535-ҩык ахәыҷқәа раԥхьаӡакәны ршьаҿа еихыргеит Гагратәи ашколқәа рахь

© Sputnik / Саида Жьиԥҳа535-ҩык ахәыҷқәа раԥхьаӡакәны ршьаҿа еихыргеит Гагратәи ашколқәа рахь
535-ҩык ахәыҷқәа раԥхьаӡакәны ршьаҿа еихыргеит Гагратәи ашколқәа рахь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
535-ҩык Гагра араион ахәыҷқәа, раԥхьаӡакәны аҵарадырра амҩа ианылеит.

ГАГРА, цәыббра 1 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Иахьа, аҵарадырра амш ныҳәа аҽны, Гагра араион 18 школ рахь инеит 4 500-ҩык аҵаҩцәа, урҭ рахьтә 535-ҩык раԥхьаӡакәны ашколқәа рахь зшьаҿа еихызгаз роуп.

Ашколқәа зегьы, даҽа ҽнак еиԥшымкәа аныҳәа ианаало ирхиан. Сынтәатәи аҵара шықәс ҿыц, Гагратәи аԥсуа школ аҵаҩцәа рзы акраҵанакуеит.

Ишдыру еиԥш, аинвестпрограмма инақәыршәаны Гагратәи аԥсуа школ ԥырганы, ҩышықәса ирылагӡаны аҿыц ргылахоит.

Гагратәи аԥсуа школ аҟазаратә ҵараиурҭахь аиасра иалагеит - Sputnik Аҧсны
Гагратәи аԥсуа школ аҟазаратә ҵараиурҭахь аиасра иалагеит

Убри аҟынтә, дара иахьа агәашәқәа рзаанартит, ҩышықәса инарзынаԥшуа рҵаратә процесс ахьымҩаԥысло Гагратәи аҟазаратә школ.

Шьыжьнаҵы ари ашкол ашҭа иқәыҩуан илахҿыхаз аԥсуа ашәақәа, анаҩс уи хадырҭәааит, схазҿы зхаччоз, зырҵаҩцәа рзы ашәҭ шьыҵәрақәа зманы иааз 400-ҩык ахәыҷқәа.

Иазгәаҭатәуп, сынтәа Гагратәи аԥсуа школ аҟны ишаарту актәи аклассқәа хԥа. Раԥхьаӡакәны, арахь ршьаҿа еихыргеит 54-ҩык ахәыҷқәа.

Гагратәи абжьаратә школ №1, адиректори арҵаҩратә еилазаареи аҵаҩцәеи аҭаацәеи, аҵарадырра амш рыдырныҳәаларц имҩахыҵит, Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба, аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар, апоетесса Белла Барцыцԥҳа, иара убас асас иаҳасабала иааз Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Рауф Цымцба.

Аԥсуа школ адиректор Хана Гәынԥҳа, еизаз ирыдылныҳәалеит аҵара шықәс ҿыц.

"Бзиала шәаабеит, аԥсуа школ ашҭа иҭалаз зегьы. Раԥхьа иргыланы, иҭабуп ҳәа шәасҳәоит, аԥсуа хәыҷқәа абри ахыбраҿы аҵара рҵаратәы иҟазҵаз Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба, иара убас, ари ашкол ахь ҳаиасра иазааԥсаз арҵаҩцәеи аҭаацәеи. Ахәыҷқәа зегьы аҵарамш шәҵааит. Аԥсны ахьӡ ҭызго ҵеицәаны шәазгылааит", — лҳәеит ашкол адиректор.

Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба ихәҭакахьалагьы, ашкол адиректори арҵаҩцәеи ахәыҷқәеи рҭаацәеи дрыдныҳәало, ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәеи аманшәалареи.

Агәрагьы диргеит, ҩышықәса рышьҭахь ҿыц идыргыло аԥсуа школ ахь ишнарыԥхьо.

Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар араион Ахадара аџьшьара риҭеит, мызки бжаки ирылагӡаны аҟазаратә школ акапиталтә-ремонт азуны, аԥсуа школ ахәыҷқәа аднакылартә еиԥш иахьыҟарҵаз.

"Аԥсуа школи ҳхатәы бызшәеи реиқәырхара иазааԥсо зегьы даараӡа иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Аԥсуа ибжьы ахьҭыҩуа ашколқәа рацәахааит", — ҳәа ациҵеит Беслан Дбар.

Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ, аамҭала ахәбатәи аномер акәын иахыз, уи аргылареи аартреи ахәыҷқәа радыԥхьалареи аџьабаа ду ацын.

Бзыԥҭатәи абжьаратә аԥсуа школ №1 - Sputnik Аҧсны
Сынтәа актәи аклассқәа хԥа аатуеит Бзыԥҭатәи аԥсуа школ аҟны

"Аԥсуа школ аҟны, актәи аклассқәа хԥа аатит ҳәа ахьсаҳаз даараӡа сгәы азнарҳаит. Сара ибзианы исгәалашәоит, Гагра ақалақь, раԥхьаӡакәна аԥсуа школ анааҳарт, аклассқәа нагӡаны ишҳамамыз. Зынгьы, аҭаацәа актәи акласс ахь рхәыҷқәа аарымгаӡеит. Убри аҟнытә, сҽазысшәазгьы ҟалеит акласс аркра. Аха апатриотцәа гәыԥҩык иҳалҳаршеит, ҳауа-ҳҭынха, ҳгәылацәа, актәи акласс ахь ицараны иҟаз ахшара змаз, Гагра ақалақь аҟны ишнымхозгьы, рыгәшәы ҳәаны радыԥхьалара. Убас мацара еиқәырхо ҳаауан аклассқәа", — ҳәа илгәалалыршәеит апоетесса Белла Барцыцԥҳа.

Аԥсуа школ аҭаацәаратә еилазаара ахантәаҩы Асҭанда Чагәааԥҳа, анацәеи абацәеи рыхьӡала, иҭабуп ҳәа ралҳәеит, рыхшара, абри ашкол аҟны рҵаратә процесс мҩаԥысратәы алшара рызҭаз зегьы.

Аныҳәа аофициалтә хәҭа ашьҭахь, ашықәс иалагӡаны, аҵараҿы зҽалзкааз ахәыҷқәа рнапаҿы ирыҭан арҽхәабӷьыцқәа. Аҵарадырра амш ныҳәа иазкны, ашкол аҵаҩцәа инарыгӡеит ашәақәеи акәашарақәеи.

Анаҩс игеит, зегьы ргәы хыҭ-хыҭуа иззыԥшыз раԥхьатәи аҵәҵәабжьы. Ашколхәыҷқәа рырҵаҩцәа рыцны ирыҩналеит рыкласс уадақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0