АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иахьазы Аԥсны 140 рҟынӡа ареспубликатә хатәтәра аобиектқәа ҭииуп иҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Николаи Ачба имҩаԥигаз апресс-конференциаҟны.
"Аиҳарак – адәқьанқәеи, ихыбгалоу ахыбрақәеи роуп. Ирацәоуп еиҭашьақәыргылам аобиектқәа. Иҭиу рҟынтәи 70 % еиҭашьақәыргылоуп", — иҳәеит иара.
Ачба иазгәеиҭеит аобиектқәа арендла изгази ахатәтәра азызузи еиҭашьақәыдмыргылазар, аилаӡарақәа еиҭарыхәаԥштәхоит ҳәа.
"Аԥхьа аиҿцәажәарақәа мҩаԥаагоит. Аҽазныкгьы иаҳҳәоит игоу аобиектқәа шгәыгәҭажьтәым. Насгьы рнапы зҵаҩу аилаӡара аҭагылазаашьақәа зегьы шынагӡалатәу", — иҳәеит иара.
Николай Ачба иазгәеиҭеит асасааирҭа "Абхазия" зхатәуи аусҳәарҭеи рыбжьара аилаӡара аанкыларазы аиҿцәажәарақәа шцо.
"Ҳара иаҳҳәеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагамхар, аилаӡара аусура шаанаҳкыло", ҳәа азгәеиҭеит Ачба.
Иара иҳәеит зус назмыгӡо аҭагылазаашьа аекономикатә кризис ишахдырҟьо.