АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. VII Урыстәыла-Аԥснытәи аусутә форум "От стратегии к истории успеха" алахәылацәа Очамчыра араион иаҭааит, инеиит аинвестициатә программа аԥаразоужьрала иаарту ашәыр аус адуларҭа ҿыц "Абхазские сады" аартрахь.
Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Цыбульски азауад аартраан апроект аҵак ду амоуп, аԥеиԥшгьы амоуп иҳәеит.
"Азауад аартра иалнаршоит аусурҭа ҭыԥқәа 20 рҟынӡа рыҟалара. Уи адагьы уажәшьҭа ааигәа-сигәа иҟоу анхамҩақәа ирылшоит ашәыр аарыхра. Урҭ раалыҵ арахь иааргалоит аҭиразы", — иҳәеит Цыбульски.
Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц иазгәеиҭеит Аԥсны иҭрыжьуа аалыҵ атәыла анҭыҵ ишазыԥшу, избанзар иара екологиала ицқьоуп ҳәа.
Ашәыр аархәалоит аҭыԥантәи ауааԥсыра рҟынтә. Иазыԥхьагәаҭоуп шықәсык ала 3 миллион банка аҭыжьра. Аалыҵ 90% Урыстәылаҟа експорт ҳасабла ирышьҭлоит, иаанхо 10% атәыла аҩныҵҟа ирҭиуеит.
Аџьем ҟаҵоуп Мичуринтәи аграртә институт акафедра адоцент, атехнолог Вера Винницкаиа лтехнологиала.
"Аԥснытәи ашәыр ирацәаҩны ирдыруеит, аха дара реиҳарак сезонтәқәоуп. Иахьатәи аалыҵ ҩышықәсанӡа аҵәахра алшоит. Ианакәызаалак иахьакәызаалак аҭира ауеит", — лҳәеит атехнолог.
Ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адулареи аџьемқәа рҭыжьреи аидеиа цәырҵит хәышықәса раԥхьа. Ара аус руеит 20-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра, урҭ рыгәҭа иҟоуп ААУ астудентцәа — ԥхьаҟазы итехнологцәахаша.