Ҭарба: Аԥсныи Урыстәылеи аус маншәаланы еицыруеит

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбыжьбатәи Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит астол гьежь
Абыжьбатәи Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит астол гьежь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абыжьбатәи Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит астол гьежь: "Основные направления развития экспортоорентированного сельского хозяйства Республики Абхазия в контексте сотрудничества с Российской Федерацией".

АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абыжьбатәи Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит астол гьежь: "Основные направления развития экспортоорентированного сельского хозяйства Республики Абхазия в контексте сотрудничества с Российской Федерацией". Астол гьежь аҟны ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба иҳәеит, Аԥсныи Урыстәылеи русеицура хра аманы ишыҟоу.

"Аусеицура иалҵшәоуп Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара акомплекстә план. Уи инақәыршәаны еиҭаҳауп 1345 гектар ашәырбаҳчақәа", — иҳәеит аминистр.

Иахьазы арҭ ашәырбаҳчақәа аҽаҩра иҳарҭо аекспорт иушьҭыртә иҟоуп.

"Иара убасгьы иаахәоуп ацха афасовка азызуа атара. Очамчыра араион аҟны аргылара хдыркәшоит ацха адкыларазы азауад хәыҷы. Уи аусура иалагоит ашықәс нҵәаанӡа", — иҳәеит Ҭарба.

Минсельхоз аихшьаалақәа рыла ҩышықәса рыҩныҵҟа азауад аҟны зықьтонна рҟынӡа ацха аҟаҵара алшоит.

Даур Ҭарба далацәажәеит ақыҭанхамҩаҿы Аԥсныи Урыстәылеи реиныраа еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны.

Аԥснытәи аҩқәа европатәиқәа ирацлабыр алшоит - Sputnik Аҧсны
Цыбульски: аԥснытәи аҩқәа европатәиқәа ирацлабыр алшоит

Аџьармыкьа аекспертцәа Урыстәылатәи рассоциациа аусбарҭа ахантәаҩы Андреи Карпов иҳәеит адунеи аҟны ишыҟам зхала зхы ныҟәызго, фатәыла зҽеиқәзыршәо тәылак.

"Ус акә егьыс акә афатә атәылахь иааргоит. Атәыла заҟа ибеиоу аҟара ирацәоуп хкыла иараҟны ирҭиуа аалыҵ. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Урыстәыла аганахьала иалагалоу аекономикатә санкциақәа аҭыԥантәи ааглыхразы ихәарҭаны иҟалеит. Аҭыԥантәи аалыҵ еиҳа ирацәахеит, аҳәаанырцәтәи аалыҵ аԥсахуа иҟалеит", — иҳәеит Карпов.

Аԥсны Апарламент уаанӡатәи аиҳабы Нугзар Ашәба инаҵшьны иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы ақыҭанхамҩа аусхкқәак реизҳара шыҟоу.

"Аха убри аан аусуратә маџьанара ыҟоуп. Аԥсны иҟоуп апроблемақәа ҩба: Аусурҭа абаҟоу? Аус зуада? Иара убасгьы ауадаҩра аҵоуп акредитқәа роура. Иаҳҳәап ацитрусқәа аасрыхуазар, урҭ инагӡаны аҽаҩра аарышьҭуеит аашықәса рышьҭахь, арахь акредит ашықәсан 18 процент артәоит, иҟоуп ианеиҳаугьы. Ари усым, ицхыраарам", — иҳәоит Ашәба.

Астол гьежь аҟны ирылацәажәан ақыҭанхамҩа аусхкқәа зегьы ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.

Ажәабжьқәа зегьы
0