Ахәаахәҭратә қьалақәа амшын аԥшаҳәаҟны рҭагылазаашьа

© Sputnik, Бадрак АвидзбаАҟәа амшын аԥшаҳәаҟны игылоу амшьамбатә қьалақәа.
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны игылоу амшьамбатә қьалақәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны игылоу амшьамбатә қьалақәа зтәу ҳкорреспондент изеиҭарҳәеит урҭ ықәганы аҿыцқәа рыла ирыԥсахырц азы ақалақь Ахадара иаднакылаз ақәҵара ашьҭахь имҩаԥырго русура атәы.

Бадрак Аҩӡба, Sputnik

Аҟәа ақалақь Ахадара 2016 шықәса рзы иаднакылеит аӡбра – амшын аԥшаҳәаҟны афирмақәа хԥа рымацара ахәаахәҭырҭатә қьалақәа дыргылоит, урҭ рхахьы иргоит акәша-мыкәша иҟоу асанитартә ҭагылазаашьагьы ҳәа.

Иара убри аан аԥшаҳәаҟны хаԥышәала идыргыло ақьалақәа рхыԥхьаӡара еиҳамхазар еиҵахом. Урҭ зыргыло реиҳараҩык асеиԥш ақәҵара аӡбахә зынӡагьы иаҳмаҳаӡацт рҳәоит.

Урҭ руаӡәк, Любовь Агрԥҳа фышықәсоуп аԥхын азы араҟа аус луеижьҭеи, ақалақь Ахадара аӡбрагьы ҳара ҳҟынтәи ауп иахьлаҳаз.

Амшын аԥшаҳәаҟны ахәаахәҭратә палаткақәа. - Sputnik Аҧсны
Амшын аԥшаҳәаҟны хаԥышәала иргылоу апалаткақәа ықәыргоит

"Сара аточка аасыртит рашәарамза акы азы. Ахадара иаднакылаз аӡбра аӡбахә смаҳацт. Есымза ашәахтә 650 мааҭ ҳшәоит", — лҳәеит лара.

Ҳзацәажәоз зегьы еицҿакны иақәшаҳаҭуп ақьала ҿыцқәа рахь аиасра.

"Ҳара аҿыцқәа ҳаздыргылап ҳәа ҳаԥшуп. Макьаназ аӡәгьы акгьы ҳадимгалацт. Атуристцәа рацәахахьеит. Аус ҳамур ҳхәыҷқәа ныҟәызгода", — лҳәеит ахәаахәҭратә ҭыԥ зхатәу Рузана.

Ахәаахәҭцәа ирыдыргало амшьамба қьалақәа маншәаламзар ҳәа ишәоит.

"Ҩба-ҩба метра иҟоуп рхышәа-ҵышәа. Сара архьшәашәагақәа сызгылоуп. Урҭ уа иакышам. Ҩба згар, ҩба рыхә сшәалар акәхоит", — лҳәоит аҭиҩцәа руаӡәк.

© Sputnik, Бадрак АвидзбаТорговые палатки на набережной.
Торговые палатки на набережной. - Sputnik Аҧсны
1/4
Торговые палатки на набережной.
Торговля на набережной
2/4
Торговля на набережной
Торговля на набережной
3/4
Торговля на набережной
© Sputnik, Бадрак АвидзбаТорговые палатки на набережной.
Торговые палатки на набережной. - Sputnik Аҧсны
4/4
Торговые палатки на набережной.
1/4
Торговые палатки на набережной.
2/4
Торговля на набережной
3/4
Торговля на набережной
4/4
Торговые палатки на набережной.

Уаанӡа аҳҭнықалақь архитектор Sputnik ахь адырра ҟалҵахьан ахәаахәҭратә қьалақәа амшын аԥшаҳәаҟны ишыргылахо. Урҭ зегьы формалеи ԥшшәылеи еиԥшхароуп, иаку ансамбльк еиԥш иҟаларц азы ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0