ГАГРА, нанҳәа 25 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагратәи аҟазаратә школ аҟны имҩаԥысуаз акапиталтә-ремонттә усурақәа хырқәшахеит. Иахьа, Гагратәи абжьаратә школ №1 арҵаҩратә еилазаареи ахәыҷқәеи рҭаацәеи рымчала нап аркхеит аҩнымаҭәеи аҵаратә процесс иамадоу амаҭәахәқәеи аҟазаратә школ ахь аиагара.
"Аинвестпрограмма инақәыршәаны ҩышықәса ирылагӡаны, Гагратәи абжьаратә школ №1 ахыбра ԥырганы иргылахоит аҿыц. Уаанӡа аԥсуа школ ахәыҷқәа рҵаратә процесс мҩаԥыслоит аҟазаратә ҵараиурҭа ахыбраҟны. Иахьа ишыжәбо еиԥш, аԥсуа школ аҩнымаҭәеи аҵаратә процесс иамадоу амаҭәахәқәеи рдәылгара нап аркуп. Уи аҿы ацхыраара ҟарҵоит арҵаҩцәеи, аҵаҩцәеи, аҭаацәеи. Аҭагылазаашьа схы иархәаны, дара зегьы аџьшьара рысҭоит", — иҳәеит Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар.
Иара убас Беслан Дбар иазгәеиҭеит, изныкымкәа ақалақь аҟны ацәажәарақәа шиаҳахьоу, Гагратәи ашколқәа рҟны аҵаратә процесс иарбоу арыцхә акәымкәа иҵегь ԥхьаҟа ииагахоит ҳәа. Уи шҵаҵӷәыдоу наҳәаны, агәрагара ааирԥшит, еилкаам ацәажәарақәа ҩаԥхьа иаанкылазарц.
Ари амчыбжь иалагӡаны, аҩнымаҭәа шьаҭанкыла идәылгахоит. Аҟазаратә школ ауадақәа мазеихоит, аҵаратә процесс амҩаԥгаразы.
Цәыббра акы – аҵарадырра амш аҽны, аԥсуа хәыҷқәа бзиала шәаабеит ҳәа рарҳәоит абри ашҭаҟны.
Аҟазаратә школ аҟны акапиталтә-ремонттә усурақәа мҩаԥган, Гагра араион Ахадара иҟарҵаз ацхыраара иабзоураны.