешт аҟны, Баграт Шьынқәба ихьӡала иаартын абаҟа.

"Авенгерцәа ирҭахын цәгьала Баграт Шьынқәба ибаҟа рымазарц. Избанзар ишәҟәқәа ианрыԥхьа ашьҭахь, аҭоурых рзааигәаны ирбеит. Шандор Петефи иажәеинраалақәа аԥсшәахь саб еиҭеигон, даргьы Баграт Шьынқәба ишәҟәқәеи, иажәеинраалақәеи ҭрыжьуан. Венгриа изныкамкәа дцахьан, иибахьан, иаҳахьан, уаҟатәи ашәҟәыҩҩцәеи иареи аимадара рыбжьан", — ҳәа иҳәеит ари афакт дазгәдууны Бенур Шьынқәба.  

Абаҟа аартра иалахәын усҟантәи Аԥсны акультура аминистр Ныгәзар Логәуа, абаҟа автор, аскульптор Цира Ахба, Баграт Шьынқәба имоҭа Баграт Шьынқәба.

Баграт Шьынқәба иуасиаҭ

Баграт Шьынқәба аҵыхәтәынтәи ашықәсқәа рзы еиҳарак Ҷлоу дыҟан, иара изы уи еиҳаз насыԥ ыҟамызт. Аха Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа, иҟаз аҭагылазаашьа зегьы игәы иҵхон, иҳәоит Бенур Шьынқәба.

"Сара Москва акәын еиҳа сахьыҟаз, аха санаалак иаргьы саргьы ҳнеидтәыланы ҳаицәажәон. Аҵыхәтәан санааз, Баграт Шьынқәба игәалаҟазаара бзиамызт, иҟои сҳәеит, иуыхьи ҳәа сиазҵааит. Иҟоу удыруоу иҳәеит, абри изҩыз ажәеинраалақәеи ароманқәеи хәыҷы-хәыҷла избоит аԥхьара ишаҟәыҵыз. Абри изҩыз зегьы сара сзыҳәан акәӡам изыҟасҵаз, сыжәлари сыԥсадгьыли рзыҳәан ауп,  урҭ уаҩы ииҭахымхар, саргьы исҭахӡам, наҟ икашәыжь амца ацрашәҵа иҳәеит", — ҳәа ациҵеит уи.

Абас иҳәеит, абри хәыҷык сгәы иаланаҵеит, иҳәеит Бенур Шьынқәба.

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәДом-музей Баграта Шинкуба.
Дом-музей Баграта Шинкуба. - Sputnik Аҧсны
Дом-музей Баграта Шинкуба.

"Даҽазныкгьы, аибашьра ашьҭахь санаа аҩныҟа, саб игәалаҟазаара еиҭах иҽеимызт, аӷа дықәаҳцеит, ақырҭуа ҳаииааит угәалаҟазаара зҽеими сҳәан, ус иҳәеит иҵегь аӷа даауеит иҳәеит, "аԥара" ҳаӷахоит иҳәеит.  Аиашала иҟоу шәымбои иахьа, абри иара ԥхьаҟа иибахьазаарын, анырра иоухьазаарын, игәы иҵхон", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Баграт Шьынқәба игәы ззыҳәоз ируакуп иара дахьиз-дахьааӡаз аҩны музеины аҟалара, иҭаацәара зегьы ршьа еиламгакәа, рабшьҭра мырӡуа, рҭоурых рхамышҭуа иҟаларц.

"Саб дсыҳәеит, ари аҩны музеины иҟаҳҵарц, аҭоурыхи алитературеи ирызҿлымҳау аҭааларц. Ҳхылҵшьҭрақәа иаҳзааргаз атрадициақәа аанаҳмыжьырц, ҳаргьы иахьа, ишҳалшуа ала ҳаб ихьӡ ҳаракыла иныҟәаагоит. Иуасиаҭ анагӡараз ишҳалшо зегьы ҟаҳҵоит", — иҳәеит ашәҟәыҩҩы иԥа Бенур Шьынқәба.

Жәлар рыбзиабара иаԥсахаз

Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба диит 1917 шықәсазы, маи 12 аҽны Ҷлоу ақыҭан. Алитературахь ишьаҿа еихигеит 1935 шықәсазы. Ироманқәа "Ацынҵәарах", "Ахаҳә еиҩса", ипоема "Ахра шкәакәа", иааидкылан иаԥҵамҭақәа зегьы аԥсуа литература "ахьтәы фонд" иахыԥхьаӡалоуп. Ирҿиамҭақәа рыла ашәақәеи акинофильмқәеи аԥҵоуп.

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәДом-музей Баграта Шинкуба.
Дом-музей Баграта Шинкуба. - Sputnik Аҧсны
Дом-музей Баграта Шинкуба.

Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы, апоет, апублицист, "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу Баграт Шьынқәба  иҳәахьан "жәлар рыбзиабара ҟьалан иааӡом, иалнахыз далнахт иаԥсам дабаӡом" ҳәа. Жәаҳәарада, иара уаҩык, рҿиаҩык иаҳасабала "жәлар рыбзиабара" даԥсахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0