Анаркоман иҭоурых

© Sputnik / Томас ТхайцукАилазаара "Анонимные наркоманы" рброшиура.
Аилазаара Анонимные наркоманы рброшиура. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәышықәса раԥхьа Аԥсны еиҿкаан аилазаара "Анонимные наркоманы". Ҳажәабжь афырхаҵа 17 шықәса инарзынаԥшуа анаркотик маҭәашьарқәа дрызгаган. Аилазаара "Анонимные наркоманы" иалнаршеит урҭ рхаршҭра.

Sputnik, Бадри Есиава.

Иара дҳаҳәеит ихьӡ ҳмырзарц. Иаҳҳәап, Андреи ихьӡуп. Хышықәса ҵуеит анаркотикқәа каижьишьҭеи. Ашкол данҭаз егьырҭ дызларылукаауаз ыҟамызт. Маҷк ихы агәра изгомызт.

"Сара сҩызцәа чча-хәмаруа итәаны ианызбалак, саргьы исҭаххон урҭ срылазар. Аха уахь срылазҵо ҳәа иалысхыз арыжәтә акәхеит", — иҳәеит иара.

Андреи раԥхьаӡа акәны арыжәтә агьама ибеит ажәбатәи акласс аҟны. Иижәыз даара иԥырхагахеит. Иагьеиликааит арыжәтәи иареи шзеиҩызцәамхоз.

Анаркотикатә маҭәашьар ахимиатә експртиза аҟаҵара. - Sputnik Аҧсны
ВИЧ-инфекциа змоуи анаркотикқәа здызкылои атәымтәылауаа Аԥсны изынхом

"11 класс рҟны стәан. Анаша (амарихуана) сыдыргалеит. Аԥхьаан – исгәаԥхеит. Аҩынтә раан исԥырхагахеит. Уигьы касыжьит, аха сгәы ҟазҵаша сашьҭан".

Андреи даныстудентыз ауп ианыҟаиҵаз раԥхьатәи анаркотик гәыр. Нас, аҽазнык, ҩынтә, хынтә.

"Анаркотик хьанҭа агьама аныск сгәы иаанагеит, абри ауп исҭахыз ҳәа. Сгәы иаанагон иаасҭаххар саҟәыҵуеит ҳәа. Аха уи еижьагаран", — иҳәоит Андреи.

Аҭаацәаратә насыԥ — аиниекциаз иҿыҵгоуп

Шықәсқәак рышьҭахь Андреи идикылоз ахышәа-ҵышәа еиҳаитәыр акәхеит, аха иԥсҭазаараҟны иԥылаз аҭыԥҳа ԥҳәысс дигарц аниӡба, иӡбеит дызҿугьы даҟәыҵырц.

"Абарҭ аамҭақәа рзы сара даара исныруан ҭацәырак. Ак сзымхозшәа збон. Аҿыҵга сашьҭан. Ачара ашьҭахь хымз ааҵуаны сыԥшәма исалҳәеит ахәыҷы дшизыԥшыз. Абар аҿыҵгагьы".

Андреи ипроблема атәы иҭаацәа еилыркааит амилициарҿ данааныркыла ашьҭахь.

"Ари аҵәахра залшаӡом. Аҭакра сацәцазаргьы анаркотикқәа сзырҟәамҵит", — иҳәоит Андреи.

Иара игәалашәоит абарҭқәа рышьҭахь аҩнтәи аҭагылазаашьа. Аԥхьаҵәҟьа ахара идны ихы ибон, нас, еснагь еиԥш.

"Сара бзиа избоз зегьы анаркотикқәа ирыҭнысыԥсахлеит. Ахәыҷқәа рааӡара аха сымамызт, сан сыла ишабоз деихәлаҳауан. Иҟасҵоз зегь иахьа сацәыԥхашьоит", — иҳәоит иара.

Агәыр хәыҷӡа – гыгшәыгуп

Андреи игәалаиршәоит еснагь игәахы еибакуа, зегьы дырҿаԥо дшыҟалаз. Иара убри аамҭаз "иҩызцәа" иахьаарҳәоз ианаарҳәоз днеиуан.

"Иҟалон сыԥҳәыс аҩны дандәылысцоз, ак анылгәыдысҵоз. Схәыҷқәа ирызҳауан – сара уи збаӡомызт. Схы иҭаз акы заҵәык акәын – адоза абасыԥшаари".

Анаркотикқәа ирыхҟьеит гепатит С ихьрагьы.

Алашьцараҿ шәахәа хәыҷык

Андреи дшыҟаз ибон аха ихы изаанкыломызт. Ас нхашьа шыҟамгьы еиликаауан. Џьаҳаным дҭан.

Граница. - Sputnik Аҧсны
Аҳазалхыҩцәа иааныркылеит Аԥснынтәи анаркотик згоз амашьына

Абри зегьы 17 шықәса ихҭысуан, ажәытәтәи иҩызак, анаркотик мап ацәкра зылшаз дибаанӡа. Уи иоуп изеиҭазҳәаз Урыстәыла ишыҟоу "Анонимные наркоманы" захьӡу аиҿкаара. Уи аҩыза аиҿкаара Гаграгьы ишыҟаз иеиҳәеит.

"Сара сҩыза дшынхоз збон. Саргьы ус исҭахын. Ҳаицәажәалон. Зны саргьы сигеит Гаграҟа, агәыԥ ахь снеигеит".

Акыршықәса анаркотик здызымкылоз ауаа аниба Андреи ихазы иҳәеит арҭ ирылшазар саргьы исылшоит ҳәа.

Анаркотикқәа – мап

Анаркотикқәа иаразнакы рҟәаҵра уадаҩуп. Андреи 12 хәышәтәырҭа дырҭалахьеит, Аԥснеиԥш аҳәаанырцәгьы, ишьа иԥсаххьеит… аха урҭ акгьы исмыхәеит иҳәеит иара.

Анаркотикқәа рҟәаҵра аниӡба, ишьа ирыцқьеит, гагратәи аилазаара даҭаауа далагеит.

"Аԥхьа, абыржәы-ушьҭан сырзыхынҳәуеит ҳәа сгәы иаанагон. Абарҭқәа раан сҩызцәа аҭел сырзасуан. Урҭ иаразнак иаауан, исацәажәон, раамҭа сыцырхыргон. Ирылшоз ҟарҵон исыцхраарц", — иҳәоит Андреи.

Маҷ-маҷ ибо далагеит ипроблемақәа еиҳа-еиҳа иеиҵахо ишалагаз. Лассы-лассы иан лыччаԥшьгьы ибо далагеит.

"Сара џьаҳаным сҭыҵит", — иҳәоит иара.

Ахатәы машьынақәа атехникатә гәаҭара рахыжьра аԥыххоит

Аамҭақәак рышьҭахь Гагреиԥш Гәдоуҭагьы иаадыртит аилазаара.

"Анонимные наркоманы" — икоммерциатәым еиҿкаароуп. Дара дара еицхыраауеит. Еиҿкааужьҭеи 60 шықәса рҟынӡа ҵуеит, 132 тәылеи Урыстәыла ақалақьқәа 150 рҿы. Иахьазы абри аҩыза аилазаара Аԥсныгьы иҟоуп.

Уахь днеир илшоит дарбанызаалак, дызмилаҭзаалак, динс ихеиҵозаалак. Сабшала уаҟа имҩаԥыргоит иаарту аиԥыларақәа.

Аԥсны анарколог хада Ирма Ануаԥҳа иазылыԥхьаӡоит асеиԥш иҟоу аилазаарақәа ацхыраара ҟарҵоит ҳәа.

Андреи иҭабуп ҳәа реиҳәоит аилазаара алахәылацәа зегьы, иахьидгылаз, иахьицхрааз, аԥсҭазаара иаша ахьирҭаз азы.

Ҳаиҿцәажәара хыркәшо Андреи иҳәоит анаркотик аҟынтәи аԥсҭазаарахь ахынҳәра акырӡа иуадаҩуп ҳәа, аҿар ирабжьигеит уи зынӡа иазхьамԥшырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0