Аԥсны Урыстәыла Шьамтәылан имҩаԥнаго аполитика иадгылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Урыстәыла Шьамтәылан имҩаԥнаго аполитика иадгылоит
Аԥсны Урыстәыла Шьамтәылан имҩаԥнаго аполитика иадгылоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Шьамтәылан имҩаԥнаго аполитика иадгыло акциа мҩаԥысит Аҟәа ақалақь аҟны.

АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Урыстәылатәи Афедерациа Шьамтәылан имҩаԥнаго аполитика иадгыло акциа мҩаԥысит Аҟәа ақалақь аҟны. Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа Шьамтәыла ашәарҭадаразы имҩаԥнаго аполитика еицҿакрыла иадгылоит иҳәеит аизараҟны дықәгыло Рауль Ҳаџьымба.

"Ҳара ара ҳаизеит шьамтәылатәи ауааԥсыра ҳашрыдгыло дҳарбарц. Атәыла хәҭа-хәҭала еиҟәызшо аибашьра атәыла аҩныҵҟа иҟоу аибарххарақәа рыдагьы изыхҟьо тәылақәак уа имҩаԥырго аполитикоуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Атәыла Ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа атерроризм иаҿагылан ақәԥара напхгара азнауеит абри арегион аҟны, иалшо зегь ҟанаҵоит Шьамтәыла ашьакаҭәара аанкылахарц. Аҭынчра ҟаларц ҳәа. Иара иажәақәа рыла Аԥсны Шьамтәыла имҩаԥысуа зегьы аҽырҭынчны иахәаԥшу аизтәом, избанзар уа инхоит аԥсуа диаспора.

"Ҳара агәҭынчымра ҳнаҭоит ҳџьынџьуаа рҭагылазаашьа. Шьамтәыла агуманитартә кризис ӷәӷәа аныҟаз аамҭаз Аԥсны аԥсуаа аанаԥхьеит. Урҭ иахьа ара иҳаланхоит. Зых иақәиҭу, ихьыԥшым Аԥсны ҳацдыргылоит. Ҳԥеиԥш рԥеиԥшуп", — иҳәеит атәыла Ахада.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев агәра игоит аԥсуа жәлар имҩаԥыргаз адгыларатә акциа иара Аԥсназгьы аҵак ду аманы иҟоуп ҳәа.

"Иахьатәи ҳаиԥылара арыцҳара иҭагылоу шьамтәылатәи ажәлар амч рызҭо акциоуп. Аиҳаракгьы уи – дара шьала-дала ирзааигәоу аԥсуа жәлар иахьымҩаԥырго азы.иахьатәи амитинг аурыс жәлар рзгьы аҵакы аманы

иҟоуп, избанзар шәара урҭ идшәырбеит аҿырԥшаҿы шәажәеи шәуси шеиқәшәо. Аҵак ду амоуп Аԥсназгьы, избанзар иахьатәи аизарала шәара адунеи иашәырбеит шәхатә гәаанагара шшәымоу", — иҳәеит иара.

Григориев иҳәеит агәрагара шимоу адунеи аҟны аҭынчреи аиҩызареи рполитика аиааира агап ҳәа.

Рауль Ҳаџьымба иқәгылараан иҳәеит Аԥсны ауаажәлар ишазхарҵо Урыстәыла жәларбжьаратәи атерроризм иаҿагылан ақәԥараҿы изаамҭанытәиу иалшои ҟанаҵоит ҳәа.

Аԥсны аҭынчра иазгәышьуа тәылоуп, жәларбжьаратәи аполитикаҟны аиҩызареи аиҟарареи рпринципқәа ирықәныҟәарц аҭахуп ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Шьамтәыла ауааԥсыреи Урыстәылатәи Афедерациа имҩаԥнаго аполитикеи рыдгылара иазырхаз акциа еиҿнакааит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы.

Акциа рҽаладырхәит ареспублика анапхгара, ауаажәларра.

Ажәабжьқәа зегьы
0