Аԥсны ашьапылампыл азы еизгоу акоманда алахәыла, Шьамтәылантәи зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз Исмаил Ферас Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба изеиҭеиҳәеит Шьамтәылеи Аԥсни ишьапылампыласратә кариера амҩаԥысшьа атәы, ԥхьаҟатәи иԥсҭазаара Аԥсны иадиҳәаларц зиӡбаз.
– Исмаил, ҳаԥхьаҩцәа ирзеиҭаҳә ушьапылампылтә ԥсҭазаара шхацыркхаз атәы.
– 12 шықәса ракәын исхыҵуаз ашьапылампыл асра саналагаз. Уахь сара снеигеит саб. Уи ашьапылампыласырҭа клуб "Эль-Джиеш" акәын. Ашкол саналгагьы абри аклуб аҟны сыхәмарра иацысҵеит.
– Аклуб "Эль-Джиеш" аҟны қәҿиарақәаны иҟалазеи?
– Ҳара ҳкоманда Шьамтәыла иреиҳау алига иаҵанакуан. Акоманда салахәны Шьамтәыла Ачемпионат аҟны аиааира згахьан. Иара убасгьы аклуб имаҷымкәа араӡнытәи аџьазтәи аԥхьахәқәа анашьахахьан. Акыр ирацәан сызлахәыз ахәмаррақәа. Уа сара сыхәмаруан 2014 шықәса рҟынӡа.
– Ҭаацәала Аԥсныҟа ахынҳәра шәгәазырԥхеи?
– Сара сыԥшәмаԥҳәыс милаҭла даԥсыуоуп. Сара с-адыгоуп. Адыгааи аԥсуааи шьак еицалҵыз ҳауп. Ҳашьҭра ахы ахьакыз ахь ахынҳәра еснагь исыгәҭакын. Аҭагылазаашьа аныманшәалаха иаразнакы арахь ҳааит. Аԥсны ҳара ҳџьынџьдгьыл ауп. Насыԥ сыманы схы збоит. Сара 50 рҟынӡа тәыла сырхысны избахьеит. Аха араҟеиԥш агәҭынчра џьаргьы исмоуцызт.
– Шәара Аԥсны шәхы адышәкылеит аха зықьҩыла ауаа рыԥсадгьыл иацәыхароуп. Урҭ арахь рыхынҳәра аҵакы абанӡанеиуеи?
– Ҳадгьыл ҳахыҵижьҭеи акыр шыҵуагьы амилаҭ доуҳа ҿыцәаауам. Сгәы иаанагоит егьырҭгьы хынҳәып ҳәа мышкызны. Ҳара ҳхы еиқәҳархар ҳҭахызар, уи ҳадгьыл аҿоуп иахьыҟаҵатәу.
– Аԥсныҟа амҩа шәанықәыз шәшьапылампылтә кариера иацышәҵап ҳәа шәгәы иаанагозма?
– Аԥсны санааи Арепатриациаз аилак ахь снеиит. Аилак аусзуҩцәа ҳара ацхыраара ҳарҭоит усурҭа ҭыԥла ҳаиқәыршәараҿы. Ашьапылампыл сшасуаз анысҳәа "Нарҭ" анапхгара сыддырдырит. Ҳаицәажәара ашьҭахь исыӡбеит ашьапылампылтә клуб азы сыхәмарларц.
– Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионхара ҵыԥх Афонтәи акоманда иалнамыршеит. Сынтәа ишәгәиҭозеи?
– Уажәтәи ачемпионат азы атурниртә таблица аҟны актәи ацәаҳәаҿы ҳгылоуп. Сгәыӷуеит ачемпион ититул агара ҳалшап ҳәа.
– Шьамтәылеи Аԥсни рчемпионатқәа еиҿшәырԥшуазар, ирхышәҳәаауеи?
– Ҳәарада Шьамтәыла ачемпионат еиҳа иӷәӷәоуп. Шьамтәыла ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 24 миллион ыҟоуп. Уи иаҿырԥшны уа ашьапылампыл иасуа рхыԥхьаӡарагьы еиҳауп, рылшарагьы еиҳауп.
– Аԥсны еизгоу акоманда шәаналахәха ишәоузеи цәаныррас?
– Сгәырӷьон. Аԥснытәи акоманда азыҟаҵаҩ хада Џьума Кәарацхьелиа иоуп уахь сназыԥхьаз. Сгәы иалоуп ConIFA ачемпионат сахьалахәымхаз.
– Избан?
– Саб ахәышәтәырҭаҟны дышьҭан. Атурнир абжарахь инеиуаны дыԥсит ҳәа адырра соуит. Шьамтәылаҟагьы сзымцеит. Уаҟа еибашьроуп.
– Ачемпионат иалагаанӡа ҳкоманда аиааира агоит ҳәа шәгәыӷуазма?
– Сара уаанӡа ConIFA иалахәыз акомандақәа сыздырамызт. Иазгәаҭатәуп урҭ рыбжьара ишыҟаз иӷәӷәаз акомандақәа. Аиааира зегьы гәахәала ирыдыркылеит. Адкылара зуа акомандаз аиааира еснагь еиҳа имариоуп, избанзар ара рыдгылаҩцәа рацәоуп, аха иара убри аан аҭакԥхықәрагьы дуны ирыдуп.
– Аԥсны ашьапылампыл иаԥеиԥшны ижәбозеи?
– Иахьатәи Аԥсны ашьапылампыл Шьамтәыла 2002 шықәсанӡа иҟаз ашьапылампыл еиԥшуп. Ачемпионат ашьҭахь атәыла анапхгара еиҳа нап адыркылогь иалагоит. Ашьапылампыл аԥара аҭахуп. Харџьда алҵшәа бзиақәа раарԥшра уадаҩуп.