Кациа: Аԥсны киловаттк азы сааҭк аҩнуҵҟа 2 мааҭк артәоит

© Sputnik / Томас Тхайцук"Черноморенерго" анџьныр хада Ҭимур Кациа.
Черноморенерго анџьныр хада Ҭимур Кациа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афымцамч ахә хәыҷы-хәыҷла ишьҭыхтәуп, ҳәа агәаанагара имоуп "Черноморенерго" анџьныр хада Ҭимур Кациа.

АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Сааҭк аҩнуҵҟа киловаттк азы ахәԥса ммаҭки бжаки иреиҵамзароуп, иҳәеит "Черноморенерго" анџьныр хада Ҭимур Кациа.

"Аҟазацәа ражәақәа рыла аенергетикатә система аусауларц азы киловаттк азы сааҭк аҩнуҵҟа мааҭка бжаки мамзаргьы ҩ-мааҭк шәалатәуп. Аха еиҳау аусқәа ҟаҳҵаларц азы аҳәынҭқарра ацхыраара ҳанаҭароуп", — иҳәеит Кациа.

Аенергетик иажәақәа рыла, акрааҵуеит афымцамч ахә иацҵатәуижьҭеи. Ихьа киловаттк азы иршәо 40 копеи заҵәык роуп.

Иара убас иара иазгәеиҭеит, ианаамҭоу афымцамч ахә шырымшәо, дара афымцамҩангагақәа шыжәыз.

Ҭимур Кациа иҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Черноморенерго" анџьныр хада Ҭимур Кациа иажәақәа рыла, егьи ашықәс иаҿырԥшны Џьвартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы еиҳа еиҳауп, аха ирацәангьы иацәцоит. Аӡеизакырҭаҿы амашәыр зхылҿиааша аҭыԥқәа роацәуп, ГЕС аусура аанкылахаргьы ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0