Египет инхо ҳџьынџьуаҩ: Аԥсны адгьыл аҿтәи џьанаҭ ауп

© Фото : из личного архива Дины ЯганДина Иаган
Дина Иаган - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Милаҭла иаԥсуоу,49 шықәса зхыҵуа Диана Иаган диит, дынхоит Египет. Сынтәа ҩынтәуп лара лџьынџьԥсадгьыл ахь даауеижьҭеи.

Египет аԥсуаа ирынхашьо-ирынҵышьо атәы даҳзалацәажәеит ҳкорреспондент Бадри Есиава аинтервиу иҭо Диана Иаган.

- Раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа шәанбааи?

— Сашьеиҳаб Осман шықәсык аԥхьа атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсныҟа днеиԥхьеит Египеттәи аԥсуаа рхаҭарнак иаҳасабала, Аԥсны атәылауаҩшәҟәы ииҭарцы. Саргьы сицны сааит. Абасала саргьы Аԥсны сатәылауаҩуп. Аҩныҟа ҳаныхынҳә ирзеиҭаҳҳәеит Аԥсны иаабаз аџьашьахәыра, аԥшӡара атәы.

Апрофессор ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа Иорданиатәи лныҟәарақәа ирызкыз алекциа - Sputnik Аҧсны
Бебиаԥҳа: аԥсуаа Иорданиа ҳаҭыр рықәуп

- Египет ирацәаҩума аԥсуаа? Рнапы злакузеи?

— 40 000-ҩык рҟынӡа аԥсуаа нхоит. Еиуеиԥшым аусқәа рнапы рылакуп. Иҟоуп аиҳабыра рҟны аус зуа, атәыла Ахада Иусбарҭаҟны аус зуа.

- Иарбан жәлақәоу уаҟа ирацәоу?

— Ҳара уаҟа жәла-жәлала ҳҽаҳшом. Абаза ҳәа ауп ҳшеибадыруа.

- Иабанӡардыруеи урҭ ҳкультуреи ҳқьабызқәеи?

— Ақьабызқәа ишахәҭоу еиԥш иеиқәмхеит, аха зегьы иаадыруеит ҳџьынџь Аԥсны шакәу. Ара џьанаҭуп.

- Иҟоума аԥсшәа здыруа?

— Мап, аха сгәыӷуеит уи аиԥш аҭагылазаашьа роуп ҳәа.

- Аԥсны шԥажәбо?

— Аҩны сыҟоушәа схы збоит. Риҵа сыҟан, Сталин идача збеит. Аԥсуаа Египетгьы агәаӷь злоу жәларноуп рыӡбахә шырҳәо.

- Шәыдгьыл гәакьа шәанықәгыла иарбан цәаныррақәоу ишәоуз?

— Уи амш бзианы исгәалашәоит. Аҳәаа санаахыҵ, Аԥсны сшалалаз анысныр, насыԥ сыманы схы збеит. Египет сшынхогьы ара сраҳаҭуп.

- Ус акәзар арахь аара шәазымхәыцӡои?

— Сазхәыцуеит. Даара исҭахуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0