Sputnik, Сырма Ашәԥҳа
- Еқрем, Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаз шәабшьҭра рҭоурых ҳзеиҭашәҳәа.
— Ҳара ҳабдуцәа ирҳәоны исаҳахьаз ала, ҳақәҵырҭа Калдахәара ауп ҳәа. Маанааи Хышааи усҟантәи ирҳәоз ажәашьҭыбжьала, аешьара рылеибахуа, еицынхо еиҩызцәа бзиақәаны иҟан. Аӡы ихырҵаз ауаажәлар ирыланакыз ҳауп ҳаргьы.
Ҳахьнеиз ақыҭа, иара уажәгьы ҳахьынхо, 40 шықәса инарзынаԥшуа Маан Кац ихьӡ ахын. Уажәы ахьӡгьы ҳаԥсахит, Калдахәара ҳәа ахьӡны иҟоуп. Ҳазҵатәаз абахә ашьапы иахьагьы ҳаҵатәоуп, Аԥснытәи ашьха иаҵәарақәа иреиԥшу ашьхақәа ааҳакәыршаны иҟоуп.
Ҳхы уаҩ дахьықәымԥшуа аҭыԥ аҟны иҟалеит ҳанхара. Иаҳаулакгьы ҳҽеиқәҳархеит атәым дгьыл аҿы. Сара зхәышҭаара мацара ада ззымдыруа аӡә сакәӡам, адунеи акыр сеимдахьеит, сакәшахьеит. Ҳазлатәоу аҳәынҭқар ахҵәара аахыижьҭеи ԥшӡа ҳаибабо ҳаҟаӡам, рхы ҳадырхәаразы ҳныҟәыргеит.
- Атәым дгьыл шәынхашьа зеиԥшроузеи?
— Аԥсадгьыл ахь ахынҳәра иадҳәалоу азҵаарақәа рацәоуп. Напхыла-шьапхыла еиласаз ауаажәлар реилыӡаара усҟак имариам. Сара схатәы сҳәозар, саб ихааныижьҭеи ақәԥара саҿуп исирбаз ала схы ныҟәызгарц. Сышьҭра атәым милаҭ алам.
Ҳара ҳқыҭаҿы инхо ажәлақәа иреиуоуп: Хышаа, Қәпалаа, Гәыбзаа, Аҭеибақәа, Апыгәаа, Аҳәмарбақәа, Ҳәатышьаа уҳәа. Атәым милаҭ ҳаланымхаӡеит, иаҳмуӡеит, адәахьынтә уаҩ дааҳмышьҭит. Ақыҭа иаланхо ҳазегьы ҳанхацәоуп.
Адгьыл ҷҷарақәа ирықәынхо ҳауаажәлари ҳареи ҳаицхырааны ҳнибархоит, ҳацәгьеи ҳабзиеи ҳаидгылоуп. Аҭырқәа иполитика аҽаԥсахит аҵыхәтәантәи 20 шықәса раахыс. Анхара пату ақәымкәа иҟалеит. Адәахьы ацара згәаԥхақәо рацәахеит, адгьыл ақәаарыхра рцәыуадаҩхо иалагеит. Сара сыжәлантәқәа 40 ҭӡы рҟынӡа ыҟоуп.
Аха, иуԥхьаӡозар, ақыҭаҿы жәаҭӡык раҟара роуп иаанхаз. Егьырҭ атәым ҳәынҭқаррақәа рахь иагаз рацәаҩхеит, иԥсаҟьаны адунеи иалаԥсоуп, рыхшара аҵара дырҵаразы еиҳарак. Ақыҭақәа уааԥсырала иҭацәуа иалагазаргьы, рыдгьылқәа кармыжьӡеит, ҳаибабарагьы хар амам. Уажәынахысгьы иԥшӡаны иныҟәаҳго Анцәа иҟаиҵааит.
Аԥсныи ҳареи аигәныҩра ҳабжьоуп. Изылшо иԥсадгьыл ахь дцоит, дынхартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп. Ҳаԥсадгьыл ҳазхьаԥшроуп. Аҳәынҭқарра аусқәа ҳҽалаҳархәлароуп, акыр зымчу Аԥсны дацхраароуп. Уи гәаҳәас иҳамоу ауп, ара ҳаҟазаргьы, иахьынӡаҳалшо ала, абри аиҭаҳәара ҳаҿуп. Ҳҿар еилыркаар ҳтахуп аҭоурыыхтә ԥсадгьыл закәытә мчу иамоу.
- Шәара аԥсышәа цқьала шәцәажәоит, аҵара шԥашәылшәыршеи?
— Ахатәы бызшәа аиқәырхара сыуаажәлар ирџьысшьоит зегь раԥхьа. Урҭ ахыԥхьакшьа рдырит. Атәым милаҭ рхамԥарц азы еибыҳәаны ныҟәашьак ҟарҵеит. Аҩнаҭаҿы аԥсышәала ицәажәо ианыҟалалак, игәнумкылар ԥсыхәа амаӡам. Иашоуп, агәаԥхареи, ахдырреи аҭахуп. Сыуаажәлари сзыхшаз сҭаацәеи сырзыразуп. Сзакәыз сарҳәаратәы, еилыскааратәы срааӡеит. Саргьы уи амҩа санушәа сгәы иабоит.
Абри апҟақәа аныԥыруаз зыла иамбоз санду, "Уара сыла иабом, аха слымҳа еилнаргоит, апҟақәа ииасуазшәа збоит, унаԥши", ҳәа ансалҳәа, апҟа закәыз сыздырӡомызт, схәыҷцәан. Ларгьы аҭырқәшәа аҵаха змамкәа зыԥсабара еиҭаназкыз лоуп. Саб ихынҳәра сазыԥшит.
Саб данааи, "Уара санду абас ак салҳәеит, апҟа захьӡузеи, измааноузеи?", сҳәеит. "Уара апҟа закәу узымдырӡои?", иҳәан ҭырқәшәала ахьӡ сеиҳәеит. Ашьҭахь санду снеины иласҳәеит апҟа закәыз, иаанагоз саб ишсеиҳәаз. Абас санду илыџьшьаны исҵаз аԥсуа ажәақәа рацәаӡоуп. "Апҟақәа бзызразҵаазеи?", сҳәеит. "Издыруада, Аԥсны иахысны иаауама ҳәа сгәахәит", лҳәеит…
Ааи, абызшәа аиқәырхара уиаҟара имариаӡам. Зны-зынла уамырцәажәаратәы уҟырҟмыџь анакуагьы ыҟоуп. Аԥсышәала шықәсыла сзацәажәо ауаа сахьрықәымшәац аҭыԥқәагьы ҟалахьеит атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы. Аха, уаныхәыҷу иудырҵаз абызшәа пату ақәҵаны ианныҟәугалак, ишухамшҭуа сара сыла иудырыр ҟалоит.
Ауаа бзиақәа раҟара даара аԥсшәа сҳәоит ҳәа схы сызлалаҽхәо акгьы ыҟаӡам, аха сгәы иаҭахәу сҿы иасырҳәоит. Анцәа иџьысшьоит саԥсыуаны сахьишаз. Ҳмахәҿа еихьӡо, ҳаиԥымхо, ҳшеишьцәо еилкааны анхамҩа ҳазшаз иҳаҭәеишьааит.
- Ажәабыжь хәыҷык еиҳа шәхаҿы иааиуа иарбан уажәазы?
— Сан ахҷыԥсаа дреиуоуп. Санду, саб иангьы ахҷыԥсаауп. Сан д-Аӡынԥҳауп. Сан лан д-Арҩыҭааԥҳауп, Џьгьардатәуп. Сандуцәа рыбзоурала, рдыррала, саԥсыуаны схы ныҟәызгоит, сазгәыдуны аԥсшәа сҳәоит. Рахраҭа бзиахааит. Санду лан лоуп Аԥснынтә ихҵәаз. Уи лан илҳәақәоз ҳара еиҭаганы иҳалҳәон:
"Ашьхахь ҳәа ҳандәықәлалак, ашоура бааԥсқәа ҳхаҳгаанӡа, архақәа рахь ашоура иагаз арахәи, аҩада аҳаракырахь ҳхало ҳаналагалак ҳахьынӡаҩеиша ҳҩеиаанӡа ахьҭа иаҳцәашьыз арахәи ржьы еилажәны еицаҳфон лҳәалон сан рыцҳа, ҳәа хзеиҭалҳәон санду. Лан д-Ашьхарааԥҳан санду. Амҩахь еицәыӡқәаз рацәоуп.
Убри цәгьа хьаас илыман. Зегь реиҳа гәалас илымаз Аԥсны акәгәышьан. Лара лҭынхацәа шьапыла иныҟәаны, арахә зманы инеиқәаз роуп, Папаа. Амшын Еиқәа агаҿа иаваланы, Баҭымынтә ихыҵит ҳәа агәаанагара сымоуп. Аҭырқәа иҳәаа ианалала ашьҭахь, еицыз аишьцәа еицәыӡит.
Арҩыҭааԥха санду ахҵәара аӡбахә ирацәаны далацәажәалон. Абрахь Арҩыҭаа шықәнымхоз лдыруан, рызегьы шыхҵәаз ларҳәахьан. Лыԥсымҭа аламҭалазы, лажәрагьы ԥыҭк инахыҳәҳәоны, лыхшыҩгьы еилахәо ианыҟала, лааигәа сыҟазар лҭахын, сдәылҵыр лҭахӡамызт. "Иҟоузеи, нанду, иахьа бабаҟаз?", анысҳәалак, "Иахьа, смааи Ашәынтәи", лҳәауан. Абарҭқәа иаҳхамшҭуа ажәабжьқәа роуп.
- Шәзеиӷьашьарақәа Аԥсни аԥсуааи рзы изеиԥшроузеи?
— Ахәыцшьақәа еиԥшым. Аԥсны аԥсҭазаара излаҟо еиӷьхо иҟаҳҵаразы, атәым тәылақәа ирыланхо апсуаа шәареи ҳареи ҳмахәҿақәа еибаҳҭароуп. Уахыки ҽнаки рыла зегьы еиҿкааны уаҩы изыҟаҵаӡом. Иҳагу еибаҳҳәароуп ҳалақәа ихибамыкшалакәа. Аԥсны акырӡа ахҭнагахьеит. Иахьа шәызлаҟоу ҳаигәырӷьоит ҳашьцәа Аԥснаа.
Лшара хәыҷык ҳамазар ишәыдаҳҵар ҳҭахуп. Ҳџьаршьаратәы еиԥш Аԥсны аҳәынҭқарра шьақәгылеит. Уи зыԥсҭазаара ахҭнызҵаз рацәоуп. Рҿаԥхьа ҳалахь аԥхӡы аауа анцәа ҳҟаимҵааит. Аҳәынҭқарреи уи зтәу ажәлари еигымзааит. Ари нахысгьы ахьчашьа Анцәа ҳақәиршәааит! Ҟәарҷахак иадымхаргьы зџьабаа аду зегьы ҳрыкәыхшоуп!