Софи Роиал: Аԥсныҟа сгәаҳәаны сааит

© Sputnik Асда Квициния Ажурналист, авеб-саит Discover Abkhazia аԥҵаҩы Софи Роиал.
Ажурналист, авеб-саит Discover Abkhazia аԥҵаҩы Софи Роиал. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Британиатәи Ауниверситет Абериствайт астудентка, ажурналист, авеб-саит Discover Abkhazia аԥҵаҩы Софи Роиал иҭлыжьит ашәҟәы "Абхазия – гид путешественника и разговорник".

Британиатәи Ауниверситет Абериствайт астудентка, ажурналист, авеб-саит Discover Abkhazia аԥҵаҩы Софи Роиал лассы-лассы Аԥсны иазку аматериалқәа лкьыԥхьуеит. Sputnik Аԥсны Анжелика Бениаԥҳа аинтервиу лыҭо Роиал далацәажәеит иҭлыжьыз лышәҟәы "Абхазия – гид путешественника и разговорник".

– Аԥсны шәыҟоижьҭеи кыр ҵуама? Раԥхьаӡа акәны арахь шәанбааи?

– Сара сзы Кавказ акыр иинтересуп. Раԥхьаӡа акәны арахь сааит ҵыԥх. Уажәы мызк ҵуеит ара сыҟоижьҭеи. Сгәы иҭоуп цәыббрамзазы сеиҭахынҳәырц.

– Кавкази шәареи, хаҭала Аԥсни шәеибадырра шԥаҟалеи?

– Сара аҩызцәа рацәаҩны исымоуп Қырҭтәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла. Галтәи сдырҩык лоуп Аԥсны сзырдырыз.

– Уаанӡа Аԥсны аӡбахә акәын ишәаҳахьаз. Нас ижәбеит. Ижәбази ишәаҳази еиԥшума?

– Ҳәарада. Иаҳҳәап Қырҭтәылатәи аинформациа ала ара сырӷьычыр акәын, аӡы, афымцалашара уҳәа акгьы ыҟамзар акәын. Аԥсныҟа аара иацәзыршәо апропоганда аус ауеит.

– Шәара шәымшәаӡеи?

– Дасу игәы ишиҵанаҳәо дныҟәар ауп. Сара гәаҳәарыла сааит Аԥсныҟа.

– Шәара Аԥсны иазку ашәҟәы авторс шәыҟоуп. Заҟаамҭа аус адыжәулози?

– Шықәсык. Аԥсны иазкны англыз бызшәалал аинформациа даара имаҷуп, аха сара аҭыԥантәи ауаа рыцхыраарала исылшеит ареспублика иныҭкааны аилкаара.

Ашәҟәаҟны сара еизызгеит атәымуаҩ идырырц иҭахуп ҳәа сгәы иззаанагоз: акультура, аҭоурых. Идуум ажәар. Иааидкыланы 155 даҟьа ыҟоуп. Ашәҟәы рыларҵәоуп Франциа, Испаниа, Англиа, Америка, Канада уҳәа атәылақәа рҟны.

– Иара убарц абалшои?

– Уажәазы зегь ҭииуп, аха лассы сҭаацәа аараны иҟоуп. Сгәыӷуеит урҭ екземплиарқәак ааргап ҳәа. Дара раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иаауеит.

– Шәгәы ишԥаанаго, Британиа Ду иаҭаххарушь Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара?

– Сгәы иаанагоит уи аҩызагьы алыршара ауеит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0