Аԥснытәи авискии акальвадоси

© Sputnik / Илона ХварцкияПицундатәи аҩызауад "Напитки Абхазии и Ко"
Пицундатәи аҩызауад Напитки Абхазии и Ко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пицундатәи аҩызауад "Напитки Абхазии и Ко" аргылара иалагеит 2009 шықәса рзы, урыстәылатәии аԥснытәии абизнесуаа рфинанстә лагалақәа рыла. Sputnik акорреспондент Бадри Есиава даҭааны ибеит аӡахәаҭрақәа, анаплакы.

Анаплакы "Напитки Абхазии и Ко" иахьаҵанакуа аус руеит ацехқәа фба: ашампанҩы, ауараш, аӡыхаа, аминерал ӡқәа, аҩы рыҟаҵарҭақәа. Азауад адиректор аекономиказы ихаҭыԥуаҩ Владимир Пересниченко иажәақәа рыла раԥхьатәи аалыҵ ҭыҵит 2011 шықәса рзы. Анаплакы макьанагьы инагӡаны аус ауам. Уи зыхҟьо аҭиратә џьармыкьақәа разымхароуп.

"Ҳара ҳзауад иалшоит аҽа убриаҟара аалыҵ аҭыжьра. Ҳара иҳалшоит шықәсык аҩныҵҟа х-миллионк рҟынӡа ԥаҭлыка ашампан ҩы ҭҳажьырц. Иахьазы иҭҳажьуа 30% рҟынӡоуп", — иҳәеит Пересниченко. Анаплакы аалыҵ експорт ҳасабла ирышьҭуеит Урыстәыла, Латвиа, Донецк, Луганск. Владимир агәра игоит азауад иҵегьы аҿиара аиураны ишыҟоу. 2016 шықәса рзы Урыстәылатәи афедерациахь аҭирақәа рхышәа-ҵышәа наӡеит 600 000 ԥаҭлыка аҩи 200 000 ԥаҭлыка ачача "Ачареи" раҟара.

Пицундатәи азауад Напитки Абхазии и Ко. - Sputnik Аҧсны
Пицундантәи "Аԥсҳа" даҳзаауеит

Аҩныҵҟатәи аџьырмыкьа акәзар, ашықәс азы ирҭиуеит 250 000 ԥаҭлыка ашампанҩи 500 000 ԥаҭлыка аҩи. Пересниченко иажәақәа рыла асеиԥш имаҷны ареспубликаҟны раалыҵ аҭира зыхҟьо ауааԥсыра рмаҷреи акыр шықәса аԥснытәи аџьармыкьаҟны заалыҵ аҭыԥ ӷәӷәаны иааннакыло егьырҭ анаплакқәеи дареи реиндаҭлароуп.

Аԥсны аполитикатә статусгьы пицундатәи анаплакы алшара зегьы ахы иархәаны аҳәаанырцәтәи аџьармыкьқәа рахь анеира аруадаҩуеит, ҳәа игәы иаанагоит Владимир. Ус шакәугьы анаплакы есышықәса жәларбжьаратәи

ааглыхратә цәыргақәҵақәеи адигустациатә конкурсқәеи. Аекономикатә форумқәеи ирылахәуп.

"Ҵыԥх ҳара ҳалахәын адигустациатә конкурсқәа зцыз ацәыргақәҵақәа ҩба". Минск ақалақь аҟны ҳҩы еиқәаҵәа "Нарҭ" гран-при анашьахеит. Алма-ата ақалақь аҟны аалыҵ ахаҭабзиаразы амедалқәа жәпакы ҳанашьахеит. Аха ҳара макьана уахьтәи аџьармыкьахь ҳазнеиуам, Аԥсны ахьазхаҵам иахҟьаны", — иҳәоит Пересниченко.

Азауад анапхгара макьаназы ирыздыруам ари аҭагылазаашьа ишаиааиша.

Аексклиузивтә шампанҩи аелитатә ҩқәеи рҭыжьразы аргылара иаҿуп ацех. Уи азауад аҩныҵҟа иҟоу азауад ҳәа азуҳәартә иҟалоит.

"Ҳара ҳцех аҟны иазыԥхьагәаҭоу аелитатә ҩқәеи иаабац аҩаалыҵи рҭыжьра. Аматериал урҭ рзгьы арҭ рзгьы иҳауеит. Аҩы шкәакәақәа 14-16 градус иахьыҟоу ичлароуп, аҩеиқәаҵәазы 22-26 градус иҟазароуп. Абри ацех аҟны аус руеит 15-ҩык аусуцәа", — иҳәоит азауад аҩыҟаҵаҩ хада Витали Григориш.

Витали Григориш ҳнеиԥхьоит аелитатә ҩқәа рыҵәахырҭахь. Ҳара уахь ҳаннеиз ара иҟан 22, 5 декалитра зкуа 474 уалыр. Арҭ аҩқәа ҩышықәса инеиҳаны ирхыҵуеит.

Аиҳарак ара иҭрыжьуа мерло, каберне-совиньон роуп. 2016 шықәса рзы шираз асорт аҭыжьра иалагеит. Уи аҭыԥантәи аҩы абзиабаҩцәа даара иргәаԥхоит.

Владимира Пересниченко иажәақәа рыла аелитатә ҩқәа рсериа ркьаҿуп 20 000 ԥаҭлыка рҟынӡа. Уажәы аресторанқәа рҟынтәи азаказқәа ҳзыҟарҵахьеит, иҳәоит иара. Аҩыҟаҵара атехнологиа рацәак иацәыхарам аристократцәа бзиа ирбо ашампан ҩы аҟаҵара атехнологиагьы. Амала ашампан ҩы – шампан ҩыҵәҟьаны иршьоит ажь Франциа, апровинциа

Шампань ирааӡазаз иалхзар, егьырҭ аҩқәа ихәмаруа аҩқәа ҳәа ирышьҭоуп ҳәа азгәеиҭоит Пересниченко.

Азауад, абар мызқәак ҵуеит "ихәмаруа аҩқәа" аексклиузив шампан ҩы ҳәа рыҟаҵаразы аҽыԥнашәоижьҭеи. Аԥаҭлыкақәа апиупетрқәа рҟны рхы ларханы иқәыргылоуп, аамҭа-аамҭала урҭ градуск-градуск идырнаауеит. "Асеиԥш аҩы ашампантәра мҩаԥысуеит иара аԥаҭлыка аҩныҵҟа. Апроцедура хышықәса рҟынӡа уадхалар ауеит. Асеиԥш иҟоу ашампан ҩы ахыԥхьаӡара маҷхашт, аха ахаҭабзиара акыр иҳаракхароуп", — иҳәоит Владимир.

Пицундатәи аҩызауад иахьазы иҭнажьуеит аҩ-хкқәа фба: ашкәакәа, аиқәаҵәа, аҟаԥшь, бриут, изабеллатә, амускаттә.

Ҩыҵәахырҭа залк аҟынтәи ҳара ҳнанагоит аҽа залк ахь. Уа, атехнолог Алхас Гыцба иаҳзааиртуеит амаӡақәа.

"Исҭахуп шәхала еилышәкаарц арыжәтә злыху. Агьама жәбаанӡа афҩы гәашәҭ, аԥшшәы шәахәаԥш. Ишәҳәозеи?", — дҵаауеит Алхас.

Изҵаара аҭакс иҟаҳҵоз акыр дарлахҿыхуан. Ҳаргьы иаҳгәалаҳаршәеит ажь, афеихо, акиви, атама, аџьықәреи зҳәазгьы дыҟоуп. Уаҳа иаҳҳәара аныҟамла аамҭазы Sputnik абильд-редактор Илона инақәлыршәеит: "аҵәа". Иџьоушьаша уи арыжәтә агьамагьы лымбацызт.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аҩӡба: Владимир Ачба аԥсуаҩы абрендқәа равторцәа драԥхьатәин

"Ари Франциа ижәытәтәиу, ирылаҵәан иҟоу кальвадос ауп", — иҳәеит атехнолог дгәырӷьаҵәа.

Абри ашьҭахь, Алхас аҽа уалырк ҳнадиԥхьалеит.

Уажәы ҳбокалқәа ирҭахәмаруаз арыжәтә уаанӡатәи аасҭа еиқәаран, агьамагьы еиҳа иаауцралон. "Раԥхьатәи аԥсуа виски", — агәадура ихаҿы иқәыԥшуа иҳәоит Владимир Пересниченко.

Ависки ҭаҭәоижьҭеи ԥшьышықәса ҵуеит, ахархәаҩцәа рахь инагахоит аҽа ҩбаҟа шықәса рышьҭахь. Фышықәса игылазароуп ишәырцаз. Усҟантәи аамҭазы ахьӡгьы азыԥшаахоит.

Пицундатәи аҩызауад аргылара ианалага инаркны ирылагеит аӡахәаҭрақәагьы раарыхра. 100 гектарк иахьрыҵаркуа ирызҳауеит: Каберне Совиньон, Каберне Фран, Мерло, Кариниан. 50 гектар иахьаҵанакуа аҩбатәи аӡахәаҭраҟны ирызҳауеит: Совиньон Блан, Вердехо, Вионье, Мускат ҳәа еиҭеиҳәоит анаплакы агроном хада Фома Чобану. "Арҭ аӡахәаҭрақәа аԥаҳҵеит 2010-2013 шықәсқәа рзы. Шықәсык ала ара иалшоит зқьи бжаки нызқь тонна ажь", — иҳәоит Чабану.

Иахьа пицундатәи азауад аӡахәаҭрақәа рҟны аус руеит 25 – 30-ҩык аусуцәа. Аха аҭыԥантәиқәа ҳәа аӡәгьы дыҟам. Аҭыԥантәиқәа ари аҩыза аус хьанҭоуп ҳәа иршьоит.

Ажь радқәа шәметрак рҟынӡа аурақәа рымоуп. Ашықәс азы радк иаанашьҭуеит 14 тонна рҟынӡа аалыҵ. Ажь бжьаратәла 25 шықәса инеиуеит. Аӡахәаҭрақәа шьаҭаҳаркаанӡа Франциантәи азанааҭуаа ааԥхьан. Урҭ адгьыл анализ азыҟарҵеит. Урҭ рыҭҵаарақәа инарықәыршәан ауп ажьқәа рсортқәагьы шеиҭаҳаз иҳәоит агроном хада анаплакы иамоу алшарақәа агәахәара ширҭо иныԥшуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0