Арышԥҳа: амилаҭ рхала иалырхыроуп ирҭаху, рхатәы бызшәа акәу, атәым бызшәа акәу

© Foto / Сырма АшәԥҳаТамила Арышԥҳа
Тамила Арышԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аԥсуа бызшәа акафедра арҵаҩы, аиҭагаҩ Тамила Арышԥҳа дазааҭгылоит аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан ацәырҵра мзызс иамоу, уи аҭахны иҟазҵаз аҭагылазаашьа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Адунеи аҿы зыԥсы ҭаны иаақәу зегьы аиԥшымзаара ҟазшьас ирымоуп. Иеиуеиԥшымкәа иҟоуп аԥстәқәа, аҵиаақәа реиԥш абызшәақәагьы. Абиологиатә процессқәеи абызшәатә процессқәеи ахьеиқәшәо рацәоуп азы урҭ еидкыланы иахәаԥшуеит аҵарауаа. Ари ас шакәу еиҳа иубартә иҟалеит аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рыла. Ииаӡаауеит аԥсабараҿы уаҳа зеиуа хкы уаҳа хнырҳәышьа амам аԥстәқәа, ииаӡаауа иалагеит абызшәақәа.

Алықьса Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Алықьса Гогәуа: збызшәа ззымдыруа, даҽа бызшәак нагӡаны ҵашьа имаӡам

Аҵарауаа изларҳәо ала, адунеи аҿы иҟоу абызшәақәа рхыԥхьаӡара быжьнызқь рҟынӡа инаӡоит. Иахьа абызшәақәа риаӡаара апроцесс ццакны изламҩаԥысуала, 21-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы урҭ ҩынтә еиҵахар алшоит. Иаҳҳәап, шәышықәса раԥхьа абызшәақәа раныӡаара апроцесс ас ирласны имҩаԥысӡомызт. Абри инамаданы, хымԥада, ицәырҵуеит азҵаарақәа — изыхҟьои абызшәақәа риаӡаара, иалшома иуашәшәыроу ишәарҭоу абызшәа аиқәырхара?

Абызшәақәа раԥхьаӡа акәны риаӡаара иалагеит ҳәа иԥхьаӡоуп агеографиатә аартра дуқәа инадыркны европаа еиуеиԥшым аконтинентқәа рҟны анхара ианалага. Убасҟан иуашәшәыраз имаҷыз абызшәақәа ирылацәажәоз ауаа рхыԥхьаӡара ахьмаҷыз азы, аколонизаторцәа ирырҭоз анырра иахҟьаны ииаӡаауа иалагеит.

Абызшәақәа риаӡаара апроцесс иахьа еиҳа иццакны ииасуеит анаҳҳәо, ари аҭагылазаашьа абас иҟоуп —ахәыҷқәа рбызшәа иалацәажәаӡом, аҭаацәарақәа рҿы ҿыц ииуа ахәыҷқәа рхатәы бызшәала ирацәажәаӡом. Ус ишнеиуа, ажәашықәсақәа рнаҩс арҭ абызшәақәа ԥсуеит. 

Абызшәақәа ироуаз анырра иахҟьаны урҭ риаӡаара аформақәа еиԥшымкәа имҩаԥысуазар алшоит; иҟалоит абызшәа зтәу ауаа рхаҭақәа анықәӡаауа, аха лассы-лассы иуԥылоит идуу абызшәа аекономикатә престиж иадҳәалоу имаҷу абызшәа аныԥсуа. Аекономика иадҳәалоу апроцесс, ҳәарада, еиҳа аҽынкыланы имҩаԥысуеит, аха иара уигьы аҵыхәтәаны анырра змоу абызшәақәа рлахьынҵа алахьынҵахоит.

Оқҭаи Ҷкотуа - Sputnik Аҧсны
Оқҭаи Ҷкотуа: ҳара ҳхыԥхьаӡара егьа имаҷзаргьы, уи абызшәа ашәарҭара иҭанаргылаӡом

Абарҭ апроцессқәа ҭызҵаауа аҵарауаа ргәаанагарала, абызшәа зтәу, иныҟәызго ауаа рыҧсихикаҿы  аматериалтә ҭагылазаашьа бзиа  - ахатәы бызшәа азымдырра иадҳәалоуп. Иеиҳа иеицәоу аматериалтә ҭагылазаашьа – ахатәы бызшәа адырра иадҳәалоуп.

Даҽакала иаҳҳәозар,  урҭ ирбоит ауаажәларра ду, ажәлар ду  ирылаҵәаз ауаа, ганкахьала, рматериалтә ҭагылазаашьа акырӡа ишеиӷьу, аха даҽаганкахьала, урҭ рхатәы бызшәа шырхашҭыз. Абри гәаҭаны, аҭаацәа, џьоукы идырны, егьырҭ – иазымхәыцӡакәагьы, мдыррала актәи алырхуеит – урҭ рхәыҷқәа рыԥсҭазаара акырӡа иеиӷьхоит ҳәа ирыԥхьаӡоит рхатәы бызшәа рзымдыруазар, аха иаҳҳәап, англыз бызшәа, аурыс бызшәа, аиспан бызшәа уҳәа егьырҭ абызшәақәа рдыруазар. Ишыжәбо еиԥш, ахатәы ҳәынҭқарра амазаарагьы гарантиаӡам абызшәа аиқәырхара азыҳәа.   

Ари афактор даара амч ӷәӷәоуп; ҳара ҳауаажәларраҿгьы аҭыԥ шамоу аӡәгьы изы имаӡаӡам. Ари, аԥсуа бызшәа еиҵахозар, еиҵазырхо афакторқәа ируакуп ҳәа сгәы иаанагоит. 

Иҟоуп даҽа механизмк. Уахь иаҵанакуеит амассатә информациа ахархәагақәа, ателехәаҧшра. Тәым бызшәала имҩаԥысуа ателехәаԥшра апрограммақәа ахатәы бызшәа аиқәырхара акәымкәа, аиаӡаара ашҟа изго факторны иахәаԥшуеит; иеилкаауп, уи иаҵанакуа аинформациатә дунеи амҽхаки массала ауаа радԥхьалараҿы иамоу амчи ртәы.  

Хыхь иазгәаҭоу абызшәа аныӡаара, аԥсра зыхҟьо афакторқәа, ишәыжәдыруеиԥш, ҳаргьы ҳхатәы бызшәа аиқәырхара, аҿиара иаԥырхагоу ируакқәоуп. Абри аганахьала, ҳхатәы бызшәа иаиуа анырра ибзиаӡаны иаҳәоит ахатәы телехәаԥшреиԥш, ҳҳәынҭқарратә телехәаԥшрагьы амаҵ азызуа, анапхгаҩцәа инадыркны ажурналистцәа рҟынӡа ирыду аҭакԥхықәра ахьынӡаҳараку.  

Абызшәа Азакәан 16 ахәҭаҷ ала, Аԥсны аҳәынҭқарраҿы амассатә информациатә хархәагақәа рхы иадырхәо абызшәа, раԥхьа иргыланы, ҳәынҭқарратә бызшәазароуп, ихадоу бызшәазароуп. Ишдыру еиԥш, ателехәаԥшраҿы адырраҭарақәа хыџьара ишаны ҩ-хәҭак ҳәынҭқарратә бызшәала имҩаԥысуазароуп.

Аха абра абызшәа азакәан аилагара ҵаҵӷәыс иамоуп аԥсышәала ицәажәо ауаа рмаҷра, разымхара. Абри аан ишыҟазаалак ҳәа, лассы-лассы ихәанчоу, абызшәатә нормақәа иеилаганы ахәархәара змоу абызшәа, уи аиқәырхара иахьынӡацхраауа аҳәара уадаҩуп.

Срнер Гогәуа. - Sputnik Аҧсны
Сонер Гогәуа: абызшәа ззымдыруа, изҵарц агәаҳәара зҭаху, хымԥада иҵоит

Аҳәынҭқарратә телехәаԥшра ҳәынҭқарратә усбарҭак аҳасабала, абызшәа аиқәырхареи, арҿиареи, ацқьареи ирхылаԥшуазароуп, убри аҟнытә уи апропагандеи, аҳаҭыр ашьҭыхреи хықәкы хаданы иахәаԥшуазароуп. 24 сааҭк иааиԥмырҟьаӡакәа аурыс каналқәа рыла иҳаҳауа аурыс бызшәа ашьҭахь, ҳәарада, иуадаҩхоит аԥсуа бызшәа аиқәырхара.     

Алкаа ҟаҳҵозар, иааркьаҿны – ҳбызшәа иуашәшәыроу, ишәарҭоу абызшәақәа ирыҵанакуеит, раԥхьа иргыланы иалацәажәо рхыԥхьаӡара ахьмаҷу иахҟьаны; аҩбатәи — абызшәа дуқәа – еиҳарак аурыс бызшәа, англыз бызшәа иҟарҵо анырра иахҟьаны; ахҧатәи – економикала еиҳа иӷәӷәоу аҳәынҭқарра абызшәа аҳаҭыр еиҳа иахьыҳараку иахҟьаны. 

Абарҭ алкаақәа рышьҭахь саналагоз иқәыргылаз азҵаара еиҭацәырҵуеит: иалшома нас иуашәшәыроу, ишәарҭоу ҳбызшәа аиқәырхара? 

Америкатәи аҭҵаарадырратә фонд аҿы 20-30 шықәсқәа раҧхьа, иеиуеиҧшым абызшәақәа ныҟәызгоз ауаа дгьылбжьахак аҿы инурхар абызшәақәа реиқәырхара алшо иалымшо гәарҭарц азы аҭҵаарадырратә проектк мҩаҧган. Ари апроект лҵшәадахеит, алҵшәадахара аетикатә ҵаҵӷәын иамазгьы. Илҵшәадахоит, ауаа злацәажәаша абызшәа мчыла ирыдугалар.

Иԥсуеит абызшәа, уи иалацәажәо ауаа ирхадыршҭырц, даҽа бызшәак – иаҳҳәап аурыс бызшәа, англыз бызшәахьы ииасырц рыӡбазар. Амилаҭ рхала иӡбаны иалырхыроуп ирҭаху, — рхатәы бызшәа акәу, атәым бызшәа акәу, иеилкааны иазнеироуп хеиқәырхага мҩасы иҟоу. 

Абри аан иаҳхаҳмыршҭлароуп абызшәа аиқәырхарала, уи апозициа арӷәӷәаларала иара збызшәоу аҳәынҭқарра апозициагьы арӷәӷәара шалшо.    

Ажәабжьқәа зегьы
0