Амилаҭтә банк ахантәаҩы абанк аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.
Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа апарламент аҿаԥхьа 2015 шықәсазтәи абанк аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит.

АҞӘА, лаҵарамза 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа апарламент аҿаԥхьа 2015 шықәсазтәи абанк аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит. 2016 шықәса ажьырныҳәа 1 азы ареспублика акредиттә еиҿкаарақәа ирыҭаз акредитқәа рхышәа-ҵышәа иартәеит 3 миллиардки 221 миллиони мааҭ. Абри атәы иҳәеит абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

"Иара убри аан 3 миллиардк рҟынтәи 2 миллиардки 164 миллиони аиурист хаҿқәеи ахаланаплакыҩцәеи ирыҭан, миллиардк ахатәхаҿқәа ирыҭан. Абанктә система агәрагара иалнаршеит ауааԥсыра алагалақәа ҟарҵартә еиԥш", — иҳәеит иара.

Бараҭелиа иажәақәа рыла 2015 шықәса рзы ареспублика абанкқәа ааба рҟынтәи фба ахашәала рыманы ашықәс адыркит.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит ашәаратә система "Аԥра" аҿиара шаиуз 2015 шықәса рзы.

Карта Апра - Sputnik Аҧсны
"Аԥра" Урыстәылагьы аус аурцаз аилацәажәарақәа цоит

"2015 шықәса анҵәамҭаз акартақәа рхы иадырхәон 27572-ҩык. 2016 шықәса ажьырныҳәа 1 азы ареспубликаҟны аус руан 69 банкомат. Урҭ реиҳарак ахьыҟоу Аҟәеи Гагреи рҟноуп", — иҳәеит Бараҭелиа.

Ашәаратә система "Аԥра" ала ауааԥсыра ирыҭоуп миллиардки 62 миллиони мааҭ.

Бараҭелиа дазааҭгылеит 2015 шықәса рзы Амилаҭтә банк акредитҭара апрограммақәа хԥа аус шаднаулаз.

"2015 шықәса рзы Амилаҭтә банк акредитҭара апрограммақәа хԥа аус рыднаулеит: абжьаратәии имаҷуи абизнес акредит азоужьра; абиуџьет аусзуҩцәеи атәанчаҩцәеи акредит рыҭара иара убасгьы ахәаахәҭра знапы алаку анаплакыҩцәа акредит рыҭара", — иҳәеит Бараҭелиа.

Иара иазгәеиҭеит акредит згаз идмырхынҳәуа ҳәа шыҟамлац.

Ажәабжьқәа зегьы
0