Витали Габниа Ареспублика Арцах даҭааит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрцахтәи ареспублика.
Арцахтәи ареспублика. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа ихы рылаирхәуеит Арцахтәи ареспублика ашьаҭаркра амш иазкны имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа.

АҞӘА, нанҳәа 31 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа зхадараҟны дыҟоу Аԥснытәи аделегациа Ареспублика Арцах иаҭааит аныҳәатә уснагӡатәқәа рыҽрыладырхәырц. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

"Аԥсуа делегациа рхы аладырхәуеит Степанакерт Аиҭарҿиара ашҭаҟны имҩаԥысраны иҟоу аныҳәатә ныҟәара, Степанакерттәи амемориалтә комплекс аҟны ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара уҳәа реиԥш иҟоу егьырҭ ауснагӡатәқәагьы", ҳәа арбоуп адырраҭараҟны.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысраны иҟоуп аусутә еиԥыларақәагьы.

Аԥснытәи аделегациа иалахәуп иара убасгьы Апарламент адепутат Вагаршак Косиан, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Кан Ҭаниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0