Музафер Ҷокәуа: исыԥгылаз уадаҩрақәак ыҟазаргьы, сыриааины сыԥсадгьыл аҿы сынхоит

© Foto / Сырма АшәԥҳаМузафер Ҷокәуа.
Музафер Ҷокәуа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, Ҭырқәтәылантәи иааны зыԥсадгьыл зыхьчоз аибашьцәа дыруаӡәкуп ҳџьынџьуаҩ Музафер Ҷокәуа. Иара дазааҭгылеит аибашьра аналага Аԥсны дшаази, анаҩс ара нхара ҳәа дшаангылази ртәы.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Музафери сареи ҳаицәажәара хацҳаркаанӡа, аибашьратә видеонҵамҭа аҟынтә иаазгоит иара ииҳәоз ажәақәа:

"Ҳара арахь ҳанаауаз иаҳдыруан аибашьра иацыз ауадаҩрақәа. Аибашьра еибашьроуп, аӡәы  дыԥсуеит, аӡәы даанхоит. Ҳара аԥсра ҳацәшәаӡом. Ҳаԥсыргьы џьанаҭ ҳашцо ҳдыруеит. Избанзар, ҳаԥсадгьыл ҳахьчоит". 

- Музафер, Аԥсны аибашьра анцоз аамҭазы иуҳәоз ажәақәа агәра ҳдыргоит, ииашаҵәҟьаны, аԥсра шәацәымшәакәа шәашьцәа бџьаршьҭыхла шәышрывагылаз, ргәы шышьҭышәхыз. Шәыԥсадгьыл лабҿаба зныкгьы ишәымбацызт, аха ишәгәаӷьит уи амца шыра ианалагылаз аамҭазы аара. Ишәылзыршеи ас еиԥш ахымҩаԥгара?

— Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага Ҭырқәтәыла сыҟан. Аибашьра ишалагаз ажәабжь телехәаԥшрала исаҳаит. Аухаҵәҟьа ҳаигәныҩит аҷкәынцәа. "ТОМИФ" ҳәа ансамбль Аԥснынтәи Ҭырқәтәыла инеины иҟан, Есқьишьеҳир ақалақь аҟны ауха аконцерт мҩаԥыргараны иҟан. Аконцерт ахь ацара ҳгәы иҭан уи ауха ҳаргьы, нанҳәа 14 рзы. Адернеқь аҿы ҳаизеит еибадыруаз аҩызцәа, уа ҳаилацәажәеит, иагьыҳаӡбеит ԥшрак ҳәа ҟамҵакәа Аԥсныҟа амҩа ҳақәларц. 

Али Кәыџба - Sputnik Аҧсны
Али Кәыџба: мышкымзар мышкы, сыԥсадгьыл ахь схынҳәуеит ҳәа сҳәон

- Ҭырқәтәылантәи агәыԥ иаланы иаақәаз шәрацәаҩызма?

— Аара зҭахқәаз даара ирацәаҩын, аха шәҟәыла-быӷьшәыла еиқәшәамызт. Ус иаарласны аиқәыршәарагьы мариамызт, жәамш-жәохәымш иадхалақәазгьы ыҟоуп. Нанҳәа 25 рзы Аԥсныҟа ҳааит, Гәдоуҭа ақалақь ахь. 

- Музафер, Аԥсныҟа шәаара аиҿкаара шԥалыршахеи? Иарбан уадаҩрақәоу иацыз арахь шәаара?

— Сара мышкала спаспорт ҟасҵеит. Избанзар, усҟан ҳара ҳақалақь иахылаԥшуаз д-Агырбан, даԥсыуан. Сҩызцәеи сареи иара иҿы ҳцарц ҳаӡбеит, иаҳҳәарц ҳҭаххеит зеиԥш ҭагылазаашьаз иҟаз. Аха, ус иаразнак иара иҟынӡа узнеиуамызт, унарышьҭуамызт. Иара иҿы аус зуаз ауаа сазҵаауа иалагеит "Уабацои, усс иумоузеи?", ҳәа. "Саншьа иоуп абааԥсқәа, иара иахь снашәмышьҭыр ада ԥсыхәа ыҟам", сҳәан аӷьаҵәыӷьаҵәра салагеит. Ус анысҳәа, иаразнак сышәқәа аадыртит, иаарласны иареи сареи ҳаибабртә аҭагылазаашьа ҟарҵеит. Аԥсшәагьы еиликаауазма егьсыздырамызт, аха аԥсышәала аԥсшәа иасҳәеит. "Бзиала уаабеит!", ҳәа даасхаҵгылан, "уаазцазеи, узыргәаҟуазеи", ҳәа днасазҵааит. Иасҳәеит, Аԥсны аибашьра ишалагаз, сгәы каршәны ара сышзымтәо, уахь сымцар ада ԥсыхәа шсымам, зыԥсадгьыл зыхьчо ҳашьцәа срывагыларц шысҭаху, аха шәҟәыла сеиҵаханы сшыҟоу. Даара акыр сҭиҵааит, нас инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит. Иҽанааиқәик, аҭел иҩызак иахь дасын адҵа ииҭеит спаспорт иаарласны идырхиаразы. Абасала, ҩажәа минуҭ рыла спаспорт архиара алыршахеит. Нас, акыр сааннакылозма, сҩызцәа срыцны сааит Аԥсныҟа. 

- Уҭаацәа иахырҳәааи ари ахҭыс?

Сонер Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Гогәуа: агазеҭ "Сабаҳ" адаҟьақәа рылоуп ҳҭаацәа Аԥсныҟа еибашьра ҳшааз злеилыркааз

— Апаспорт аныҟасҵоз арахь сызлаауаз аҭырқәа паспортгьы умазар акәын. Сан илҵәахызаап саҭырқәа паспорт. Сан дыхҭаскит иахьыҟоу салҳәарц, аха ҿылҭуамызт акыраамҭа. "Иазыууазеи, сыҷкәын уажәы апаспорт?", лҳәан дсазҵааит, лцәа акы аламшәацкәа дыҟамызт. Нас иласҳәеит Аԥсны аибашьра ишалагаз, амц дызжьеит уахь ацара макьана сгәы ишҭам, ус ԥарак-шьарак аизгаразы анахь-арахь ацарақәа ҳгәы ишҭоу. Саб иарзнак ус налаҭеикит: "Иҭ апаспорт. Иауазеи, Аԥсныҟа дымцакәа? Ари дымцар, егьи дымцар, уа уаԥсҵәык ауаа ыҟоуп, ирыԥсыхәоузеи? Дцароуп", иҳәеит саб. Нас иҟалҵоз сан, спаспорт ааҭыганы инаслыркит. Абас еиԥш иҟалеит хаҭала сара Аԥсныҟа саара. 

- Арахь шәаара шԥарыдыркылеи аҭыԥантәи ҳауаажәлар? 

— Арахь ҳанаа иаразнак еибашьра ҳдәықәрымҵаӡеит. Гәдоуҭа, "Черноморец" асасааирҭаҿы ҳаҟан. Агәызҳәа абомбақәа рышьҭыбжь ааҩуан. Жәамшҟа ус ҳаҟан, џьаргьы ҳаурыжьуамызт. Нас, ԥшьавтоматк ааҳхәеит, ааҩык ҳҽеидаҳкылан Ешыра ҳааит, Конҷубеи Аҩӡба игәыԥ аҿы ҳаҟан фымз-бжьымз раҟара. Нас, анахь арахь ицақәаз ыҟоуп. 

- Аибашьра иацуп еиуеиԥшым ахҭысқәа. Иаҳзеиҭауҳәарц сҭахуп аибашьра адәаҟынтәи уара ухаҿы еиҳа иаанхаз агәалашәарақәа. 

— Маҷк алаф зцу хҭыск шәзеиҭасҳәоит. Ешыра атанкқәа алалеит. Ҳаргьы ҳахьцоз ҳаздыруамызт, ааигәа иҟаз гаражк ҳҭалеит. Аиҿахысрақәа ирылагеит. Ҭырқәтәылантәи иааз Аҩӡба ҷкәынак дҳацын. Илымҳа ахы аахеит. Сара харантәыла саныԥшы, "Иухьзеи, урхәыма?", сҳәан сиазҵааит. Дааччан: "Ақырҭқәа алымҳареҩ ҳамҭас исырҭеит, умбои", иҳәеит. Убасгьы алафқәа анеибаҳҳәоз ыҟан… Ҳгәы каҳажьӡомызт. Ҳашԥамшәоз, нас ҳаргьы ҳуаами, аха ҳгәы ҳаршәаӡомызт, ҳаҽҳарӷәӷәон. Уи зыршаҳаҭуа авидеонҵамҭақәа маҷымкәа иҟоуп, шәшәаҳәо, шәкәашо, шәгәы камыжькәа ажәаларақәа рахь шәанцо атәы зҳәо…

Зны-зынла ԥсшьара Гәдоуҭаҟа ҳанцалоз ыҟан. Аибашьра аҟынтә иаауан ауаа карауараха, рҩызцәа рывыршьаауан, аамҭа бааԥс ҳҭагылан. Ҭырқәтәылантәи иааз аҟабардақәа, абазақәа, аԥсуаа ухәа зегьы ҳаицын. Акәашашьа ҳдыруан, акардионгьы ҳаман. Аԥсрагьы агәырӷьарагьы рышьхәа еивҵоуп. Уахык, акырӡа ишаҳцәыуадаҩызгьы иаҳгәаӷьит акәашара. Ҳашьҭыбжь заҳаз зегьы еизеит, амца еиқәҵаны ҳшыкәашоз иааҳаршеит. Убас ҳгәы еиқәаҳҳәалон, ҳгәы шьҭаҳхуан.

- Ҭырқәтәылаҟа шәыхабарқәа шԥараҳауаз?

— Аибашьра еилгаанӡа ҭелкгьы ҳзыҟамҵеит. Акызаҵәык арадио иазыӡырҩуан, еиҳарак уантә акәын ажәабжьқәа шраҳауаз. Ус зныкгьы сҭаацәеи сареи ҳзымеицәажәеит. 

Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа аиҳабы Аҳмеҭ Ҳаԥаҭ. - Sputnik Аҧсны
Аҳмеҭ Ҳаԥаҭ: ҳлеишәа, ҳқьабз, ҳҵас, рыззегьы зыхьчо ҳаԥсадгьыл ауп

- Уара, ишырҳәо еиԥш, аԥсышәа цқьала уцәажәоит. Арахь уанаауазгьы иудыруан. Ишԥаҟалеи убызшәа аиқәырхара, шәҭаацәараҿы аԥсышәала шәцәажәоума?

— Сара, Ҵабалаа рхылҵшьҭра ахьынхо аҭыԥ аҿы сынхон Ҭырқәтәыла. Убра жәақыҭак раҟара ыҟоуп иҭацәхьоугьы налаҵан. Убра еиланхо рызегьы ҳара-ҳара ҳаизыҟоуп. Сан Бганԥҳауп. Ҳазегьы ҳаибадыруеит, ҳаиҭынхацәоуп, тәым дҳалаӡам, убасалагьы ҳаԥсшәагьы еиқәҳархеит. Сара Билеџьық сынхоит. Аԥсшәа мацара акәын схәыҷы аахыс исаҳауаз, хымԥада иагьысҵеит, сазгәыдуунгьы салацәажәоит.

- Шәара убас еиԥш ишәразҟхеит, аибашьра ашьҭахь шәыԥсадгьыл аҿы шәынхартә-шәынҵыртә еиԥш. Аҭааацәара аԥышәҵеит, шәыхшара ирызҳауеит. Шәҩызцәа рахьтә иҟоуп, Ҭырқәтәылаҟа ихынҳәқәаз. Абриаҟара рыхганы, рыдгьыл азы ашьа каҭәаны ицақәаз. Изыхҟьеи?

— Доусы рхәыцрақәа еиԥшым. Иҟоуп уажәы, Ҭырқәтәыла инымхакәа аҳәаанырцәҟа ицақәазгьы. Шьоукы аекономикатә уадаҩра рзышьҭымхит. Иҟоуп Аԥсны аӷьараҳәа инхо сҩызцәагьы. Аамҭақәа рҽырыԥсахит. Сара исыԥгылаз уадаҩрақәак ыҟазаргьы, сыриааины сыԥсадгьыл аҿы сынхоит, уи хымԥада сазгәыдууп! 

- Аҭоурыхтә ԥсадгьыл аҵакы шәара шәзы? 

— Аибашьра аԥхьа сара сашьа даахьан Аԥсныҟа. Жәохәымш Аԥсны дыҟан. Ҭырқәтәылаҟа дхынҳәны днеиаанӡа ҳаизыԥшын "иҳаиҳәарызеишь", ҳәа. Избанзар, ҳаԥсадгьыл аӡбахә ҽеила иҳаздырӡомызт. Ԥшькасетак 12 сааҭ ицоз рыманы иаҳзааит. Ақыҭақәа зегьы еизаны убри иахәаԥшуан. Убас иҿыхеит сыԥсадгьыл абзиабара. 

- Аԥсны Аиааира агеит ҳәа шԥашәаҳаи, шәабаҟаз усҟан?

— Убри амш азы, Владислав Арӡынба идҵала, ауснагӡатәқәа ҳнапы ианҵаны Ҭырқәтәыла ҳаҟан ԥшьҩык. Аԥсны Аиааира агеит ҳәа анҳаҳа, ахысбыжьқәа еихсыӷьра ақәлар ҳуазма?! Аҟәҟәаҳәа ақалақь агәҭа ахысра ҳалагеит, амилициа ҳақәлеит, аха иҟалаз анраҳҳәа акгьы ҳарымҳәеит. Уи аҽынтәи сҭагылазаашьа ажәала аиҭахәара сцәыуадаҩуп. Ҳаргьы иаразнак Аԥсныҟа ҳааит. Анцәа уаҳа еибашьра ҟаумҵан!..

Ажәабжьқәа зегьы
0