АҞӘА, рашәарамза 1 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥснытәи амилаҭтә команда Лапландиатәи ашьапылампылхәмарыҩцәа 2:0 ҳәа ириааиит.
Ахәмарра алагамҭаз ақәа леит, аха уи ашьапылампыласыҩцәа ԥырхага дук рнамҭеит. Раԥхьатәи аминуҭқәа инадыркны ахәмарыҩцәа гәеибаҭон, дасу илоу еилыркаарц иашьҭан.
Ахәмарра абжаранӡа инеиуаны астадион зырҭәыз ахәаԥшыҩцәа ркоманда ахәмарыҩцәа ампыл аҭаршәрахь рхы дырхо иалагеит. 35-тәи аминуҭ азы усеиԥшгьы ҟалеит. Ампыл ҭаиршәит Дмитри Кәартаа.
Иаанхаз 15 минуҭ Аԥснытәи ахәмарыҩцәа хылаԥшра шарҭозгьы уаҳа мпылк амба иҭадмыршәит. Аԥсеиҭакра ҳәа акомандақәа цеит Аԥснытәи акоманда аԥыжәара аманы.
Уаҩы ибаратәы иҟан Аԥснытәи акоманда еиҳа аԥыжәара шамаз. Лапландиаа еиҳа аҽыхьчара рхы азышьҭын.
57-тәи аминуҭ азы ахәмарыҩцәа наҟ-ааҟгьы ажәыларақәа мҩаԥыргеит. Араҟа ихы бзианы иааирԥшит лапландиатәи амбахьчаҩ.
72-тәи аминуҭ азы Дмитри Кәартаа аҽа мпылкгьы асасцәа рымба арыӷьарахьтәи аган инҭеиршәит. 80-тәи аминуҭ азы Лапландиаа ампыл ҭадыршәырц егьрыгымхеит аха аштанга иаахеит.
Иаанхаз ажәаминуҭк аҭагылазаашьа шыҟаз иаанхеит.
Аԥснытәи акоманда агәыԥ "А" аҟны ихәмаруан. Раԥхьатәи ахәмарра мҩаԥысит лаҵарамза 29 рзы, Чагос акоманда иацыхәмаруан, 9:0 ҳәа аиааира ргеит. Лаҵарамза 31 рзы Мраҭашәаратәи акоманда иацыхәмарит. Усҟангьы аиааира ргеит.
Агәыԥ "D" аҟынгьы аԥыжәара рыман Лапландиеи Пенджаби ркомандақәа.
Афиналбжаҟны Аԥснытәи акоманда Аҩадатәи Кипр акоманда иацыхәмарраны иҟоуп, рашәарам 4 рзы, 20:00 (мск).