Ҳаџьымба: азакәанқәа ареформа рзура иацҵахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ашәахьа, ԥхынгәы 11 рзы абрифинг мҩаԥигеит.
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ашәахьа, ԥхынгәы 11 рзы абрифинг мҩаԥигеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ашәахьа, ԥхынгәы 11 рзы абрифинг мҩаԥигеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Аус зуа азакәан "Ареферендум азы" ареформа азутәуп, аха уи мзызны иазыҟалар алшом аҭышәынтәалара аилагара, иҳәеит абрифинг аҟны атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба.

"Ҳзакәанқәа егьырҭ атәылақәа рҟны аус зуа азакәанқәа иреицәаны иҟаӡам. Акызаҵәык, ҳара урҭ ҳрықәныҟәаӡом. Азакәанқәа ареформа рҭахуп аха уи иаанагаӡом уи иахырҟьаны аполитикатә ҭагылазаашьа еилагатәуп ҳәа", — иҳәеит Ахада.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит ари азакәан еиԥш егьырҭ азакәанқәа жәпакгьы ареформақәа шырзыԥшу.

Атәыла ахадара. - Sputnik Аҧсны
Ареферендум амҩаԥгаразы алшарақәа зегьы ыҟан

"Ҳара уаанӡа ҳнапы злакыз аиҭакрақәа ҳшырҿыц ҳарҿуп. Аха исаҳақәо рыла уи зегьы ирҭахӡам. Сара сгәаанагарала азакәанқәа рыҩра адагьы урҭ ирықәныҟәалатәуп, ирыдгылалатәуп. Аха абри аган ала ҳара даара ҳаԥсыҽуп",- иҳәеит Ахада.

Рауль Ҳаџьымба иҳәеит иара убасгьы атәыла Ахадеи Апарламенти рыбжьара азинмчрақәа реихшаразы азакәангьы аус адулара ишаҿу.

Рауль Ҳаџьымба инаҵшьны далацәажәеит Апарламент ареформа азура зегьы шақәшаҳаҭым, зегьы ишыргәамԥхо, дара адепутатцәагьы налаҵаны. Уи иара игәаанагарала мзызны иамоу џьоукы-џьоукы рзы амажоритартә система еиҳа иманшәаланы иахьыҟоу ауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0