00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Инструкция по применению
14:57
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Воронов игәалашәара иазку афотоцәыргақәҵа мҩаԥысит

© Sputnik Томас ТхайцукВоронов игәалашәара иазку афотоцәыргақәҵа мҩаԥысит
Воронов игәалашәара иазку афотоцәыргақәҵа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵарауаҩ, аполитик Иури Воронов иԥсҭазаара атәы зҳәо афотоцәыргақәҵа мҩаԥган Аԥсны амилаҭтә библиотекаҟны.

АҞӘА, абҵара 23 — Sputnik. Абҵара 23 рзы аҵарауаҩ, аполитик Иури Воронов иԥсҭазаара атәы зҳәо афотоцәыргақәҵа мҩаԥган Аԥсны амилаҭтә библиотекаҟны.

Ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа ирыгәҭакын иаадырԥшырц аҵарауаҩ иԥсҭазаара ахы-аҵыхәа ныҭкааны.

Воронов изкыу аԥхьарақәа иахьа имҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҭоурыхтә факультет аҿы - Sputnik Аҧсны
Аҭоурыхҭҵааҩ: Воронов аибашьраан иҟаиҵаз аӡәгьы илымшацт

"Ибзианы исгәалашәоит абри афото анҭыхыз, — лҳәоит аҵарауаҩ иԥҳа Ҭамара Воронова, Иури Воронов Нептун ихаҿсахьа ахьааирԥшуа афото дадгыланы илгәаларшәо. — Сара сахьныҟәоз ахәыҷ баҳчаҟны саб иарҳәеит Нептун ироль неигӡарц. Мап изымкит. Абас аҵарауаҩ ду ахәыҷқәа рнапы ианкны ирхәмаруан, дрыцкәашон, дрыцшәаҳәон"

Иури Воронов иԥшәмаԥҳәыс Светлана Воронова хьаас илыман азал афотосахьақәа зегьы ахьазымкыз.

"Аҭыԥ рмоуит Сергеи Бабурин, Сергеи Багаԥшь уҳәа ирыцҭихыз апатреҭқәа", — лҳәеит лара.

Ацәыргақәҵа иаҭааз Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Наҭелла Акаԥҳа илгәалалыршәон 90-тәи ашықәсқәа раан Иури Воронови лареи русеицура.

"Сара сзы Иури Воронов раԥхьа иргыланы дполитикуп. Иареи сареи Апарламент актәи ааԥхьара ҳадепутатцәан. Уа сара ибзианы избарҭан Аԥсны аинтересқәа шихьчоз. Шәара зқәымыз уаҩԥсын. Ақырҭцәа иаартынгьы иқәмақаруан, аха иара аиаша дадгылан дцәажәон", — лҳәоит Акаԥҳа.

Аконференциа алахәыла Михаил Казански еиҭеиҳәеит, москватәи иколлегацәеи иареи ишыргәиҭо Иури Воронов исаламшәҟәқәа ркьыԥхьра.

Воронов изкыз асеминар Ҵабал имҩаԥысит

Ацәыргақәҵа даҭааит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбагьы.

"Воронов – иуникалу уаҩԥсын. Динтеллигентын. Аԥсуа жәлар ринтересқәа зыхьчоз политикын. Иԥсҭазаара зегьы уи иазкын, аха даҳзымыхьчеит", — иҳәеит иара.

Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит абҵарамза нҵәаанӡа. Ацәыргақәҵа ашьҭахь афотосахьақәа зегьы Амилаҭтә библиотека ҳамҭас иаҭахоит.

Иури Воронов диит Аԥсны, Ҵабал иахьаҵанакуаз лаҵарамза 8 1941 шықәса рзы. 1965 шықәса рзы Ленинградтәи ауниверситет далгоит.

1971 шықәсазы – аҭоурых наукақәа ркандидат, 1985 шықәса рзы – аҭоурых наукақәа рдоктор. 1990-1995 шш. рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу асовет адепутат, 1994 — 1995 Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ.

Дҭадырхеит 1995 шықәса цәыббрамзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0