Кобахьиа: аҭоурых-культуратә обиектқәа ирхылаԥшлатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынхеи рминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа.
Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынхеи рминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспублика мрагыларатәи ахәҭаҟны имҩаԥысит аҭоурых-культуратә ҭынхақәа ринвентаризациа актәи аетап.

Ааигәа Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхареи рминистрра имҩаԥнагеит ареспублика мрагыларатәи ахәҭаҟны аҭоурых-культуратә ҭынхақәа ринвентаризациа актәи аетап. Имҩаԥгаз аус даҳзалацәажәеит аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа. Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Роберт Џьапуа.

- Баҭал Самсон-иԥа, имҩаԥгоу аусура шәаҳзалацәажәар ҳҭахын. Ҵакны иамааз?

— Аинвентаризациа ашықәс зегьы амҩаԥгара ҳаҿын. Ари хықәкылатәи ҳәынҭқарратә программоуп, хышықәса ҿҳәараны иамоуп. Актәи аетап иазыԥхьагәанаҭоит аинвентаризациа. Иашала иара хԥа-ԥшьба шықәса рахь знык имҩаԥгалатәуп. Ҳара 1500 рҟынӡа обиект ҳамоуп. Урҭ реиҳарак археологиатә обиектқәоуп. Урҭ уажәазы аинвентаризациа иаҳзаҵамыркит, ашьхатә раионқәа рҟны иҟоуп азы. Хәымштәи ҳусурала 50 рҟынӡа обиект роуп иҳазгәаҭаз.

- 1500 обиект?

— Ааи. Аԥсны 1500 обиект иаку аҳәынҭқарратә сиаҿы иарбоуп. Аҟәа ақалақь аҟны 295 обиект аинвентаризациа иахаагахьеит. Аусура аамҭа рацәаны иагоит. Аекспедициаҿы исыцуп архитекторцәа, ареставраторцәа, аландшафттә архитектор, археолог, аҭоурыхдырыҩ.

- Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟны шәызхәаԥшыз аобиектқәа рҟынтәи иалышәкаарц ишәылшои? Реиҳа ахәшьара зманы иҟои?

Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынхақәа рыхьчареи рминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа. - Sputnik Аҧсны
Кобахьиа: Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынхақәа хьчалатәуп

— Ус иалкаан аҳәара уадаҩуп. Асиа иану аобиектқәа зегьы сара сзы аҵак ду рымоуп. Ҳәарада Илыртәи ауахәама, Мықәтәи ауахәама, Кьылашәыртәи аҭӡахыжәжәарақәа аҭоурыхтә хәшьара ду рымоуп. Аха еиҭасҳәоит, акы алкаара уадаҩуп.

- Ааигәа иҟан аинформациа "ажцәа еиқәаҵәақәа" ҳәа изышьҭоу ааныркылеит ҳәа. Абри аус аҟны иҟаҵои?

— Ауаа аҭел иаҳзасит. Амашьына аномер ҳарҳәеит. Ҳара иаразнакы азинхьчаратә органқәа рахь адырра ҟаҳҵеит. Урҭ иаарласны иааныркылеит. Ҳара ҳҟны археологиатә жрақәа рзин рымоуп археологцәа мацара, Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҟынтәи иаарту ашәҟәыбӷьыц змоу. Акультура аминистррагьы уи абӷьыц анапы аҵанаҩуеит. Иарбанызаалак егьырҭ аусурақәа зинеилагароуп.

- "Аҟәатәи абааш" аԥхьаҟатәи алахьынҵа шԥаҟалои?

— Аҟәатәи абааш ҭоурых-архитектуратә ҳәырԥсарроуп. Иара Аԥсны раԥхьатәи ҳәырԥсарроуп. Ишьаҭаркын 1989 шықәса рзы. Сара раԥхьатәи директорын. Иахьа директорс дыҟоуп ҳҵарауаҩ Шалуа Денис-иԥа Инал-иԥа имоҭа Аинар Инал-иԥа. Аԥеиԥш акәзар абасоуп ишазыԥхьагәаҭоу: актәи – аҭҵаара. Уаҟа ирацәаны ажрақәа мҩаԥгатәуп, нас – ареставрациа иазырхиатәуп, ашьҭахь – туристтә обиектк аҳасабала еиҿкаатәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0