Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба: аҿартә политикаҟны ҳаихьӡарақәа аҳәынҭқарра азхаҵара иацхраауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Аҿартә политиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба.
Аԥсны Аҿартә политиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Оренбург ақалақь аҟны цәыббра 7 инаркны 11-нӡа имҩаԥысуан актәи жәларбжьаратәи аҿартә рҵаратә форум "Евразия", уи хаҭала далахәын Аԥсны Аҿартә политиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба.

Оренбург ақалақь аҟны имҩаԥысуаз аҵаратә форум "Евразия" иалахәын Аԥсны адипломатцәа аҿарацәа рхаҭарнакцәа. Аԥснытәи аделегациа еиуеиԥшым аплошьадкақәа рыҟны аус руан.

"Хра злоу ахҭысқәа": аҵаратә форум шымҩаԥысзи, аԥсуа ҿар рзы иаҵанакуеи, ирнаҭо аиԥш зеиԥшу афорумқәа аҽалырхәра атәы дазааҭгылеит Аԥсны Аҿартә политиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба.

"Аԥснынтәи ицаз зегьы аҿар гәыԥ-гәыԥла еихшан. Излацәажәоз атемақәа рацәан, уи акульутра, аҵара, аҿартә политика. Ҳәара аҭахыума, афорум ахьынӡацоз ҳаибабон, алкаақәа ҟаҳҵон. Зегь реиҳа игәаларшәаганы иаанхаз сара сзы акакәны иҟоуп, афорум анхырқәшаха ашьҭахь, Оренбург ақалақь иреиӷьу апаркқәа руак аҟны афорум иалахәыз зегьы рыхьӡала аҵлақәа реиҭаҳара. Аԥсны ахьӡала ҳәа аҩыра нҵаны иадҳаргылеит еиҭаҳаз аҵла", — ҳәа иҳәеит Аҩӡба.

Аԥсны Аҿартә политиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба иҿцәажәара шәаԥхьар ҟолоит абра

Иара иажәақәа рыла аиԥш зеиԥшу афорум аҽалархәра аԥсуа ҿар ирнаҭеит алшара 2017 шықәсазы Шәача имҩаԥысраны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль ахалархәра.

Ажәабжьқәа зегьы
0