Денис Саманба зықь-километр дырхысхьеит

© Фото : Арлен ЛасурияДенис Саманба
Денис Саманба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәымш рыҩныҵҟа Аԥснытәи амаланыҟәарныҟәаҩ Денис Саманба зықь-километр дырхысхьеит.

АҞӘА, рашәарамза 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Денис Саманба дымҩаԥызго амашьына Воронежтәи аобласт, Павловск ақалақь аҟны еихәыдхашәеит, ҳәа ааицҳаит акоманда алахәыла Арлен Лашәриа, ахаша, рашәарамза 22 рзы.

"Ҳмашьына ԥхасҭахеит. Уажәы амҩаԥгара азҵаара ҳаӡбоит. Денис иакәзар ҳара ҳада имҩа иациҵоит", — иҳәеит Лашәриа.

Арлен иажәақәа рыла, Денис ашьшьыҳәа имҩа дықәуп, Воронеж инахыкны 150 километр днеихьеит.

Амаланыҟәарныҟәаҩ Денис Саманба ималаныҟәатә марафон Аҟәа-Москва хацыркхеит асабша, рашәарамза 18 рзы, 4:30 ашьыжь.

Денис Саманба игәҭакуп 2500 километра, Аҟәа инаркны Москванӡа иахысрала аԥснытәи аҿар амаланыҟәатә спорт радыԥхьалара. Уи адагьы зегьы идирбар иҭахуп ауаҩы иҭаххар дыззымиааиуа акгьы шыҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0