Владимир Жьиба: аҭҟәацәа зегьы ԥсахыҩцәам

© Sputnik / Саида Жьиԥҳа.Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аветеран Григори Габниа.
Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аветеран Григори Габниа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аан иҭҟәаны афашистцәа ирымаз аветеран Григори Габниа итоурых еиҭалҳәоит Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа.

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду иахьа уажәраанӡагьы иҵәахны иамоуп амаӡақәа, аҭоурыхтә жәабжьқәа. Есышықәса, схы аазсыруеижьҭеи, саб Владимир Жьиба Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду иадҳәалоу арыцхә хадақәа раан еиҭаимҳәац џьашьаны, ҩаԥхьа иаҳмаҳаҳьоу аибашьратә хҭысқәа дырзыхынҳәуеит.

Иахьа, рашәарамза 22, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аналагаз амш аҽны, саб илахь ааиқәҵаны дазыхынҳәит иаҳәшьаду Шьамина Жьиԥҳа лԥазаҵә Григори Габниа иҭоурых. Шьамина Жьиԥҳа лԥазаҵә 1,5 бжаки шықәса ракәын ихыҵуаз, лыԥшәма ачымазара бааԥсы иахырҟьаны иԥсҭазаара даналҵыз.

Аԥҳәыс еиба лыԥсҭазаара изылкит, лашарбагас илымаз лԥа Григори. Аҟәа Ашьхарыуаа рышкол қәҿиарала далганы, Григори дҭалоит арҵаҩратә техникум. Анаҩс иқыҭахь дгьежьуеит, аусурагьы далагоит абжьаратә школ аҟны, аҭоурых арҵаҩыс.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аан иҭҟәаны афашистцәа ирымаз аветеран Григори Габниа
Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аан иҭҟәаны афашистцәа ирымаз аветеран Григори Габниа - Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аан иҭҟәаны афашистцәа ирымаз аветеран Григори Габниа

1938 шықәсазы Григори Габниа арра маҵурахьы иԥхьоит. Шьамина Жьиԥҳа арратә комиссариатқәа рҟны дцаны, аҳәара ҟалҵон, лыҷкәын заҵә даанрыжьырц, аха аԥҳәысеиба лҳәатәы аӡәгьы дацымныҟәеит.

Григори Константин-иԥа Габниа арра маҵура дахысуан Украина ақалақь Львов аҟны, уаҟа дшыҟаз иалагоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду.

Саб Владимир Жьиба иажәақәа рыла, Григори атанктә зауад аҟны аус иуан, алеитенант еиҳабы ичын иман.

"Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аналага, Григори Габниа аус ахьиуаз дҵас ироуит, атанктә зауад ԥыргатәуп, атехника зегьы ешелонла Уралҟа иқәгатәуп ҳәа. Избанзар, Украина иалалахьаз анемец фашистцәа, азауад ҭҟәаны иргар, рхы иадырхәо иалагон", — ҳәа еиҭеиҳәоит саб.

Григори Габниа дызлаз агәыԥ ирылдыршеит шьаҭанкыла атанктә зауад аԥыргара, атехника хьанҭы акәзар, аашәы ешелонла ирзалԥшааз аҭыԥ ахь иргеит. Аҵыхәтәантәи аешелон андәықәырҵоз, Григори Габниа икомандаҟаҵаҩи архәҭа иалаз гәыԥҩыки ицны ицеит.

Николаи Матвеи-иԥа Тәанба (актәи ацәаҳәа, арыӷьарахь ала аԥшьбатәи) - Sputnik Аҧсны
Николаи Тәанба: аибашьра, аҭаацәара, алитература

Атанкқәа аҵәахырҭахь ианнаргоз, аибашьцәа ирбеит ахыхьчара уадаҩхо ишалагаз, убри аҟнытә Москвантәи ацхыраара рзаарышьҭырц аҳәара ҟарҵеит, аха ҭакс ирзаарыцҳаит, рхатәы мчла рхы рыхьчарц, уахь анеиразы алшара шыҟам. Аибашьцәа, руалԥшьа нагӡаны, рҽазыршәеит аҽԥхьакырҭа аԥшаара.

"Ахыхьчаратә ҭыԥ рыԥшаарц амҩа ишаныз, Григори игәыԥ иалаз украинатәи еибашьҩык иҳәеит, абри аҭыԥ иацәыхарамкәа иан дшынхо, агәаҳәарагьы шимоу илаԥш лхигарц. Акомандаҟаҵаҩ арԥыс игәы дрыцҳанашьан, ҩ-сааҭк иҭаны дишьҭит иани иареи еибабарц. Ус сааҭк ааҵуаны, аибашьцәа анемеццәа аарықәшан иҭҟәаны иргеит. Излеилкаахаз ала, дара рыцәгьа иҳәеит, ргәыԥ иалаз украинатәи аԥсахыҩ. Анаҩс Григори иҩызцәеи иареи Германиа аконцлагерь аҿы иҭаркит", — еиҭеиҳәоит иашьа иҭоурых Владимир Жьиба.

Ҭоурыхла ишаадыруа ала, аконцлагерь аҿы иҭакқәаз аҭҟәацәа, ашьра рықәырҵон. Григори, саб излеиҭеиҳәаз ала, иаргьы изныкымкәа иршьраны иҟаз рхыԥхьаӡараҿы дыҟан. Аха еснагь машәыршақә аԥсра дацәцон.

Григори Габниа аҭҟәара дақәшәеит 1943 шықәсазы. Арҭ аамҭақәа рзы, анемец фашистцәа рымч рылша еибыҭаны, Асовет жәлар рнырҵәара иаҿын.

Аконцлагерь аҟны Григори иҩызцәеи иареи ирбон, ирхылаԥшуаз анемеццәа ргәалаҟазаара шыбзиаз, уи ала дара еилыркаауан, аибашьраҿы аӷацәа аԥыжәара шрымаз. Аха аамҭақәа ԥхьаҟа ицацыԥхьаӡа, ахылаԥшыҩцәа ргәалаҟазаара ԥсыҽхон, уи аҭҟәацәа иднардыруан Асовет еибашьцәа ԥхьаҟа ишаауаз.

Пас Гәбаз. - Sputnik Аҧсны
Зыҵәҩаншьап шыҟоу ззымдыруа аибашьҩы иҭоурых

Ҽнак зны, аҭҟәацәа игәарҭеит, рхылаԥшыҩцәа шыҟамыз, аха аҽӡара рзымгәаӷьит. Ус ишыҟаз мышқәакгьы ҵит. Фатәыдеи ӡыдеи инхаз аҭҟәаҵәа аанда ԥырганы, ақалақь ахь ицо иалагеит.

"Григори икомандаҟаҵаҩи иареи иргәаӷьит, егьырҭ ирыцҭакқәаз реиԥш, ақалақь ахь ицарц. Ҩнеихагылак иныҵалан, еиҳа рылаԥш зыдхалаз шәык инасит. Ашәхамс иаалагылаз аԥшәмаԥҳәыс, Григори анемец бызшәала аҳәара лиҭеит ацхыраара рзаадырԥшырц. Аԥҳәыс лашьҭахьҟа лхы нарханы, лыԥшәма изҿылҭеит, лааигәа дааирц, ирызнеиз аҭҟәацәа рбызшәа шылзеилымкаауа наиаҳәаны. Уи аамҭазы, Григори дахьгылаз дшанхеит, избанзар аԥҳәыс дызлацәажәоз аԥсшәа акәын. Згәырӷьара ҵҩа амамыз аҭҟәаҩы, Ҭырқәтәылаҟа мҳаџьырра иагаз, анаҩс Германиаҟа иахнагаз Қьецаа рҭаацәараҟны днанагеит. Аҭҟәацәа ргәы иаҭахыз зегьы рыла иааиқәыршәаны, иаагәыдыҳәҳәаланы аԥшәма инауижьит", — ҳәа еиҭеиҳәоит саб Владимир Жьиба.

Григори Габниа аибашьра аилгара мызкы аҟара шагыз дақәшәоит Освенцим аконцлагерь. Асовет еибашьцәа Берлинынӡа ианнеи, аҭҟәацәагьы рхы иақәиҭтәын, аха Сталин иааицҳаит, дара аԥсахыҩцәа ҳәа ишиԥхьаӡо. Усҟан Григори агәҭынчымра изцәырҵит, аха икомандаҟаҵаҩ агәра ииргеит, ирыдыз ауалԥшьа анынарыгӡа ашьҭахь аҭҟәара иақәшәеит аҟнытә, ахара шрыдрымҵо.

Григори Габниа ихы данақәиҭха иҩныҟа дхынҳәуеит. Григори иан Шьамина Жьиԥҳа, аибашьра цонаҵы, лԥазаҵә иӡбахә лмаҳацызт, убри аҟнытә лгәыӷрагьы аҿыцәаара иаҿын.

Аԥҳәысеиба лхала Константин Габниа игәараҭа дазынхеит, аха лассы-лассы џьара цхыраарак лиҭарц дылзыршьҭуан лашьа иԥа, Владимир Жьиба.

"Сара хәышықәса анысхыҵ инаркны саб иаҳәшьа лахь сишьҭуа далагеит. Уахынла саҳәшьаду Шьамина лшьапаҟны сышьҭалон. Иахьа уажәраанӡагьы сгәаҿы инхеит, есыуаха лара Анцәа дышиҳәоз лыҷкәынзаҵә деибганы дылзааишьҭырц. Нас лхы дҩаханы, сыхәҷыхьыӡ ааҳәаны "Аминь" ацҵа ҳәа салҳәон. Сара ари ажәа иаҵанакуаз шысзымдыруазгьы, амч дук иснарҳәон "Аминь" ҳәа", — игәалаиршәоит саб.

Ус, уахык зны, Шьаминеи лашьа иԥеи Анцәа иҳәаны ианышьҭал ашьҭахь, ашҭаҟны "Аԥшәма" ҳәа ҿыҭбжьык аагеит.

"Саҳәшьаду иааиз дшәаџьҳәаҩыз џьшьа, дҵыс-ҵысуа лшьапы дзықәгыломызт, "Нан быҷкәын дхынҳәит" ҳәа ллымҳа иҭасаанӡа. Абас, ала Габниаа рашҭа лашеит. Сара фышықәса шысхыҵуазгьы, ашырԥазы Џьырхәантәи Мгәыӡырхәа сцеит, ажәабжь гәырӷьахә сҭаацәа ирызназгарц", — иҳәоит Владимир.

Сара саб 76 шықәса ихыҵуеит, аха иахьа уажәраанӡагьы агәра игоит, Григори иан лныҳәаԥхьаӡ ауп деиқәырханы даазгаз ҳәа. Григори Габниа Аԥсныҟа даныхынҳә, ҩаԥхьа аусура далагоит Џьархәатәи ашкол аҟны.

Аамҭа маҷк анааҵ, Григори арратә комиссариат аҟнытә изнеиуеит, аконцлагерь аҟны дахьҭакыз азы гәыбӷан ирҭарц. Анаҩс, иара усҟан Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ зхырҵаз, ицҭакыз икомандаҟаҵаҩ ашәҟәы изишьҭуеит, иганахь иаадырԥшуа агәрамгара атәы арбаны.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аветеран Григори Габниа иорденқәа
Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аветеран Григори Габниа иорденқәа - Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аветеран Григори Габниа иорденқәа

Хара имгакәагьы, Григори ҩаԥхьа арратә комиссариат аҟнытә ааԥхьара ирҭоит, иҿаԥхьа аҭамзаара шьҭаҵаны иаҭәаршьоит "Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аорден II-тәи аҩаӡара".

Абас гәадула, саб еиҭеиҳәеит иаҳәшьаду Шьамина Жьиԥҳа лԥазаҵә Григори Габниа еибашьратә ҭоурых.

Арусҭан Арӡынба. - Sputnik Аҧсны
Арусҭан Арӡынба ирратә мҩа

Григори Габниа иԥсҭазаара зегьы аҵара-ааӡара иазикуеит, 43 шықәса аус иуит Џьархәатәи ашкол аҟны, аҭоурых арҵаҩыс, 20 шықәса ашкол адиректорс. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ашьҭахь, Григори, Ростов иреиҳау аҵараиурҭа далгоит. Изныкымкәа иуаажәлар рдепутатс далырхьан. Иқәрахь даннеи, Џьархәа абыргцәа Рхеилак дахаҭарнакын.

Григори Габниа диразҟхеит Фардосиа Қәпалԥҳа. Дара еицырааӡеит хәҩык ахшара, хҩык аԥҳацәеи ҩыџьа аԥацәеи.

2004 шықәсазы, аветеран иԥсҭазаара далҵит. Аамҭала Григори Габниа иаб игәараҭа Џьархәа дабиԥазаҵәны дазгылазҭгьы, иахьа уаҟа абиԥара ду ҿиеит.

Сынтәа, Аиааира Ду амш аҽны, Григори имоҭацәа, Москва иалахәын "Ԥсра зқәым" аполк. Хьӡи-ԥшеи змоу, Аԥсны аҵеи лаша, ахаан ижәлар дырхашҭуам.

Ажәабжьқәа зегьы
0