Шьынқәба: ахәыҷы ашкол даналгалак амашьына иақәыртәара иаҟәыҵтәуп

© SputnikАбыргцәа рхеилак аиҳабы Аполлон Шьынқәба
Абыргцәа рхеилак аиҳабы Аполлон Шьынқәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Шьынқәба Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу аҟны дазааҭгылеит амҩатә машәырқәа рхыԥхьаӡара аиҵтәразы Аԥсны Ахада иҟаиҵаз адҵа анагӡаразы иҟаҵахо.

Аполлон Шьынқәба Sputnik Аԥсны акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба изеиҭеиҳәеит Аԥсны амҩатә машәырқәа зыхҟьо, насгьы урҭ маҷхарц азы иҟаҵатәу.

– Аполлон Есҭаҭ-иԥа, шәазаҭгылар ҳҭахуп Аҳәынҭқарра ахада идҵа анагӡаразы имҩаԥыжәгараны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа.

– Амчратә хеилакқәа рхала рымч ақәхаӡом. Аԥсны убриаҟара ирацәахеит амашьынақәа рхыԥхьаӡара, ауаа рхыԥхьаӡара иаҟроума уҳәо аҟынӡа инеины иҟоуп. Ганкахьала ари угәы иахәартә иҟоуп, аԥсуа економика шаҳараку унарбоит, аха даҽа ганкахьала ҳауаажәлар рыхдырра амҩаҿы уиаҟара иҳаракым. Аԥсны Ахада еизигеит амчхарақәа рхаҭарнакцәа, уи иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны, ҳәарада ажәлар ирацәажәатәуп, дара рахь инеитәуп. Гәҭакыс иҳамоуп иаарласны еизганы аицәажәарақәа рымҩаԥгара, абыргцәа рхеилак араионқәа рҿы иҟоу ахаҭарнакҵәа ҷыдала адҵа роуеит. Ауаҩы дзааӡо иҩнаҭоуп, ихәшҭаароуп, уи нахыс иоур ҟалоит аҵара, адырра, аԥсуара иҵанакуа зегьы ахьыржьиуа ахәшҭаараҟны ауп.

Аԥсны анарколаг хада Ирма Ануаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Ануаԥҳа: амашәыр зымпыҵҟьо реиҳараҩык наркоманцәоуп

– Аиҳабацәа рхәыҷқәа рықәра шмаҷу амашьынақәа ирықәдыртәоит, убри абанӡаиашоу?

– Сара издыруа рахьтә жәаҩык раҟара рхәыҷқәа амашьынқәа аахәаны ирықәдыртәоит. Анцәа иҟнытә урҭ алшара рымоуп ҳәарада, аха амашьына ззахәаны иақәдыртәо ахәҷы амашьына арныҟәцараҿы аԥышәа имаӡам. Ахәыҷы ашкол далгеит, аха уи дҭышәынтәалеит, иԥышәа ҳаракуп ҳәа агәаанагара ыҟазар, уи иашам. Насгьы рыцҳара дуӡӡас иҟоу уи ауп, зегь раԥхьа иргыланы, ауаҩы изеицәоу амаҭәашьарқәа рхы иадырхәоит, уи адагьы, ақыҭақәа рҟынтәи иааны ақалақьқәа рҿы ачарақәа руеит. Астатистика ишаҳәо ала, ижәны иҟоу аилагарақәа ҟазҵо рхыԥхьаӡара иаҳа имаҷуп анаркотикатә маҭәашьарқәа зхы иазырхәо раасҭа. 

– Иҟоу аҭагылазаашьа аԥсахразы, мҩақәас иҟоузеи?

– Азакәан ақәныҟәара. Ҳара зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра ҳәа ҳхы ҳаԥхьаӡоит, аҳәынҭқарра аганахь ала иаҭахызар ҟалап алеишәа арӷәӷәара. Иахьа иҟоу ҳзакәан ҳмырӷәӷәар ада ԥсыхәа ыҟам, ҳара усгьы иҿио жәларуп ҳәа ҳаԥхьаӡаӡам, ииаӡӡаауа ажәларқәа ҳархыԥхьаӡалоуп бызшәалагьы, хыԥхьаӡаралагьы. Абри иазхәыцны дазусҭазаалакгьы азакәан дықәныҟәозар ауп, аҳәынҭқарра амаҵ зуагьы убрахь иналаҵаны. Ачынуаҩгьы, аколнхаҩгьы рзин еиҟаразар ауп, еиҟрамхакәа аҭагылазаашьа ҭышәынтәалашьа амаӡам. 

– Аҵыхәтәантәи аамҭазы амҩатә машәырқәа рхыԥхьаӡара арацәахара иахҟьаны ауаажәлар рыбжьара еиуеиԥшым ажәалагалақәа ыҟоуп, урҭ рахьтә шьоукы ирҳәоит амашьына арныҟәцаразы аршаҳаҭга рыҭатәуп қәрала 21 шықәса еиҵам ҳәа, шәара уи шәышԥахәаԥшуа?

Аԥсны абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Шьынқәба Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

– Ари еиԥш иҟоу агәаанагара сара исыдыскылоит, аха ашықәс мацара акәӡам. Ауаҩы ашкол дҭаланы иҵаны ихәҭоуп ҳәа аршаҳаҭга иҭатәуп. Амашьына арныҟәцаразы ашкол дҭамлакәангьы аршаҳаҭга зоуа ыҟоуп, убри ауп арыцҳара дуӡӡа зыхҟьо, убри аанкылатәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0