Ҳкорреспондент Бадри Есиава длыҿцәажәеит ақалақь Аҟәа Ахадара акоммуналтә Усбарҭа аиҳабы Елена Атепина.
- Елена Петр-иԥҳа, Аԥсны ипроблеманы иҟоуп агәамсам акажьырҭақәа. Аҳҭнықалақь акоммуналтә маҵзурақәа аԥхынтә сезон аан абри апроблема шԥарыӡбои?
— Сара сгәаанагарала ақалақь еиҳа ицқьахеит. Есыҽны, хаҭала сара ақалақь араионқәа зегьы сырхысны избоит. Аилагарақәа ыҟазар ишалшо ала иаԥыраҳхуеит.
- Сара ииашан еилыскаазар, дарбанызаалак ақалақьуаҩ азин имоуп адырра шәиҭарц агәамсам кажьуп ҳәа, шәаргьы уахь уи арыцқьаразы абригада нашәышьҭуеит?
— Ааи. Мамзаргьы акт еиҿкааны, афотосахьа ҭыхны аҩнтәы усбарҭақәа рахь иҳашьҭуеит. Иазгәасҭар сҭахуп аҩнусбарҭа №2 аҟны асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьа акыр ццакрыла аҭыԥ ишықәырҵо. Иҳәатәуп агәамсамқәа ркажьырҭақәа раԥыхразгьы аԥаразоужьра аҭахуп. Ҳәарада иаҭаху ишаҭаху аҟаҵара уадаҩуп. Уи адагьы агәамсам ақәгаразы ауааԥсыра ашәара аҟаҵара даарак иахыццакуам. 30% рҟынӡоуп иахәҭоу ахьыршәо.
- Елена Петр-иԥҳа, агәамсам полигонқәа рызҵаара аӡбразы апроектқәа аус рыдырулома? Ҳаԥхьаҟазы иҟалар алшома агәамсам аусеиҭадуларатә комбинат?
— Ҳаиҳабырагьы абри апроблема акыр азхьаԥшра арҭоит. Сара ақалақь ауп снапы иану, аха агәамсам апроблема ареспублика ахьынӡанаӡааӡо иҵарны иқәгылоуп.
- Иахьазы зҵаараны иқәгыло агәамсам ақәгара адагьы уи атәыла афеида анаҭо аҟаҵароуп ишыздыруала.
— Адунеи зегь аҟны агәамсам аҩбатәи аӡа ҳәа иршьоит. Зехьынџьара иара еихыршоит. Ҳара ҳҟны макьаназы ари аҩыза апрограмма ыҟам, аха сгәы иаанагоит лассы ихацыркхап ҳәа. Адунеи ауаажәларра аполиетелен иалху апакетқәа мап рыцәкны ақьаад иалху рахь ииасхьеит. Иаҳԥырхагада ҳаргьы асеиԥш аҟаҵара?
- Шәара шәгәаанагарала иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара аганахьала ахымҩаԥгашьа акультура ухәыҷаахыс алааӡара аҭахума?
— Ҳәарада. Ахәыҷқәа ирбо ауп иҟарҵо. Абри аганахьала Аҟәатәи аҿар рыҩны апрограммақәа еиҿнакаауеит, ҳаргьы анаԥхьара ҳарҭалоит. Сгәы иаанагоит абри аус бзиа инарҭбааны ахархәара аҭалатәуп ҳәа.
- Елена Петр-иԥҳа, акоммуналтә маҵзурахьы лассы-лассы ақалақьуаа ыдҵаалоит. Еиҳа игәыҵханы ирымоузеи ишәыднагало ауаа?
— Аӡқәа рцара, аканализациа, аҵлақәа рыуашәшәырара. Ақалақь зырԥшӡоз апальмақәа ракәзар иахьа ичмазаҩуп. Урҭ ахылаԥшра, ахәышәтәра рҭахуп.
- Шәара ишышәҳәо ала 5-10 шықәса рышьҭахь ҳаиаҵәара ҳцәыӡыр алшоит?
— Ус иҟамларцаз ҵлак ԥҟаны ма иҵхны аҽа ҩ-ҵлак еиҭаҳҳалароуп.