137 шықәса зхыҵуаз Хьфаф Лашәриаԥҳа лҭоурых

© Sputnik / Эдишерашвили / Амедиаҵәахырҭахь аиасра137 шыкәса зхыҵуаз Хьфаф Лашәриаԥҳа.
137 шыкәса зхыҵуаз Хьфаф Лашәриаԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хьфаф Лашәриаԥҳа лыԥсҭазааратә фактқәаки, шәышықәса инареиҳаны нхашьас иҟоуи ртәы далацәажәоит Асида Кәыҵниаԥҳа.

Дмаҷуп Аԥсны Хьфаф Лашәриаԥҳа лыӡбахә змаҳац. Лара деицырдыруан ашықәс рацәа нызҵыз ҳәа. Адунеи ахи-аҵыхәеи аҟынтәи агеронтологцәеи ажурналистцәеи лҭаауан.

Хьфаф лыԥсҭазаараҿы агәаҟрақәа акыр дрыниеит. 20 шықәса анылхыҵуаз илыԥхеит лыԥшәмеи лԥа Сылтеии. Аамҭақәак лхаҵа иҭаацәа рыҟны дыҟан, нас лыҩныҟа дхынҳәит. Амҳаџьырра иаамҭан. Хьфафи лҭаацәеи рыԥсадгьыл иахыҵны атәымдгьыл ахь имцар амуит.

© Sputnik / Эдишерашвили / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖенщина-долгожитель Хьфаф Ласурия (137 лет) из села Кутол в окружении правнуков.
Женщина-долгожитель Хьфаф Ласурия (137 лет) из села Кутол в окружении правнуков. - Sputnik Аҧсны
Женщина-долгожитель Хьфаф Ласурия (137 лет) из села Кутол в окружении правнуков.

Урҭ аамҭақәа рылацәажәара Хьфаф бзиа илбомызт. Аамҭақәак анца аҭаацәа еиҭах Аԥсныҟа ахынҳәра рылшеит. Ҩынҩажәижәаба шықәса анылхыҵуаз Осман Лашәриа диццеит. Осман хышықәса зхыҵуаз ахәыҷы диман. Ҭаркәыкә ла лтәык иеиԥш длааӡон. Иара Ҭаркәыкә ихаҭагьы 97 шықәса ниҵит.

Лара деицырдыруан ашықәс рацәа нызҵыз ҳәа. Адунеи ахи-аҵыхәеи аҟынтәи агеронтологцәеи ажурналистцәеи лҭаауан. Зегь зызҵаауаз абасҟак ашықәс рацәа шнылҵыз акәын.

"Лара ишылҳәоз ала ахаангьы ҭынч дымтәацызт. Аусура бзиа илбон. Дышхәарҭаз лдыруан. Илҳәоз иазыӡырыҩуан. Лажәа ҭак ақәмызт. Ҳаҭыр-пату лықәырҵон. Ларгьы ҟәышра лыгмызт" ҳәа игәалаиршәоит лмоҭа-шьмоҭа.

Беслан Лашәриа жә-шықәса ихыҵуан Хьфаф лыԥсҭазаара даналҵуаз. Ибзиан игәалашәоит хәылԥазыла лмоҭацәа лыкәыршаны ажәабжьқәа анырзеиҭалҳәоз.

© Sputnik / Томас ТхайцукВнук Хьфаф Ласурия
Внук Хьфаф Ласурия - Sputnik Аҧсны
Внук Хьфаф Ласурия

Беслан исирбеит ажәытә газеҭ. Уа аҳәаанырцәтәи журналистк иҩуеит: "Хьфаф Лашәриаԥҳа лыҩнра зегьы цқьакәакәараӡа иҟоуп. Саннеи дласӡа даасԥылеит. Ишаԥу еиԥш хынтә лнапы схы инакәыршаны какал скырц аҩныҟа сналыԥхьеит", ҳәа иҩуеит ажурналист иибоз џьашьо.

Хьфаф 137 шықәса лхыҵны дыԥсит. Иахьагьы уи лфеномен амаӡақәа рзаҵымхыц аҵарауаа.

© Sputnik / Эдишерашвили / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖенщина-долгожитель Хьфаф Ласурия, прожившая 137 лет, гуляет со своим сыном.
Женщина-долгожитель Хьфаф Ласурия, прожившая 137 лет, гуляет со своим сыном. - Sputnik Аҧсны
Женщина-долгожитель Хьфаф Ласурия, прожившая 137 лет, гуляет со своим сыном.

Ажәабжьқәа зегьы
0