Роланд Џьоџьуа: жьҭаара 11 Аԥсназы ифырхаҵарамшуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРоланд Джоджуа.
Роланд Джоджуа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны арратә мчрақәа аԥҵоижьҭеи иҵит 24 шықәса.

АҞӘ, жьҭаара 11 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Роланд Џьоџьуа иԥхьаӡоит Аԥсны арратә мчрақәа раԥҵара амш афырхаҵареи агәымшәареи ирымшуп ҳәа.

"Ари амш арратә уалԥшьеи ажәлар рхаҵареи иасимволуп", — иҳәеит Џьоџьуа.

Амаиор Роланд Џьоџьуа иажәақәа рыла иахьа арратә усбарҭа аҵак ду анаҭоит аминистрра аԥышәа змоу апрофессионалтә кадырқәа рыла аиқәыршәаразы.

"Абри хықәкны иҟаҵаны Атәылахьчара аминистрра анапаҵаҟала еиҿкаауп Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа. Иара иахықәкы хаданы иҟоу — аррабжьаратәи иреиҳаӡоу аграждантә ҵареи змоу аофицерцәа разыҟаҵароуп", — иҳәеит иара.

Апресс-маҵзура аиҳабы иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аус зуа аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Урыстәылатәи арратә ҵараиурҭақәа рҟны аҵара шырҵо аԥснытәи аҿар.

Роланд Џьоџьуа иҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

1992 шықәса жьҭаара 11 аҽны ирыдкылан Ақәҵара Аԥсны Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0