АҞӘА, лаҵарамза З1 — Sputnik, Владимир Бегунов. Аԥсны имҩаԥысуа ачемпионат ConIFA 2016 аҟны Иапониатәи кореаа ркоманда Секеитәи атәылаҿацә акоманда ириааиит 1:0 ҳәа.
Иапониатәи кореаа ркомандеи Секеитәи атәылаҿацә акомандеи рыхәмарраан аҩбатәи атаим аан ауп ампыл амба ианҭашәа. Ахәаԥшцәа иаразнакы ирбартә иҟалеит кореаа ркоманда аԥыжәара шамаз.
Аҩбатәи атаим алагамҭаз ауп кореаа ампыл амба ианҭадыршә. Европаа акыр рыҽшыршәазгьы ирықәымҿиеит.
Кореиатәи акоманда аҽазныкгьы ампыл амба аҭаршәра рылшартә аҭагылазаашьа шыҟазгьы уаҳа ирзалмыршеит.
Ахәмарра алахьынҵа зыӡбаз мпыл заҵәык акәхеит. 1:0 ҳәа кореаа аиааира ргеит.
Секеитәи атәылаҿацә Румыниа аҵакырадгьыл аҟны инхо, иазхаҵам асекееицәа ретникатә гәыԥ ауп.
Иапониатәи кореаа — Иапониа инхо кореаа рдиаспороуп. Иапониа инхо егьырҭ амилаҭқәа рҟынтәи 40% рхыԥхьаӡара ыҟоуп.