Цыбульски: аԥснытәи аҩқәа европатәиқәа ирацлабыр алшоит

© Sputnik Илона Хварцкия / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥснытәи аҩқәа европатәиқәа ирацлабыр алшоит
Аԥснытәи аҩқәа европатәиқәа ирацлабыр алшоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
VII Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум "От стратегии к истории успеха" аатит Аҟәа, абҵара 15 рзы. Афорум алахәылацәа Аҟәатәи аҩызауад иаҭааит.

АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik. Анжелика Бениаԥҳа. VII Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум "От стратегии к истории успеха" аатит Аҟәа, абҵара 15 рзы. Афорум алахәылацәа Аҟәатәи аҩызауад иаҭааит.

Аԥснытәи аҩқәа шықәсы цыԥхьаӡа еиҳҳа-еиҳа еиӷьхоит, рхаҭабзиарала европатәи аҩқәа иаарываҟәало иҟаларц егь агым иҳәеит Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Цыбульски, аҟәатәи аҩызауад "Вина и воды Абхазии" даҭаан даныҟаз.

"Сара аҩы абзиабаҩцәа сышреиуамгьы, агьама рацәак ишысзеилымкаауагьы иахьа ара згьама збаз аҩы иацназго маҷуп. Урыстәыла ибзианы ирдыруеит Аԥснытәи аҩқәа зеиԥшроу, аҳаҭыргьы рықәырҵоит", — иҳәеит Цыбульски.

Афорум алахәылацәа рылала ирбеит аҩыҟаҵара апроцесс. Азауад адиректор Николаи Ачба ажь Мерло иалху аҩы агьама аҭааҩцәа идирбеит. Александр Цыбульски иҳәеит аҟәатәи аҩызауад аҿы раԥхьаӡа акәны дшааиз, иибаз акыр агәахәара шинаҭаз.

"Атехнологиатә ҩаӡара оумашәа иубартә иҟоуп", — иҳәеит иара.

Азауад "Вина и воды Абхазии" еиҭеиҿкаан 2000 шықәса рзы. Иахьа ара иҭрыжьуеит шықәсык ала 22 миллион ԥаҭлыка. Азауад иахатәны иамоуп 350 гектар аӡахәаҭрақәа, аҽа 100 гектарк иҿыцны ихацыркуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0