Гагратәи школ аҿы имҩаԥысит араион ахақәиҭтәра иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатә

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи аԥсуа школ ашҭаҿы имҩаԥган агәырӷьаратә усмҩаԥгатә
Гагратәи аԥсуа школ ашҭаҿы имҩаԥган агәырӷьаратә усмҩаԥгатә - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион ахы иақәиҭтәуижьҭеи 24 шықәса аҵра иазкны, Гагратәи аԥсуа школ ашҭаҿы имҩаԥган агәырӷьаратә усмҩаԥгатә.

ГАГРА, жьҭаарамза 4 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахы иақәиҭтәуижьҭеи 24 шықәса аҵра иазкны, Гагратәи абжьаратә школ №1 ашҭаҟны, арҵаҩцәеи ахәыҷқәеи рымчала имҩаԥган аныҳәатә программа. Арахь ааԥхьара рыман Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан ахацәа ирывагыланы еибашьуаз аҳәсагьы.

Гьаргь Блаб игәалашәара иазку абокс азы атурнир мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Гьаргь Блаб игәалашәара иазку абокс азы атурнир Гагра имҩаԥысит

Ашкол ашҭаҟны ишьақәыргылан, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз, аԥсуа школ аушьҭымҭацәа рфотосахьақәеи Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ипатреҭи ахькыдаз аҭӡы. Уи амҵан ашколхәыҷқәа ишьҭарҵеит ашәҭқәа иадыркит ацәашьқәа.

Аԥсуа школ ашҭа абираҟқәа кны иҭдырҭәааит аҵаҩцәа. Дара рымчала, аныҳәатә программа иаҭааз аибашьра аветеранцәеи Гагра араион анапхгареи аҭаацәеи идырбан аибашьра алагаанӡа, аҭынч ԥсҭазаара иасимволыз аҭацаагара иазкыз акомпозициа, анаҩс уи еиԥзырҟьаз аибашьра. Иара убас ашколхәыҷқәа ирыԥхьеит апаториттә жәеинраалақәа, инарыгӡеит ашәақәа. Ахәыҷқәа рықәгылара гәахәара дула ирыдыркылеит зегьы.

Аныҳәатә программа хырқәшан, аибашьцәа идырхынҳәыз аԥсҭазаара лаша зырҵабыргуаз ачаратә композициалеи уи хазырҭәааз аԥсуа кәашаралеи.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи аԥсуа школ ашҭаҿы имҩаԥган агәырӷьаратә усмҩаԥгатә.
Гагратәи аԥсуа школ ашҭаҿы имҩаԥган агәырӷьаратә усмҩаԥгатә. - Sputnik Аҧсны
Гагратәи аԥсуа школ ашҭаҿы имҩаԥган агәырӷьаратә усмҩаԥгатә.

Анаҩс, ашколхәыҷқәа ашәҭқәа ранаршьеит, агәалашәаратә усмҩаԥгатә ахь ааԥхьара змаз аҳәса аветеранцәа. Дара адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи рыдыркылеит аҳәыҷқәеи, ашкол адиректори, Гагра араион ахадареи рҟынтә.

"Акыр иаԥсо аветеранцәа! Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит Аиааирамши Гагра араион ахақәиҭтәреи. Ҩаԥхьа шәҿаԥхьа ҳхырхәоит. Иҭабуп иаҳзаажәгаз аҭынч ԥсҭазааразы. Ҳара ҳнапы иашәыркыз Аиааира патула инаҳагӡоит, иаҳааӡо ахәыҷқәагьы шаҵамхо агәра згоит", — лҳәеит ашкол адиректор Хана Гәынԥҳа.

Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба ихәҭакахьала иазгәеиҭеит, Гагра араион аҭарцәрала ҳтәылаҟны раԥхьаӡакәны "Аиааира" ҳәа аԥсуа жәлар рыбжьы шдыргаз.

Аҳәса аветеранцәа рахь ихы нарханы иҭабуп ахаҵамԥхәысразы ҳәа реиҳәеит. Аԥсуа школ адиректори арҵаҩратә еилазаареи ахәыҷқәеи рхатәы бызшәа ари ашҭа иахьҭыҩуа, Аиааира аазгаз ахьырхамшҭуа азы аџьшьара риҭеит.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи аԥсуа школ ашҭаҿы имҩаԥган агәырӷьаратә усмҩаԥгатә.
Гагратәи аԥсуа школ ашҭаҿы имҩаԥган агәырӷьаратә усмҩаԥгатә. - Sputnik Аҧсны
Гагратәи аԥсуа школ ашҭаҿы имҩаԥган агәырӷьаратә усмҩаԥгатә.

Агәалашәаратә усмҩаԥгатә иалахәыз аҳәса аветеранцәа ракәзар, еизаз зегьы ирыдырныҳәалеит Аԥсны жәлар иазгәарҭо аныҳәатә мшқәа.

"Ҳара ҳзы игәахәара дууп, иахьа еиҵагылаз абиԥара хшыҩзышьҭра ахьарҭо арҭ агәалашәаратә мшқәа. Дарбанызаалак аԥсуа ихы-игәы агәалашәара ҭанаҵы, иҭахазгьы ԥсра иқәым", — рҳәеит дара.

Анаҩс, асасцәа зегьы ааԥхьан аҭаацәа рымчала еиҿкааз ачеиџьыкахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0