Ақьаӷьариара аԥсыуала

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩышықәса рыла ачарақәа ааба уны иакит Аԥсны иакзаҵәыкыз аибадырратә маҵзура.

Sputnik акорреспондент Владимир Бегунов иҿцәажәо русура атәы изеиҭарҳәеит амаҵзура "Анасыԥахь ацаԥха" анапхгаҩцәа Елеонора Базԥҳаи Хаҭуна Анқәабԥҳаи.

Анасыԥаз изин

2012 шықәса рзы иаатит раԥхьатәи аибадырратә маҵзура "Анасыԥахь ацаԥха". Иара аиҿкааҩ Елеонора Базԥҳа лажәақәа рыла аидеиа лызцәырнагеит ателепрограмма "Давай поженимся".

"Сара еснагь бзиа избон ауаа реибардырра. Мшәан, дарбанызаалакгьы азин имами анасыԥ иоурацы", — лҳәоит лара.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа аԥҳәысаагара атрадициа иахьа ишныҟәырго

Сара сыԥсуа чара ду

Аиҩызцәа иаҳзеиҭарҳәоит Аҟәатәи ақалақьтә еизара адгыларала 30-нызқь мааҭ шрырҭаз кредит ҳасабла. Урҭ аԥарақәа рыла аофис арендла иргеит, авизиткақәа ркьыԥхьит, арадиои ателехәаԥшреи рҟны аӡыргара еиҿыркааит.

Адырҩаҽныҵәҟьа дырҭааит раԥхьатәи аклиент.

“Аԥсны макьаназ абри аиԥшқәа ирзыҟаҵам", — лҳәоит Хаҭуна Анқәабԥҳа.

"Ҳара ҳусура ззырхаз ауаа ҩеижәижәаба, ҩеижәижәохә шықәса ирҭысхьаз роуп", — лҳәоит Елеонора.

Амаҵзура аусзуҩцәа ражәақәа рыла ҩышықәса рыҩныҵҟа рклиентцәа ачарақәа ааба руит. Аиҳарак ақыҭақәа рҟынтәи.

Дара ишырҳәо ала амаҵзура ҩ-нызқь мааҭ иаԥсан, арахь иаҵанакуан аиԥылара аиҿкаарагьы.

Иара убасгьы аҷкәыни аӡӷаби рышьҭрақәа ҭырҵаауан, аҭыԥантәи амилаҭтә ҭагылазаашьа иахьырԥшны.

Аԥсуала ачара

"Ҳара аиҳаракгьы ақыҭақәа рҟынтәи акәын аус здааулоз. Ауаа еицәыԥхашьоит, аибадырра рцәыуадаҩуп. Ҳаклиентцәа рыбжьара иҟан зхы иацәыԥхашьоз аинвалидцәагьы", — лҳәоит Елеонора Базԥҳа.

Абизнес аԥара аанагоит ҳәа узҳәомызт, аха дара ирыднагалоз ишрылшоз ала ирыцхраауан.

"Раԥхьатәи ҳаклиент аибашьра даветеранын. Инаалоз аӡәгьы дибомызт. Ԥҳәыск далихын ахал ара мап лкит. Есыҽны дҳазнеиуан ахаақәеи ашампан-ҩи иманы. Нас аҭаацәара далалеит аха ҳара ҳацхыраарада".

Ачаратә кредит

Аиҩызцәа ишырҳәо ала рмаҵзура иалан ачараз акредит аҭарагьы.

Жәларбжьаратәи афестиваль аҟны аԥсуа чара аинтерес ду цәырнагеит

"Аҭаацәара иалаларц зыӡбаз кредит ҳасабла 250-нызқь мааҭ раҳҭон. Урҭ аԥарақәа ачара адырҩаҽны идырхынҳәыр акәын. Ҳара ҳхазы апроцент 10-нызқь аагон", – лҳәоит Хаҭуна Анқәабԥҳа.

Аӡӷабцәа рҩыџьагьы еицҿакны ирҳәоит аспонсорцәа рыда абри аус ашьақәыргылара шыуадаҩу.

"Иҟаҳҵоз ауаа рзы ихәарҭамыз. Ачарақәа ааба еиҿаҳкааит. Ианцәажәо зегьы адемографиа азҵаараз ргәы рыхьуеит. Иҳацхраар иахьагьы аус ҳмулоз, ауаа ҳармыцхраалоз", — рҳәоит дара.

Иахьазы аибадырратә маҵзура ҳәа Аԥсны акгьы ыҟам. Гагра дыҟоуп еицырдыруа ақьаӷьариа — Нана Сиҷинааԥҳа, аха уи аҽакала аус луеит.

Ҩышықәсатәи аусура ашьҭахь "Анасыԥахь ацаԥха" аусура аанкылахеит. Иахьазы иара аԥшәмацәа Афон Ҿыц аус руеит. Дара иахьагьы агәра ганы иҟоуп асеиԥш иҟоу амаҵзура хымԥада Аԥсны иҟазар шахәҭоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0