Рауль Ҳаџьымба аныҟәара ихы алаирхәуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны имҩаԥысит акциа "Ҳаҧсадгьыл зхы ақәызҵаз" аиҿкааҩцәа рпресс-конференциа. Акциа азкуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иргаз аиааира ду.

АҞӘА, цәыббра 23 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба далахәхоит "Ԥсра зқәым аполк" аныҟәара. Абри атәы лҳәеит "Аибашьра иалахәыз аҳәса-аинвалидцәа Рассоциациа" ахантәаҩы Лариса Ҭарԥҳа Sputnik Аԥсны аҟны имҩаԥысыз акциа "Ҳаҧсадгьыл зхы ақәызҵаз" аиҿкааҩцәа рпресс-конференциаҟны.

"Аԥсны Ахада ҳакциа адгылара аиҭеит. Уи адагьы иаргьы хаҭала ихы алаирхәуеит аныҟәара. Рауль Ҳаџьымба раԥхьатәи амш инаркны дҳадҵаалон, дазҵаауан ҳусура ахьынӡанеихьоу атәы. Ҳара ҳус адгылара азҭаз зегьы ҭабуп ҳәа раҳҳәоит", — лҳәоит Ҭарԥҳа.

Цәыббра 30 Аԥсны жәлар риааира 23 шықәса анахыҵуа Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп акциа "Ҳаҧсадгьыл зхы ақәызҵаз". 2000-ҩык инареиҳаны Аԥсны зхы ақәызҵаз рфотосахьақәа рыманы Аҟәатәи амҩадуқәа ирнысуеит. "Ԥсра зқәым аполк" аныҟәара хацыркхоит асааҭ 13.00 рзы Ацҳа ҟаԥшь аҟны, иагьхыркәшахоит Ахақәиҭра ашҭаҟны.

Шәҩыла иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи аиҿкаарахь инаргоит афотосахьақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0