Бадиа: Сеиҵбацәа рылақәа гәыдыскылоит, сеиҳабацәа рнапқәа срыгәӡуеит

© Foto / Сырма АшәԥҳаҲџьынџьуаҩ Ниҳаҭ Бадиа.
Ҳџьынџьуаҩ Ниҳаҭ Бадиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Ниҳаҭ Бадиа иԥсадгьыл ахь имоу ицәаныррақәеи аԥснытәи ижәлантәыз аԥҳәыс быргк лҳәамҭеи ҳацеиҩишеит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

"Сыԥсадгьыл Аԥсны саннеи мызкы саанхеит. Мызкы иалагӡаны Аԥсны сыҟазаара ԥсҭазаарак исзаҩызахеит. Ах, сыԥсадгьыл аҟынтә избо зегьы уи ацәаара рхыскаауеит, афҩы хаа сзааргазшәа збоит. Изакәытә гәнаҳароузеи аҭоурых ҳазҭанаргылаз. Ауаҩы ибжа имамкәа, иԥсҭазаара наӡоума? Мап хымԥада. Ҳабжа уахь инхагәышьеит. Разҟны, ҳаиҭанаиааира амҩақәа еиҳа имариахеит, ҳаибабагәышьоит, ҳаибаԥшаауеит. Аха, уи азхом. Аԥсыӡ аӡы зҵабаз ҳаҩызаханы ҳаанхазшәа ҳаҟоуп.

116 шықәса зхыҵуа Нуца Адлеиба-Думаа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны зегьы иреиҳау, 116 шықәса зхыҵуа Нуца Адлеиба-Думаа лҭоурых

Ҳҿар рхы Аԥсныҟа идырхароуп. Уа рыԥсадгьыл рзыԥшуп. Ҳаиҳабацәа ахҵәара ианақәшәа шаҟа гәаҟра рхыргаз ижәдыруа ауп, саламлааит. Рыԥхыӡ ишалаз ишгәыкуаз рынарцәымҩа иқәлагәышьеит. Сара аиҳабацәа еснагь рзыӡырҩра бзиа избоит. Аԥсны саннеи 107 шықәса зхыҵуаз, сара сзықәшәаз Бадиаԥҳак исалҳәаз хҭыск шәзеиҭасҳәоит: 

Ԥсыуа ҭаацәак ҭыԥҳак дрыман. Ақыҭаҿы инхон, арахә-ашәахә рыман. Аԥҳәыс шьыжьнаҵы дгыланы лҭаацәа еиллыргон, лыҩнтәи лусқәа ҟалҵон. Ус ишыҟаз акәымкәа, ашә абжьы геит. Ашә абжьы анга аԥҳәыс днеин аҟыԥҳәа ашә аалыртит. Ашә аалыртызар,хҩык аҭаҳмадацәа лылаԥш нарықәшәеит.

Аԥсшәақәа неибырҳәеит. Нас, аԥхьа игылаз аҭаҳмада дыччо ус иҳәазаап: "Сара амал змоу среиуоуп. Ари сҩыза акрыура бзиа ибоит, егьи сҩыза аԥшӡара даԥҳныҩлоит". Аҩны аԥшәма ԥҳәыс лхаҵа ахьышәҭҳәа длыԥшааит. Дахьнеиз илбаз-илаҳаз лыԥшәма изеиҭалҳәеит.

Аҭаҳмадцәа ашә илагылоуп, аҩныҟа егьыҩнамлац. Аб днахәыцын иԥшәма ԥҳәыс акрыура бзиа избо даалыԥхьарц налеиҳәеит. "Акрыура злоу илухуазеи аџьабаа ҳашьхьеит, уи еиҳа акрызмоу дааҳаԥхьап", лҳәеит. Аҭыԥҳагьы луада аҟынтә лыбжьы лыргазаап: "Шәара ишәҳәаз сақәшаҳаҭым, абзиабара ацәанырра змоу дыҩналааит", лҳәеит. Рыхҩыкгьы ныҩналеит, аха аӡәы драԥхьагылан. Аӡә иакәын инеишаз, рыхҩык аныҩнала даара иџьалшьеит. "Зынӡаск иџьабымшьан, бара ибҳәаз иашаны ибҳәеит.

Сақариатәи аԥсуаа рхеидкыла аиҳабы Орал Бганба - Sputnik Аҧсны
Орал Бганба: ҳаиҳабацәа иалырхыз амҩа ҳацәхьамҵроуп

Аԥхьа иҩналаз акрызмоу иоуп. Ус анакәха, уи аџьабаа збоу иоуп, аԥсҭазаара аҵакгьы бзианы еиликаауеит. Аџьауси, амали еицуп. Ахааназы бахьхәраны быҟаӡам", лҳәазаап ангьы. Абраҟа инеиқәылҳәалеит ажәабжь сыжәлантә абырг ԥҳәыс. Сара уи схы иҭымҵуа инхеит. Лассы-лассы иаацәырганы еиҭасҳәалоит. Саԥхьа иаацәырҵуеит лара лхаҿсахьа, лыбла гәыразқәа, лыхшыҩ бзиа, лажәа ҟәыӷа…Еҳ, анаџьалбеит…

Сара Аԥсны саннеи излеилыскааз ала, сабшьҭра Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан инхозаарын. Џьгьардантә сабду рыцҳа иаҳәшьагьы иаргьы Ҭырқәтәылаҟа еицааит. Раԥхьа Синоп ҳәа иахьашьҭоу иааит. Нас даҽа ҭыԥк ахь ииасит. Рымала ракәӡамызт иҟаз, ирацәаҩны еицын.

Сабду аспорт дазҟазан. Ҭырқәтәыла аиндаҭлараҿы аӡәы диҵахазаап, данкарыжь цәгьа игәы иахьит. "Сара Аԥсны аӡәгьы скаижьраны хәшәы амаӡамызт, ара сышԥакаҳаи", иҳәан ихьымӡӷишьеит. Ус қыҭак аҿы ауаса рацәаны иахьрымаз џьара ҭыԥк аҿы быжьуасак ааихәазаап.

Есымша зыԥсадгьыл згәы иҭоу аԥсуа ҳәсақәа ражәа

Мызкы анаҩс даҽа қыҭак аҟны ақәԥара мҩаԥысуазаарын. Раԥхьатәи аиқәԥараҿы дказыжьыз уа дыҟазаарын. Иара аԥадишьаҳ иқәԥаҩцәа дыруаӡәкын. Иҟаиҵахуаз, ауасақәа шьны афара далагеит, имч ҭаиҵеит. Дзықәԥоз аӡәгьы данимоу, ишәпаны иҟаз қдык иԥшааит.

Ақды аашьҭыхны, дааҟәымҵӡо иркәымпылуа далагеит. Ус дызбаз аӡә дыҳәҳәазаап: "Уаау, уаау, Бадиаа рыԥсы аныршьоугьы, ақды дыркәымпылуазаап", иҳәеит дыхәмарны. Иҟаиҵахуааз асбду, мызкы ашьҭахь еиҭа қәԥара даннеи, ани даҵазырхахьаз диацлабырц далагеит.

Егьигьы дақәшаҳаҭхеит. Илеиқәԥан, игәы ларханы дынкаижьит. Уажәшьҭа сызхара ҭәит иҳәан, инапы ихәда инадикылеит. Ари афырхаҵа сара сабду иоуп — Бадиа Мураҭ. Бадиаа, Ҭырқәтәыла ирацәаҩӡам, ҭаацәарақәак ҳауп иҟоу. "Аԥсныҟа ирацәаны салам насышьҭуеит. Сеиҵбацәа рылақәа гәыдыскылоит, сеиҳабацәа рнапқәа срыгәӡуеит! Сгәы-сыԥсы уа иҟоуп", дцәажәон иуанытә дқәыԥсычҳауа, хәыцра шәкы деимаркуа зықәрахь инеихьаз абырг Ниҳаҭ Бадиа. 


Ажәабжьқәа зегьы
0