Ахба: акадырқәа разыҟаҵараҿы ҳацхыраара иазыхиоуп Урыстәыла

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба иаҳзеиҭеиҳәеит атуризм аусхк аҟны акадырқәа разымхара аҭыԥ шамоу атәы.

Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба ҳкорреспондент Бадраҟ Аҩӡба изеиҭеиҳәеит атуризм аусхк аҟны акадырқәа разымхара аҭыԥ шамоу атәы.

– Асҭамыр Иаков-иԥа, иаҳзеиҭашәҳәа атуризм аусхк аҟны акадырқәа рызҵаара аҭагылазаашьа атәы.

Асҭамыр Ахба - Sputnik Аҧсны
Асҭамыр Ахба: аԥсшьаҩцәа иԥаршеиу апутевкақәа рыдыргалоит

– Атуризм аҿиара ахьамоу адунеи атәылақәа зегьы рыҟны акадырқәа разымхара апроблема аҭыԥ амоуп. Акадырқәа еснагь иазырхиалатәуп, рҵарадырра иацҵалатәуп урҭ ртәылаҿы адагьы егьырҭ атәылақәа рҟынгьы аԥышәа роуртә еиԥш, иаҳҳәап Ҭырқәтәыла, Египет реиԥш иахьыҟоу. Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистрра акадыртә политика аиҿкаара анапы алакуп. Атуристтә усуразы азакәан инақәыршәаны ҳара иаԥаҳҵалароуп атуристтә индустриа аусзуҩцәа, ауаажәларратә чара аусзуҩцәа рҟазара ацҵаразы иахьнеиша аҭыԥқәа. Иахьазы аминистрра иаԥнаҵеит асанатор-курорттәи асасааирҭатәи еиҿкаарақәа рҟны аусуразы авакансиақәа зныԥшуа адыррабӷьыцқәа. Урҭ анаплакқәа рнапхгаҩцәа ирырҭоит аинформациа аларҵәаразы. Ихарҭәаау абланкқәа аминистрра инанашьҭуеит аҵаратә усбарҭақәа рахь, астудентцәеи аушьҭымҭацәеи аусурҭа ҭыԥқәа роурцазы.

– Иарбан занааҭқәоу еиҳа иазымхо?

– Асасааирҭатә бизнес атәы уҳәозар имаҷуп аофициантцәа, адкылаҩцәа, алифтқәа рмаҵзуҩцәа.

– Акадыр ҿыцқәа разыҟаҵара шԥамҩаԥысуеи?

Moscow International Travel & Tourism ацәыргақәҵа. - Sputnik Аҧсны
Ацәыргақәҵаҟны Аԥснытәи апавильон аҭааҩцәа рацәаҩуп

– Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны иҟоуп абиолого-географиатә факультет. Уаҟа иазыҟарҵоит "Асервиси атуризми" азанааҭ ала астудентцәа. Дара иреиҳаӡоу аҵара роуеит. Асистема еихшоуп х-етапкны: бакалавр, магистр, специалитет ҳәа. ААУ адагьы иҟоуп егьырҭ аҵаратә усҳәарҭақәагьы атуризм аганахьала акадырқәа ахьазыҟарҵо. Иаҳҳәап Иаарту Аҟәатәи аинститут, аколлеџьқәа, аучилишьчеқәа. Атуризм аобиектқәа ианаамҭоу ирзымхо акадырқәа рзы адырра ҟарҵар, ҳара ҳазыхиоуп урҭ кадырла реиқәыршәара аиҿкаара. Иахьа анапхгаҩцәа ибзианы еилыркаауа иалагеит ус ада ауаа радыԥхьалара шыуадаҩу. Акадырқәа разыҟаҵараҿы ҳацхыраара иазыхиоуп Урыстәылатәи Афедерациа. Дара иаҳзеиҿыркаауеит ҳкадырқәа рҟазара ахьеихарҳаша аҭыԥқәа. Аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рганахь ала акәзар ҳминистрра иахьагьы уаанӡагьы имҩаԥнагон акурсқәа. Урҭ акурсқәагьы ААУ абазала еиҿкаауп. Мызкы ахы-аҵыхәала имҩаԥысуан, аха ҳара уажәы ҳнапы алакуп атуристтә информациатә центр аиҿкаара. Ҳтәылахь еиуеиԥшым амилаҭқәа турист ҳасабла раара инадҳәаланы ААУ аҿаԥхьа иқәҳаргылеит адҵа — агид-еиҭагаҩцәа разырхиаразы.

Ауаажәларратә палатаҟны иалацәажәеит иааиуа акурорттә сезон

– Аҵара ашьҭахь зегьы ирылшома аусурҭа аԥшаара?

– Аусурҭа ҭыԥқәа рзымԥшаакәа аҽакы знапы алазкуагьы маҷӡам. Уи апрблема ҳамоуп. Убри азы уажәы иазҳархиеит аформуала — атуристтә обиектқәа рвакансиақәа рзы аинформациа хамԥада иҳарҭаларц. Ҳара ареестр аԥаҳҵоит, аусурҭа аԥшаарагьы еиҳа имариахоит.

– Асасааирҭақәа рнапхгаҩцәеи шәареи шәеиԥылараан ишәыдыргалеит ажәалагала – астудентцәа хәыда-ԥсада апрактика иахысларц асасааирҭақәа рҟны, нас урҭ иара убра рҵара аныхдыркәшалак аусура ирыдыркылаларц. Шәышԥахәаԥшуеи ари ажәадгала?

– Иҟоуп ааглыхратәи адипломԥхьатәии практика. Ааглыхратә практика акәзар зыӡбахә рымоу иарбанызаалак аџьа ахәԥса ахшәаазароуп Аԥсны аџьатә кодекс инақәыршәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0