Sputnik акорреспондент Бадри Есиава длыҿцәажәеит Аҟәа ақалақь Ахадара акоммуналтә Усбарҭа аиҳабы Елена Атепина иҿыцны иргылоу арыцқьагатә хархәагақәа русушьази ақалақь егьырҭ апроблемақәа рзи.
- Шәгәаанагарала арыцқьагатә хархәага аусура анхацнарк ашьҭахь амшын абанӡацқьахеи?
— Ақалақь азы ихымԥадатәины иҟан арыцқьагатә хархәага аргылара. Акызаҵәык, иара ақалақь зегьы арыцқьара иазхо иҟам. Иахьазы ари ҳапроблемақәа ируакны иҟоуп.
- Аҳҭнықалақь иарбан хәҭоу иара зымаҵ аура алшо?
— Турбазеи Синопи рраионқәа аалхны Ацҳа ҟаԥшь аҟынӡа арыцқьартә хархәагақәа амч амоуп. Ҳара атәыла Ахада ихьӡала ашәҟәы ааҩхьеит Агәӡера аҳаблаҟны иҟаз арыцқьагатә хархәара аиҭашьақәыргылара нап аркхарц.
- Иуҳәар ауама арыцқьагатә хархәагақәа имҩаԥыргараны иҟоу аус нарыгӡоит ҳәа?
— Апроблемақәа ҳазцәырызго ахатәы ҩнқәа змоу ауааԥсыра роуп. Урҭ аканализациақәа аӡырҩаштә каналқәа ирыдырҳәалоит. Уи амшын аекологиазы иԥырхагоуп. Ус аҟаҵара ҟалом. Ҳақалақьуаа аргылара ианалаго акомпетенттә маҵзурақәа рпроектқәа ирықәыршаҳаҭны аргылара ишалагаша рдыруазароуп.
- Уажәы ԥхынроуп. Аҽыкәабара иаамҭоуп. Амшын ацырӡәӡәаахақәа аналало ауаа ргәабзиара иаԥырхагами?
— Ҳәарада. Аԥхынтәи асезон алагамҭаз иалкаалатәуп аҽыкәабара ахьыҟало аҭыԥқәа. Иахьазы анализқәа ишырҳәо ала амшынӡы реиҳа ицқьоуп ҳәа ишьақәыргылоуп Алашарбага араион инаркны Гәымсҭанӡа.
- Аҳҭнықалақь акоммуналтә маҵзурақәа иааиуа аӡынразы проблемақәаны ирбозеи ииасыз ашықәс иаҳнаҭаз аԥышәеи аӡхыҵрақәеи азыԥхьагәаҭаны акоммуналтә маҵзурақәа иҟарҵарц ирылшои?
— Ҳәарада ҳара иазыԥхьагәаҳҭалараоуп аҭыԥантәи аҳауа аҷыдарақәа, асубтропикатә ҟазшьа ирымоу, ақәоурақәа иара убасгьы ҳаззыҟаҵамыз аслеира. Акоммуналтә маҵзурақәа атехника рымамзаара инадҳәаланы ҵыԥх ацхыраара ҳарҭон егьырҭ аиҿкаарақәеи аусҳәарҭақәеи. Уажәы атәыла анапхгарахь ажәадгала ҟаҳҵоит иаҳҭахны иҟоу атехника аахәараҿы иҳацхраарц.
- Акоммуналтә маҵзурақәа рзы атуристтә сезон шԥамҩаԥысуеи? Шәҽышԥазыҟашәҵоз асезон? Аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи иманшәаланы раамҭа рхыгаразы шәзыхьӡазеи шәызхьымӡазеи?
— Анхамҩа-коммуналтә маҵзура ихадоу усхкны иҟоуп ауаа иманшәаланы рыԥсшьара аиҿкаараа. Аԥыжәара аҳҭоит ӡыла аиқәыршәареи аканализациақәа русуреи. Ақалақьуааи асасцәеи ирбарҭоуп ана-ара ақалақь иалоу аӡқәа. Уи мзызны иазыҟоу атрубақәа ражәра ауп. Урҭ кырџьара икылыхха иҟоуп, аӡы рыцәцоит. Аӡыржәтә еиԥымҟьарада ауааԥсыра рзынашьҭразы ирацәоуп иаҳаԥсахыз. Иаҳҳәап Арӡынба имҩаду аҟны Агәмаа имҩеи Воронов имҩеи иахьрыбжьаркуаз аӡымҩангага ҳаԥсахит. Ирацәоуп иҟаҵатәны ҳаԥхьа ишьҭоу. Иҟоуп афакторқәа ҳара иаҳхарамгьы. Иаҳҳәап афымцалашара аиԥҟьараан иарбанызаалак акгьы аус ҳзаруӡом. Ақалақь анхамҩаҟны еидҳәалақәо рацәоуп.