АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Апрокуратура хада аусҭҵааратә ҟәша Галтәи араионтә ӡбарҭахь инанашьҭит Гал араион уаанӡатәи Ахада Беслан Аршба иганахьала ашьаус. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада аофициалтә саит.
Беслан Аршба хараны идырҵоит 2007 шықәса инаркны 2014 шықәсанӡа Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа роуразы адокументқәа здызкылоз акомиссиа аԥиҵеит напхгарагьы аиҭон ҳәа. Абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны Гал араион инхо Қырҭтәыла атәылауаа ирыҭан 14 988 тәылауаҩшәҟәы.
"Иарбоу аӡбрақәа еиларгоит "Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩразы" Азакәан ахәҭаҷ 6, атәымтәылауаа Аԥсны атәылауаҩра роура азин ҟанамҵо. Арахь иаҵанакӡом Урыстәыла атәылауаа", ҳәа аҳәоит Апрокуратура хада аашьҭымҭаҟны.
Беслан Аршба иқәырҵар алшоит 30 000 мааҭ инаркны 150 000 мааҭ рҟынӡа ахараԥса мамзаргьы ахақәиҭра иалхәыдатәра 3 шықәса инаркны 7 шықәса рҟынӡа.
Ашьаус 150 том рыла ишьақәгылоуп (37 500 даҟьа).
Аԥсны Апрокуратура хада аусҭҵааратә ҟәшаҟны иара убасгьы ахыркәшарахь инеихьеит Тҟәарчал араион уаанӡатәи Ахада Ҭимур Гогәуа иганахьала ашьаусгьы.