Асценатә маҭәа зшәыхны, ар рымаҭәа зшәызҵыз акәашаҩ Рауф Дасаниа иҭоурых

© Sputnik / Лев Шерстенников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыступление государственного ансамбля народного танца Абхазской АССР в горной долине в 1984 году
Выступление государственного ансамбля народного танца Абхазской АССР в горной долине в 1984 году - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалаӡеит ҳаԥсуа ҟазара ишьаҟаны иаҵагылаз ашәаҳәацәеи, акәашацәеи, актиорцәеи аӡәырҩы. Урҭ дреиуоуп акәашаҩ џьбара, агәыҳалал, ауаҩы изааигәаз, иҭеиҭԥши згәырҵҟәыли бзиаз Рауф Дасаниа.

Sputnik Рада Ажьиԥҳа

Рауф Владимир-иҧа Дасаниа диит 1953 шықәсазы сентиабр 29 Жәандәрыҧшь ақыҭан анхаҩы иҭаацәараҿы. Даныхәыҷыз аахыс аҟазара бзиа избоз, ҳаҧсуа сцены зырхыџхыџуаз, аҧсуа культура еихазҳуаз, ҧхьаҟа изгози еснагь изырлахҿыхуаз артист ду Рауф Дасаниа даныхәыҷыз инаркны аҧсуара зцәа-зжьы иалааӡаз, уи пату ззақәыз арҧысын.

Рауф ашкол шықәсақәа инаркны акәашара дазҿлымҳан. Абжьаратә школ даналга Рауф Дасаниа дҭалоит Аҟәатәи аҵаралашаратә ҵараиурҭа, ахореографиатә ҟәша. Далгоит акәашаҩ изанааҭ иманы. Германиа, Мексика, Берзынтәыла, Чехиа, Ҭырқәтәыла, Италиа, акыр аҳәынҭқаррақәак рыҟны дцахьан, шьацәкьарқәгылара мацарала дкәашахьан, ахәаԥшцәа иршанхахьан.  

Аџьынџьтәылатәи еибашьра аламҭалазы аҳәынҭқарратә акәшаратә ансамбль Италиа агастрольқәа рахь иҟан. Игьежьны Аԥсныҟа ианааи аибашьра амцашыра иналагылеит. Рауф исценатә маҭәа ааишәыхны, ар рымаҭәа зшәызҵыз акәашацәа дыруаӡәкуп.

Аибашьра дцеит. Апатриот-афырхаҵа 1979 шықәса инаркны аибашьра аналагоз амшқәа рҟынӡа аус иуан Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль аҟны акәашаҩ хадас. Артист дызхылҵыз, ижәлар рахь имаз агәыбылра ианубаалон есымшатәи ихаҿреи игастрольтә қәгыларақәеи рҟны.

Маврик Начҟьебиеи иҷкәыни. - Sputnik Аҧсны
Уи ихы ахтниҵеит ари адгьыл

Рауф Дасаниа Аҧсны ахақәиҭразы иқәлацәа зегь реиҧш иабџьар иҟәаҟәа инкыдҵаны аибашьра амҩа днықәлеит. Рауф, раԥхьа Бзыԥтәи аруаа ргәыԥ далан, Гагра ахақәиҭра далахәын, уи ашьҭахь диасуеит Гәымсҭатәи ахырхарҭахь.

Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара анцоз, Рауф Дасаниа авзвод напхгара аиҭон. Иашҭхща ақытан аиҿахысра ӷәӷәа цон. Аснаиперцәа адәы дықәыркоит афырхаҵа. Акырцх иаҩызаз ахқәа руак дахәуеит, иааигәа сигәа дзыхьчоз ҳәа аӡәгьы дзыҟамлеит. Рауф иҧсы шҭаз дрымпыҵашәеит ҳаҕацәа, урҭ ирӡбеит ддыргәаҟырц, имч изаанхыз ҧыршәарц, аҧсуа жәлар рахь ирымаз ацәымҕра ихаргарц.

Ҧшьымш дуӡӡа Рауф ддырҳәацәон, иҧсы мцошәа анырба, иҩшьапык ааидҿаҳәалан, зынџьырла амашьына дацраҳәаны дырҳәазо мацара иааихырхит иҧсы. Ари ауаҩ дзакәыз здыруаз роуп, ари аҧсадгьыл дшапатриотыз, 1989 шықәсазы иуль 15-16 рзы иҟалаз аидыслара дшалахәыз рдыруан. Игәаҕ зкызгьы, убри азакәхап “аҧсуаа дыжәга шәартист” ҳәа зҿырҭуаз ҳаҕацәа.

Ахьӡ-аҧша змаз артист Рауф Дасаниа дахьымӡеит аиааира азгәаҭара, Ерцахә ашьха еиҧш игылаз, аха адгьылҵысра бааҧс иарбгаз еиҧш, иҿахҵәеит иҧсҭазаара. 

Рауф Дасаниа игәымшәареи ифырхаҵареи рзы ианашьоуп “Леон иорден”. Рауф Дасаниа ихьӡ ашьҭыхра амырӡра иазкуп, уи дхәыҷы аахыс бзиа иибоз асцена, аҟазара ихьӡ ахьахырҵаз. Иахьа Гәдоуҭатәи акультуратә Хан ихьӡ ахуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0