Асад: Мраҭашәареи Мрагылара ааигәеи ртәылақәа рпозициақәа ԥсыҽхоит

© AP Photo Gurinder OsanШьамтәыла апрезидент Башар Асад
Шьамтәыла апрезидент Башар Асад - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мраҭашәареи Мрагылара ааигәеи ртәылақәа рпозициақәа Шьамтәылан еиҳа-еиҳа иԥсыҽхоит, ҳәа ишьоит Шьамтәыла апрезидент Башар Асад.

АҞӘА, абҵара 7 — Sputnik. Мраҭашәареи Мрагылара ааигәеи ртәылақәа рпозициақәа Шьамтәылан еиҳа-еиҳа иԥсыҽхоит ҳәа ишьоит Шьамтәыла апрезидент Башар Асад.

"Уаанӡа, сара усеиԥш ак сҳәар, Шьамтәыла апрезидент иҟаҵәҟьоу ҭкааны издырам ҳәа сзырҳәон. Уажәы зегьы рҽеиҭаркит. Мраҭашәара еиҳа-еиҳа аԥсыҽхара иаҿуп. Урҭ ауаа иҟаҵәҟьоу рарҳәарц азы аргумент ҳәа ак рыман иҟам", — иҳәеит Асад.

Шьамтәыла апрезидент иажәақәа рыла атеррористтә гәыԥ "Исламское государство" Ирактәи анефҭыҵхырҭақәа рҟынтәи анефҭ рҭиуан, иара убри аамҭан америкатәи аспутникқәа абри зегьы рбон, аха аӡәгьы акгьы иҳәомызт. Урыстәыла Шьамтәылатәи аҭагылазаашьа ахы аналанагала, ИГИЛ аибашьцәагьы хьаҵуа иалагеит иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0