Ӡызлан илызку ажәабжь еиҭалҳәоит ҳџьынџьуаҩ Шьаҭԥҳа Леила

Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи ақыҭа Калиак аҿы инхо Шьаҭԥҳа Леила еиҭалҳәоит Ӡызлан илызку ажәабжь.

Аԥсуа жәлар идырҿиаз аҿаԥыцтә рҿиамҭақәа даара ирацәоуп: алафқәа, ажәаԥҟақәа, алегендақәа, ажәабжьқәа, еиуеиԥшым ашәақәа. Аԥсуа фольклортә рҿиамҭақәа ирылыҳәҳәоит сахьа дуӡӡак – уи Анцәа ихаҭагьы имаикуан рҳәоит. Гәеиҵахара ззымдырӡоз, ацәгьа-мыцәгьа збаны иаанымгылоз, ажәлар бзиа ирбоз, ауаҩра иасимволны ирԥхьаӡоз Абрыскьыл исахьа.

Аԥсуаа рдоуҳатә культуратә баҟақәа рахьтә зегьы иреиҳауп Нарҭаа репос. Ахра ҳарак ду еиԥш зегьы ирылыҳәҳәоит уи. Ари аеполс аԥызҵаз аԥсуа жәлар зегьы иреиӷьаршьоит иара.

Нарҭаа ражәабжьқәа – даараҵәҟьа акрызхыҵуа епосуп. Уимоу, ирҳәоит типологиала уи адунеи аҿы иҟоу аепосқәа зегьы иреиҳабызаргьы ҟалап ҳәа. Убри аҟнытә, уи шьаҭас ҵаҵӷәыс иамоуп амифологиа. Аха ус ишыҟоугьы азеиԥштә сахьаркыратә, насгьы фантастикатә формала уи иаанарԥшуеит ажәытәуаа рыбзазашьа иаша, иҳанаҳәоит иара зырҿиаз ажәларқәа рҭоурых атәы. Урҭ апоезиатә культураҿы ижәытәӡоу баҟоуп. Урҭ шаҳаҭра руеит ажәлар рфырхаҵара ажәытә аахыс иаауа. Еиуеиԥшым амчымхацәа ирҿагыланы ажәлар рфырхацәа илакушьаша рфырхаҵарақәа ртәы ҳарҳәоит. Иуадаҩуп Нарҭаа ражәабжьқәа рырҿиара зыхҟьаз абригь-абригь ҭоурыхтә ҭагылазаашьак ауп аҳәара. Аха, аҿаԥыцтә фольклор ажанрқәа иарбанызаалакь даҽакы аасҭа иаҳа иӷәӷәаны дара зырҿиаз ауаажәлар рҭоурыхтә ԥсҭазаара иузалымхуа иаларсуп.

Насгьы урҭ даҽакы еиԥшымкәа ирныԥшуеит дара аԥызҵаз ажәлар рмилаҭ хдыррагьы.

XIX ашәышықәсазы ҳажәлар анеиҟәшаха – ирацәаӡоуп урҭ атәым дгьылқәа рахь иргаз. Уи аԥсуа фольклор даара ианыԥшит. Аԥсуаа ҳаԥсҭазаараҿы усҟан иҟалаз ахҵәара дуӡӡа иԥхасҭанатәит ҳдоуҳатәи ҳкультуратәи материалқәа рацәаӡаны. Ажәакала ҳажәлар рыбжеиҳараҩык шықәнаӡәӡәааз еиԥш, ҳдоуҳатә культурагь ахаан иузеиԥымшьуа аҽеҩшара дуӡӡа ҳабжьанаҵеит. Аха Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа ҳара ҳҿынӡа иааргеит, еиқәдырхеит Аԥсны иуԥыло афольклор ажанрқәа ирҵаркуа арҿиамҭақәа зегьы ҳәа ирыԥхьаӡоит афольклорҭҵааҩцәа. Иаҳҳәап уа иуԥылоит – нарҭаа ирызку афырхаҵаратә епос, ақьабзтә фольклор ахьтә – ашәарыцара ашәақәа, егьырҭ ашәақәа, ачарашәақәа, аҭәҳәарақәа, аныҳәарақәа, алакәқәа, анашанатә, амифологиатә, амиф ҵабыргқәа, асамарҟәылқәа, аҽаԥыцтә жәабжьқәа, уҳәа ирацәаӡоуп уаҟа иуԥыло.

Уаҟа еиҳа ирылаҵәаны иҟоуп, иахьа уажәраанӡагь рыԥсы ҭоуп амиф-ҵабыргқәа. Зегь раасҭа еиҳаны иуԥылоит Ӡызлан илызку ажәабжьқәа. Уажәы араҟа ишәыдаагалоит Калиак ақыҭаҿы ианаҳҵаз Шьаҭԥҳа Леила иеиҭалҳәо Ӡызлан илызку ажәабжь.


Ажәабжьқәа зегьы
0