Аклассикатә рецептқәа ҳаамҭазтәи аҟазшьа рызҭо - Изекелле Барбуто

© Sputnik / Томас ТхайцукАргентинатәи ашеф-повар Изекелле Барбуто
Аргентинатәи ашеф-повар Изекелле Барбуто - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изанааҭ иамоу ауадаҩрақәеи аҷыдарақәеи дҳазрылацәажәеит Sputnik акорреспондент аинтервиу изҭаз ашеф-повар Изекелле Барбуто.

Анжелика Бениаԥҳа, Sputnik

Изекелле Барбуто диит хәажәкыра 3 1984 шықәса рзы, Буенос-Аирес (Аргентина). Аресторанқәеи асасааирҭақәеи рымаҵ ауразы аинститут даналга ашьҭахь, 2000 шықәса рзы Барбуто ашеф-повар ихаҭыԥуаҩыс аресторан-ферма "The VOLPI" аҟны аусура далагоит Сольферино ақалақь аҟны (апровинциа Мантуи, Ломбардиа). Иахьатәи аамҭазы Изекелле Барбуто Москватәи аресторанқәа "Золотой козленок", "Джанни", Fish рҟны шеф-поварс аус иуеит.

Аргентинатәи ашеф-повар Изекелле Барбуто зны-зынла Аԥсныҟа даалоит аҭыԥантәи аресторанқәа рмениу аԥсахрази амастер-классқәа рымҩаԥгарази. Ашеф-повар Барбуто иавтортә кредо – аклассикатә рецептқәа ҳаамҭазтәи аҟазшьа рыҭароуп.

Ачашә шәҳәеи!

– Изекелле, шәара Аԥсны изныкымкәа шәаахьеит. Уажәтәи шәаара зыдҳәалоузеи?

– Иааинырсланы исыӡбаз акоуп – Аԥснытәи сҩыза иресторан абаразы сааит. Иара арахь сааиԥхьеит.

– Аԥсны шԥажәбо?

– Сара иаразнакы Аԥсны бзиа избеит. Ара зегьы сара исызгәакьоуп. Сара Аргентина сиит, аха сҭаацәа Италиатәқәоуп шьҭрала. Сара схаҭагьы уаҟа ԥыҭраамҭак сынхон. Аԥсни Италиеи еидукылозар, зынӡа еиԥшуп. Ашә, абысҭа ргьама збахьеит. Италиагьы абысҭа руеит, аха уаҟа полента ахьӡуп.

– Аԥсуа чыс агьама жәбахьоума?

–Ҩынтәуп Аԥсныҟа саауеижьҭеи. Аха ара аамҭа убасеиԥш иццакны имҩасуеит, акы уахьӡом. Макьаназ ҭынчла акгьы агьама сымбац. Ашәи абысҭеи рыда. Абысҭа Италиагьы ируеит. Уи уа полента ахьӡуп.

– Шәзанааҭ шԥалышәхи? Еснагь ишәҭахызма ачысҟаҵара?

– Зны сҩызцәеи сареи ашьапылампыл ҳахәмаруан. Машәырла ачысхаақәа ахьырӡуаз аԥенџьыр асаркьа ампыл ҳцәаахан, иԥҽит. Иара ҳара даҳгәылан азы, аԥхасҭа ахәԥса ҳаимыршәеит, аха сҭаацәа ахараԥса ацынхәрас сицхрааларц уахь снарышьҭит. Абраҟоуп сзанааҭ ахь абзиабара ахы ахьакыз. Сара уаанӡа електромеханикс сҟаларц сҭахын, аха… сабгьы уи азанааҭ инапы алакын азы иҭахын селектромеханикхар. Ачысҟаҵаҩ изанааҭ шалысхыз ансыҵидыраа хышықәса рышьҭахь ауп.

– Настәи шәусқәа шԥацоз?

– Сара кондитерк иҳасабала сус хацсыркит. Афатә ҿыцқәа, арецепт ҿыцқәа раԥҵара аинтерес аҵан. 20 шықәсаҟа схыҵуаны ҳҭаацәа иаадыртит аресторан. Ҭаацәала аус аауан. Сара хышықәса аус рыцызуит, нас схатәы мҩа ылысхит. Аԥхьа Монте-Карло, нас Турин, Москва.

– Иҟашәҵаз шәахьымхәӡеи?

– Мап. Атехника ус бзиа избоит ауп.

– Ахәыҟаҵара ахацәа ирзанааҭуп рҳәоит…

– Ари азанааҭ ахацәа рызгьы ианыуадаҩу ҟалалоит. Сара издыруеит ирацәаҩны аҭыԥҳацәагьы ари азанааҭ знапы алаку. Иарбанызаалак аус аҟны дхаҵоуп дыԥҳәысуп ҳәа иҟаӡам. Узанааҭ бзиа иубозароуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукИтальянский шеф-повар из Аргентины Изекелле Барбуто
Итальянский шеф-повар из Аргентины Изекелле Барбуто - Sputnik Аҧсны
Итальянский шеф-повар из Аргентины Изекелле Барбуто

– Шәҭаацәаратә шьҭраҟны иҟазма ахәыҟаҵаҩцәа?

– Мап.

– Ачыс ҿыцқәа шԥаԥышәҵо?

– Зны-зынла ҵаҵӷәны иугоит еицырдыруа ачыс, маҷ-маҷ иацуҵоит еиуеиԥшым ахкқәа. Иҟалоит иҿыцу афатә. Иарбанызаалак афатә еснагь иҿыцу акы алоуҵозароуп, ухатәык ацуҵозароуп. Иаҳҳәап, еицырдыруа Спагетти болоньезе ҟасҵозар, схатә рецепт ала иҟасҵоит. Ҳәарада иҟоуп зегьы еицырдыруа арецепт, аха уи иеиԥшым еиҳа иинтиресуп.

– Итрадициатәу аасҭа аимпровизациа бзиа ижәбоит.

– Еиуеиԥшым акомбинациақәа аинтерес сызрыҵоуп.

– Ԥсадгьылны ишәыԥхьаӡои, Аргентина акәу Италиа акәу?

– Аргентина — Италиа хәмаруазар, Аргентина садгылаҩуп, Италиа – Франциа хәмаруазар, Италиа садгылаҩуп. Аиашаз Италиоуп ԥсадгьылны сызхәаԥшуа.

– Италиатәи аишәачыс акәу аргентинатәи аишәачыс акәу еиҳа ишәзааигәоу?

– Италиатәи аишәачыс еиҳа исзааигәоуп. Уаҟа фатәхкык 18-19 вариант амазар алшоит. Италиатәи аишәа акыр ибеиоуп. Еиуеиԥшым. Италиа абызшәаҵәҟьа регионк аҟынтәи аҽа регионк аҟны аҽаԥсахуеит. Италиатәи аишәачыс зегь раасҭа исзааигәоуп. Егьырҭ аишәахкқәа ус, ринтерес сымоуп.

– Аҩны ачыс зырхиода?

– Зны сара, зны сыԥшәмаԥҳәыс. Ҳшақәшәо еиԥш.

– Аԥснынтәи уанцо иугозеи? Иҟалап аџьыка акәзар?

– Ажьаӷьуатка. Ҳаргьы иҳамоуп граппа захьӡу ауатка.

– Сгәы иаанагоит аԥсуаа рыжьаӷьуатка еиҳа иџьбароуп ҳәа.

– Аԥсны ауатка ажьаӷь мацара акәӡам излырхуа, аџьбарарагьы еиуеиԥшым. Италиа уажәы иуадаҩуп аҩнтәи граппа аԥшаара. Аԥсны акәзар аҩнтәи ауаткарш зегьы ирымоуп. Шәгәы иаанамган сара арыжәтә сынӡааҳало сазгагоуп ҳәа (дыччоит), аха аԥсуа уатка мап ацәкра уадаҩуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0