— Аркади Иван-иԥа амузеи ашьақәгылара атәы маҷк аҭоурых ҳазааҭгылап. Аҳәынҭкарратә музеи аартын аамҭа хьанҭақәа раан.
— Ииашаны ус еиԥш иҟалеит 20-тәи ашәышықәса алагамҭазы, Аԥсныи ақәша-мықәша инхоз ажәларқәа рызи аамҭа бааԥсын. 60-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Аҧсны аҭоурыхи аҧсабареи абзиабаҩцәа иаҧшьыргеит Аҟәа ақалақь амузеи аҧҵара.
Аизгара иалагеит хра злаз акультуратә-ҭоурыхтә материал. Аурыс-аҭырқәа еибашьра алагамҭазы 1877-1878 шықәсқәа рзы иеизгаз хәы змаз Аҧсны аҭоурых иазкыз анумизматикатә, аетнографиатә, археологиатә експонатқәеи аматериалқәеи алганы иган, ашьҭахь ибжьарӡын.
1915 шықәсазы иаҧҵахоит "Аҧсабара абзиабаҩцәеи аҭҵааҩцәеи Аҟәатәи аокруг ауааҧсыреи рыуаажәларра". Уи иалан иреиҕьыз аинтеллигенциа, еиҭа амузеи аҧҵара напы азыркыз, официалла иара аартра мҩаҧысит лаҵарамза 17 1917 шықәсазы.
1920 шықәса анҵәамҭазы Аҧсны ақырҭуа меншевикцәа рнапаҿы ианыҟаз аамҭазы "Ауаажәларра" аҧыххоит, амузеигьы аркхоит. Аекспонатқәа зегьы алганы Қырҭтәыла амузеи ахь иргоит. Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь атәылаҿцәаҭҵааратә усура еиҭа ихацыркхоит, иаҧҵахоит "Аҧсуа ҭҵаарадырратә уаажәларра". 1924 шықәсазы амузеи иаиуеит "аҳәынҭқарратә" ҳәа астатус. Еицырдыруа аҵарауаҩ Барақь ҳәа иҟаз раԥхьатәи амузеи еиҳабыс дҟаҵан.
— Ахыбра уажәы иахьыҟоу аума усҟангьы иахьыҟаз?
— Ахыбра уажәы иахьыҟоу акәын иахьыҟаз, ҩ–уадак азалхын. Иахьа аҽарҭбааит, ҭԥааралагьы маҷк иацуп, усҟан уажәы иҟоу абжак ауп иҟоу. Ишшәаҳахьоу еиԥш, уажәы аҳәынҭқарратә филармониа ахьгылоу ажәытә уахәама гылан, асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь ауп афилармониа андыргыла. Ауахәамаҟны иҟаз апап дыхьыҩназ аҩны аҟны ауп ҩ-уадак амузеи иазалхны иахьыҟаҵаз.
— Изеиԥшроузеи амузеи афонд? Қарҭҟа игаз аекспонатқәа ирӡызма?
— Амузеи анаадырт ашьҭахь акырӡа аџьабаа зыдбаланы еидкылаз аекспонатқәа ирӡын. Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь, амузеи ҭышәынтәаланы аусура иалагеит. Усҟантәи аамҭазы еиҿкааны амузеи аҟны аус зуаз Иосиф Аӡынба еиԥш иҟаз амхны, ақырҭцәа ааины иахагылеит. Аџьынџьтәылатәи еибашьра дуӡӡа ашықәсқәа рзы, анемеццәа Кавказтәи ашьхақәа иааины ианықәгыла аԥсуа қыҭа Ԥсҳәы рнапы ианаарга, уи иаҿыҵганы иҟаҵаны, хәы-змаӡам аекспонат ган Қарҭҟа.
Ҳара ҳзы даара акыр зҵазкуа Бедиатәи ахьтәы чаша. Уи 1943 шықәсазы Метехтәи амузеи аҟнытә иааны иҟаз аусзуҩ инапы ианҵаны адокумент шьҭаҵаны Қарҭҟа иган аекспонат, адокумент "аамҭалатәи" ҳәа иахьыӡҵны. Ихадоу уи ауп, "аамҭала" иаҵанакуа уи ауп, амузеи аиҳабыра аекспонат шьҭахьҟа ишәырхынҳә анырҳәо идыргьежьуа ҳәа. Убас ақьаадқәа хәбаны иҟаҵан. Аҳәынҭқарратә архив аҟны иҟаз иблит, аха цырак еиқәханы иҟоуп, иара ҳара иҳамоуп.
Уи ақьаад ааигәа Адәныҟатәи аминистрра Женева ацәажәарақәа анымҩаԥыргоз ишьҭыхны иалацәажәон. Уи ахьтәи чаша анаҩсгьы, ирацәаӡоуп аекспонатқәа Қарҭҟа иагаз, дара рыргьежьразы Женева иалацәажәеит, азҵаара ықәыргылан, аха азҵаара ус иӡбамкәа иҟоуп.
Ишыжәдыруа еиԥш, урыстәылатәи амузеи дуқәа рыҟны ирацәаӡоуп аԥснытәи аекспонатқәа, еиҳарак археологиатә експедициақәа рҟынтәи. Амузеи знык ианаднакыла аекспонат, нас иамхны даҽа музеик ахь ашьҭра цәгьа иуадаҩуп. Ҳара Аԥсны иҳамоу амузеиқәа рыҩнуҵҟаҵәҟьа ари аус даараӡа иуадаҩуп, аҳәаанырцәынтә акәым. Амузеи иамоуп ахатәы закәанқәа.
— Шәҭагылазаашьа зеиԥшроузеи иахьа амузеи ахыбраҟны?
— Иахьа ҳмузеи аҭагылазаашьа бзиоуп. Ауаҩытәыҩса иҭахрақәа рацәоуп, аха ҳара ҳҵәыуартә ҳаҟам. Акопиталтә ремонт ааигәа ихырқәшан, аҩбатәи аихагыла ацҵаны иҟаҵан. Амузеи ахыбра архетиктуратә ҷыдарақәа зегьы еиқәырхан.
Ажәакала, адәахьы адаԥшылара шыԥшӡоу еиԥш, аҩнуҵҟагьы убас иҟаҵоуп. Иахьынӡаҳҭаху шьаҿа ҭбаала зегьы ҳазхоит ҳәа сҳәар шәызжьоит. Амала, амузеи иамоуп ԥшь-ҟәшак: аԥсабара, аетнографиа, археологиа, ҳаамҭазтәи аҭоурых, иахьа иҭаӡоу иҟоуп. Аиаша ҳҳәозар амузеи иамоу аекспонатқәа рыла, аҟәшақәа зегьы еихшаны, хазы-хазы ԥшь-музеик алухыртә еиԥш иҟоуп. Шә-нызқьла аекспонатқәа ҳфонд аҟны иҵәахуп.
— Аиубилеи азгәаҭара азҵаара ҳазыхынҳәып. Ишԥазгәашәҭо? Иҟалома ацәыргақәҵақәа, мамзаргьы аконференциақәа?
— Ииашаны амузеи аиубилеи азгәаҭара ныҳәоуп, амузеи аусзуҩцәа зегьы ҳзы мацара акәым, Аԥсны зегьы инхо аԥсуаа зегьы рзы ныҳәоуп. Иахьынӡауа, ҳаракыла иазгәаҳҭырц ҳгәы иҭоуп. Ҳара ҳаҩнуҵҟа аиубилеи азгәаҭара ҳазхәыцуижьҭеи акыр ҵуеит, акультура аминистрра аҟны аицәажәарақәагьы ҳаман.
Еиуеиԥшым аусмҩагатәқәа ҳрызхәыцуеит, иҟаҳҵар иаҳҭаху рацәаӡоуп. Аус здаауыло аус хкқәа ыҟоуп. Есышықәса лаҵарамза 16-17 аҽны имҩаԥыргоит "амузеи аҵхқәа" ҳәа аныҳәа, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥаагоума, мамзаргьы ҳнахоума уи макьаназы иӡбаӡам. Иара убас ҳгәы иҭоуп амузеитә анаукатә конференциа амҩаԥгара, иара убас аиубилеитә аҳәынҭқарратә музеи аҭоурыхи, аекспонатқәеи аазырԥшуа альбом аҭыжьра.