Џьапуа: иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ареспубликаҟны ҳмаҵзура еиԥҟьарада аус ауларц

© Sputnik Роберт ДжопуаАҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьапуа.
Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьапуа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзураҟны имҩаԥысит аҳасабырбатә еизара. Иараҟны 2016 шықәса актәи азыбжазы аусура аихшьаалақәа ҟаҵан.

Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьапуа ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит фымз рыҩныҵҟа имҩаԥыргаз аусурақәа ртәы.

- Аԥсны аветеринарцәа русураҟны абарҭ афымз рзы еиҳа ихаданы иалышәкаауазеи?

– Ҳара абруцеллез аҭҵаара мҩаԥаагон. Абри зегь раасҭа ихадан. СССР анхыбгала ашьҭахь ари атема рхашҭшәа иҟан, избанзар аҭҵаарақәа рымҩаԥгара залшомызт. Ахш ҳара еснагь иҭаҳҵаауеит, аха арии аинфекциа аарԥшразы ашьоуп иҭҵаатәу. Ареспублика араионқәа зегьы рыҟны ахш змыҵуаз арахә ршьа аагон, нас алабораториаҿы иҭаҳҵаауан.

- Заҟа хы арахә ргәаҭара шәылшазеи?

— Иааидыланы 603. Аҭҵаарақәа мҩаԥган ареспубликатә ветеринартә лабораториаҟны. Анцәа иџьшьаны анализқәа зегьы бзиан.

- Аԥсны аҭаԥ аиоухьазма ари аҩыза ачымазара?

— Асовет аамҭақәа раан, ааи. Усҟан афермақәа рацәан. Арахәгьы рацәан. Усеиԥш ачымазарақәа уԥылон.

Вакцинация. - Sputnik Аҧсны
Џьапуа: есышықәсатәи арахә ргәырлаҵара хацыркхоит хәажәкырамзазы

Бруцеллез — микробтә чмазароуп. Аимҳәа ду аасҭагьы ахәышәтәра уадаҩуп. Проблеманы иҟоу цқьа ашра змоуз ахш аҟынтәи ауаҩ иахь ииасыр алшоит ачымазара. Аџьырмыкьаҟны ма адәқьанқәа рҟны ахш, ашә уҳәа зҭиуа инагӡаны ирзеилкаауам раалыҵ ашәарҭара алазар шалшо.

- Аветеринартә маҵзура ахшлых хылаԥшра ҳәа акрарҭома?

— Раионцыԥхьаӡа аветеринартә хылаԥшра мҩаԥыргоит.

- Аветеринартә маҵзура аҿаԥхьа иарбан актуалтә зҵаараны иқәгылоу иахьазы?

— Иактуалтәу зҵаараны иаанханы иҟоуп аԥстәқәа рааԥкра. Ашықәс актәи азыбжазы ареспублика зегьы аҟны 1991 ла, 1478 ԥстәы, 277 цгәы, 44 ԥсаса авакцина рзыҟаҵоуп. Алақәа еиҳа ааԥкра ачымазара рыхьуеит ҳәа иԥхьаӡоуп, убри азы урҭ еиҳа гәцаракра раҳҭоит.

- Арахә рааԥкра ахҭысқәа ҟалахьоума?

— Алабараториатә ҭҵаарақәа инарықәыршәаны ажәқәа ҩбеи, лаки, цгәыки ааԥкны иҟан.

- Арахә зтәу агәазыҳәара руама авакцина аҟаҵаразы?

— Ааи. Урҭ ибзианы еилыркаауеит ааԥкра шшәарҭа дуу. Ҳәарад иуԥылоит хьаас измам. Аԥсны аус ауеит аветеринариазы азакәан, уа иануп алақәеи ацыгәқәеи ааԥкра иацәызыхьчо авакцина аԥшәма иеиҿикаар шакәу. Иҟоуп арыцҳара ҟалаанӡа уи иазхьамԥшуагьы.

- Ишеилыскааз ала аветеринартә маҵзура аҿаԥхьа ишьҭоу аус рацәоуп. Аусбарҭа аусура аиӷьтәразы иԥсахтәузеи?

— Ҳԥаразоужьра маҷуп. Имаҷуп акадырқәа, азанааҭуаа. Илаҟәуп алабораториатә еиқәыршәарақәа, амыругақәа. Ус шакәугьы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ареспубликаҟны ҳмаҵзура еиԥҟьарада аус ауларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0