АҞӘА, лаҵарамза 24 – Sputnik. Лаҵарамза 20 рзы адинтә еиҿкаара "Иԥшьоу Аԥсны Амитрополиа" иҟанаҵаз аҳәамҭаҟны атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба иажәақәа еиҭакны иаарԥшуп, еилкаауп ҳәа адырра ҟанаҵеит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.
ИАА Ахеилак инагӡаны иамам атәыла Ахада ауахәаматә зҵаарақәа рганахьала инеигӡо ароли имоу аҭакԥхықәреи ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҟны.
Атәыла Ахада ауахәаматә зҵаара аӡбраан амчра ахы иархәатәуп ҳәа иҳәазшәа ИАА Ахеилак ахарадҵара аҭакс Рауль Ҳаџьымба ипресс-маҵзура адырра ҟанаҵоит иара ахаангьы амчра ахархәара ҟалашьа амам ҳәа ишазиԥхьаӡоз, иагьшиҳәоз.
Рауль Ҳаџьымба еснагь иазиԥхьаӡон, иагьазиԥхьаӡоит аԥсуа уахәама автокефалиа аиуроуп ҳәа, аха иара убри аан ари ахықәказы ухы иаурхәалакгьы амҩақәа ҟалом ҳәа далацәажәоит.